https://sputnik-abkhazia.info/20241002/zhlarbzharati-aaaradyrra-praktikat-konferentsia-shamba-iakharaa-aatit-aa-1052461343.html
Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Шамба иаԥхьарақәа" аатит Аҟәа
Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Шамба иаԥхьарақәа" аатит Аҟәа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы иаатит "Амилаҭтә зинтә системақәеи ҳаамҭазтәи адунеитә еиҿкаареи" ҳәа хьӡыс измоу II... 02.10.2024, Sputnik Аҧсны
2024-10-02T13:00+0300
2024-10-02T13:00+0300
2024-10-02T20:02+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0a/02/1052456619_0:87:980:638_1920x0_80_0_0_1b2924f2f746a19489658e68c25c1c5f.jpg
АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы иаатит "Амилаҭтә зинтә системақәеи ҳаамҭазтәи адунеитә еиҿкаареи" ҳәа хьӡыс измоу II Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Шамба иаԥхьарақәа".Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа Тарас Шамба иҭҵаарадырратә усура аҭҵаареи ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы илагалеи ирызку ажәахәқәа ҟарҵоит.Ауснагӡатә Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс еиҿнакааит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи, Москватәи аԥсуа диаспореи рыцхыраарала.Тарас Шамба — аҳәынҭқарреи, адемократиеи, азакәандырреи, азинеиҿкаареи, амилаҭ-ҳәынҭқарра ашьақәгылареи ирызку 300 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа дравторуп, СССР жәлар рдепутатс дыҟан. Ианашьан "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара. Иԥсҭазаара далҵит 2020 шықәсазы.
https://sputnik-abkhazia.info/20230729/1047223207.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0a/02/1052456619_5:0:973:726_1920x0_80_0_0_3410ff9d3b78af36b81be9d2aedfbfa7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Шамба иаԥхьарақәа" аатит Аҟәа
13:00 02.10.2024 (ирҿыцуп: 20:02 02.10.2024) АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы иаатит "Амилаҭтә зинтә системақәеи ҳаамҭазтәи адунеитә еиҿкаареи" ҳәа хьӡыс измоу II Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Шамба иаԥхьарақәа".
"Тарас Мирон-иԥа, "жәлар рпрезидент" ҳәа изышьҭаз, ҳажәлар рыԥсҭазаараҿы ишьҭа дуӡӡа аанижьит", – ҳәа азгәеиҭеит ААУ аректор Алеко Гәарамиа.
Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа Тарас Шамба иҭҵаарадырратә усура аҭҵаареи ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы илагалеи ирызку ажәахәқәа ҟарҵоит.
Ауснагӡатә Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс еиҿнакааит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи, Москватәи аԥсуа диаспореи рыцхыраарала.
Тарас Шамба — аҳәынҭқарреи, адемократиеи, азакәандырреи, азинеиҿкаареи, амилаҭ-ҳәынҭқарра ашьақәгылареи ирызку 300 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа дравторуп, СССР жәлар рдепутатс дыҟан. Ианашьан "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара. Иԥсҭазаара далҵит 2020 шықәсазы.