Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аветеран Багаҭелиа Гагра ахақәиҭтәразы: раԥхьатәи аиааира ҳгәы шьҭнахит

Аветеран Багаҭелиа Гагра ахақәиҭтәразы: раԥхьатәи аиааира ҳгәы шьҭнахит
Анапаҵаҩра
32 шықәса раԥхьа Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ралцаразы аибашьра цон. Ажәылара иалагеит жьҭаара 2 ашамҭазы, иагьхыркәшан жьҭаара 6 рзы, Аԥсны Мраҭашәаратәи аҳәааҟны аԥсуа бираҟ анышьҭыхха. Амацәаз иҭакыз Гагра аӷацәа ралцаразы ишьақәыргылан ақалақьи иааизакны араиони рхы рақәиҭтәразы ажәыларатә план. Уи еиҿыркааит усҟан Аԥсны Арбџьарымчқәа рыдҵаҟаҵаҩыс иҟаз Владимир Аршбеи, атәылахьчаразы аштаб аиҳабы Султан Сосналиеви, Гагратәи афронт адҵаҟаҵаҩ инапынҵақәа назыгӡоз Сергеи Дбари. Аԥсны аибашьраҟны раԥхьатәи аиааира аагара шалыршахаз арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит Гагра ахақәиҭтәразы ажәылара иалахәыз аибашьра аветеран, Агәымшәаразы амедал занашьоу, Пицундатәи абаталион иалаз Асҭамыр Багаҭелиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0