Аԥсны

Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Шамба иаԥхьарақәа" аатит Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы иаатит "Амилаҭтә зинтә системақәеи ҳаамҭазтәи адунеитә еиҿкаареи" ҳәа хьӡыс измоу II Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Шамба иаԥхьарақәа".
"Тарас Мирон-иԥа, "жәлар рпрезидент" ҳәа изышьҭаз, ҳажәлар рыԥсҭазаараҿы ишьҭа дуӡӡа аанижьит", – ҳәа азгәеиҭеит ААУ аректор Алеко Гәарамиа.
Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа Тарас Шамба иҭҵаарадырратә усура аҭҵаареи ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы илагалеи ирызку ажәахәқәа ҟарҵоит.
Ауснагӡатә Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс еиҿнакааит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи, Москватәи аԥсуа диаспореи рыцхыраарала.
Тарас Шамба — аҳәынҭқарреи, адемократиеи, азакәандырреи, азинеиҿкаареи, амилаҭ-ҳәынҭқарра ашьақәгылареи ирызку 300 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа дравторуп, СССР жәлар рдепутатс дыҟан. Ианашьан "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара. Иԥсҭазаара далҵит 2020 шықәсазы.
Аԥсны
"Жәлар рпрезидент" игәаларшәара: Тарас Шамба 85 шықәса ихыҵуазаарын