Аԥсны

"Аибашьцәа фатәыла еиқәыршәатәын": Владимир Гыцба игәалашәарақәа

Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ианалага, адырҩаҽны аӷацәа Гагра араион рнапахьы иааргеит. Аԥсуаа арратә штаб Бзыԥҭа ишьақәдыргылеит. Уи анапхгараҭаратә еилазаара тәан аҳабла ахадара ахыбраҟны, аибашьцәа ракәзар, рышьҭалареи рыкрыфареи еиҿкаан аԥсуа школ аҿы. Ари аштаб иаднакылеит Нхыҵ-Кавказынтәи иааз ахатәгәаԥхаҩцәагьы. Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа фатәыла реиқәыршәараҿы ааԥсара ду ҟазҵаз, усҟантәи аамҭазы "Бзыԥҭатәи архьшәашәага" еиҳабыс иахагылаз Владимир Борис-иԥа Гыцба игәалашәарақәа ирызкуп ари анҵамҭа
Владимир Борис-иԥа Гыцба, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра иалагаанӡа акыр шықәса аԥхьагьы амаҵурақәа ныҟәигахьан. Жәашықәса аус иухьан "Акурорторг" аҟны аҳасабеилыргаҩ хадас. "Бзыԥҭатәи архьшәашәага" ахәбатәи ашықәс дахагыланаҵы ауп аибашьрагьы шалаго. Аԥхынтәи аамҭа иалагӡаны ԥшьнызқь тонна зкуаз архьшәашәагақәа фатәыла идырҭәхьан. Владимир Борис-иԥа хаҭала Урыстәылеи, Украинеи дцаны акәаци ахшхарҵә аалыҵқәеи тоннала иааигон.
"Аибашьра аламҭалазы, аԥхынра иалагӡаны ҳархьшәашәагақәа ҳарҭәит. Ҳара фатәыла еиқәҳаршәон Аԥснытәи аԥсшьарҭа ҩнқәа жәпакы. Қарҭынтәи иаанаҳзаауазгьы ыҟан. Знызаҵәыкгьы ҳаиҵамхаӡацызт. Аԥсны аӷа данақәла, Бзыԥҭа еиҿкаахеит арратә штаб. Араҟа зҽеидызкылаз аибашьцәа хымԥада фатәыла еиқәыршәатәын, дара рнаҩсгьы Гәымсҭатәи афронт ахь ишьҭтәын. Ҳаԥсадгьыл аҟазаареи аҟамзаареи аамҭа ианҭагыла, сзызҵаауадаз. Аҭакԥхықәра схьахьы иганы, атыл напхгара азҭоз Артур Канџьариа хкы-хкыла еихшаны исҭон", - еиҭеиҳәоит Владимир Гыцба.
"Бзыԥҭатәи архьшәашәагаҿы" аус зуаз аԥсуа ҷкәынцәа абџьар иаҵагыларц рыӡбеит. Аха реиҳабы дрыҳәеит араагьы амаҵура шныҟәгатәу, ихала зегь изааныжьны ицар, ишилымшо аруаа афатә рызшара.
"Арратә комиссариат аҿы снеины адырра рысҭеит, хәҩык аҷкәынцәа макьана архьшәашәагаҿы ишысҭаху. Сыспециалистцәа Иури Сыҷынааи Иури Ҵулукьиеи "аибашьра ҳамцар ҟалом" ҳәа иандәықәла, Жора Ахвледиании, Нодик Шугени, ҩыџьа аерманцәеи сзынхеит. Ажәакала ҳаицхырааны аус иацаҳҵеит. Афатә шара адагьы, ихьчатәын архьшәашәага аҵакырагьы. Аибашьра мышқәак шагыз, Краснодарынтәи жәа-тоннак ҳагрегатқәа аус зларуаз аммиак аазгеит. Уи акәын аиҳарак гәҩарас исымаз. Бзыԥҭа арҭҟәацгақәа аналарыжьуаз, аммиак ахьҭаҵәаху иақәшәазтгьы, аҳабла абжеиҳан ықәнахуан. Сара уи злааныскылагәышьозеи, аха сҭыԥ аҿы саныҟаз еиҳа сгәы ҭынчын", - иажәа иациҵоит Владимир Борис-иԥа.
Арадио
Аветеран Багаҭелиа Гагра ахақәиҭтәразы: раԥхьатәи аиааира ҳгәы шьҭнахит
Владимир Гыцба аибашьра аԥхьа иԥшәмаԥҳәыс лыдунеи лыԥсаххьан. Иара ихала ҩыџьа аԥҳацәа иааӡон. Гагра араион аӷа инапахьы ианааига, аб илиршеит ихәыҷқәа Ленинградҟа игәакьацәа рахь рышьҭра. Уи нахыс уахи-ҽни Бзыԥҭа дыҟан. Акәаци ахшхарҵә аалыҵқәеи рнаҩс, архьшәашәага уи аамҭазы иҭаҵәахын 80 тонна аҵааршәы. Алашара ыцәоны иҟалозар, иаразнак иӡыҭуан азы хара имгакәа аҭыԥ иқәҵатәхеит. Архьшәашәага аусзуҩцәа ицырхрааны штаб аҿы иҟаз аибашьцәеи, Бзыԥҭа иаланхоз ауааи ишаны ирырҭеит.
"Сара "Бзыԥҭатәи архьшәашәагаҿы" ахьчаҩ имаҵурагьы ныҟәызго салагеит. Ҳашьҭаҵарҭақәа руак аҟны иҵәахын абџьари аџьаԥҳани. Аибашьра ахыркәшара мызқәак шагыз ҳафатә нҵәеит, уи ашьҭахь абџьаргьы анырга, араҟа уахи-ҽни аҟазаара ҵакыдахан, Гаграҟа иаахьаз схәыҷқәа рахь сцеит. Аха зегь акоуп ҽынла ҳусурҭа ҭыԥ снықәԥшны саауан", - ҳәа азгәеиҭоит сажәабжьҳәаҩ.
Аԥсны
"Ҳхатә хьаақәа ҳхаршҭны Аиааира ҳаигәырӷьон": Валери Орчыҟәба игәалашәарақәа
Аиааира амш цәаныррала еибарку мшуп Владимир Борис-иԥа изы. Иара инырит аԥсуа интересқәа анырхәаҽуаз аамҭақәа. Владимири, Аԥсны еицырдыруа иашьеиҳабы Гыц Асԥеи амилаҭ хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" активистцәа иреиуан. Ақырҭуа политика дахьаҿагылоз азы Гыц Асԥа Қарҭ аҭакрагьы иқәырҵахьан. Абарҭ ахҭысқәа рыгәҭа иҟаз Владимир, аибашьра ианалагагьы уамашәа имбеит, иара уи аԥхьаҟагьы ицәа иалашәахьан аҩ-милаҭк реизыҟазаашьақәа ҽеи шалымҵуаз.
Аибашьра ашьҭахь, Владимир Гыцба акыр шықәса Гагра араион Ахадара афинанстә ҟәша напхгара аиҭон. Иахьа тәанчара дыҟоуп. Абду истатус ныҟәигоит.
Аԥсны
"Аԥсуа цәа зхаз зегьы рцәымӷын": Белла Барцыцԥҳа аибашьра ашықәсқәа рызтәи лгәалашәарақәа