Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ҳхатә хьаақәа ҳхаршҭны Аиааира ҳаигәырӷьон": Валери Орчыҟәба игәалашәарақәа

© Foto / предоставил Валерий ОрчукбаВалерий Орчукба
Валерий Орчукба - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.10.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра иацыз ахьаа ажәлар еиднакылеит. Зхатә гәырҩа змаз ихы дазымхәыцкәа, ижәлар дрыцӷызуан. Иахьатәи сажәабжьҳәаҩ, ажурналист Валери Орчыҟәба ибзианы игәалашәоит аибашьра цонаҵы еидикылоз, аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз аҵеицәа рҭоурыхқәа. Урҭ рҭаацәа аӡәаӡәала дрыцџьабаны акәын акьыԥхь ахь ишиигоз иаҳауаз зегьы.
Валери Қьрым-иԥа Орчыҟәба шықәсы рацәала аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵҩыс ашколқәа рҟны аус иухьан. 1984 шықәса инаркны, корреспондентс аусура диаргоит, Акоммунисттә партиа Гагратәи араионтә комитет актәи амаӡаныҟәгаҩ Енвер Қапбеи апатриотцәа гәыԥҩыки ирыбзоураны Гагра иҭыҵуаз, Закан Агрба редакторс дызмаз араионтә газеҭ "Авангард" аҟны аԥсуа ҟәша анаадырт. Аредакциахь аусура иаарыԥхьоит Ольга Ԥлиаԥҳа, Белла Барцыцԥҳа, Лиудмила Сергьегьиаԥҳа. Мчыбжьык хынтә иҭыҵуаз агазеҭ, аԥсуа цәаҳәақәа агымхарц азы, уахи-ҽни аматериалқәа реизгара иаҿын. Валери иахьагьы ажурналистика инапы алакыуп. 40 шықәса раахыс зқьыла аматериалқәа акьыԥхь иазирхиахьеит. Аха зегь раасҭа игәаҵанӡа инеиз, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа рҭоурыхқәа роуп.
Анжела Абиджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2024
Аԥсны
"Иуадаҩын, аха сашьцылеит": Анжела Абыџԥҳа агәабзиарачаԥарҭатә центр аҟны лусура иазкны
"Нанҳәа 14 аҽны, 1992 шықәсазы сара Хәасҭа сыҟан. Убра исықәшәаз сдырцәа рыла аибашьра ишалагаз саҳаит. Аиаша ҳҳәозар, ҳара ажурналистцәеи, амилаҭ хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" иалақәази ҳашьцылахьан ақырҭқәеи ҳареи ҳаиҿыхарақәа. Егьараан дареи ҳареи аҿагыларатә акциақәа мҩаԥаагахьан. Ишааиуаз, мҽхакы ҭбаалатәи аидыслара ҟалеит Гагратәи астадион аҟны 1990 шықәсазы. Усҟан Лиудмила Сергьегьиаԥҳаи, Белла Барцыцԥҳаи сареи убра ҳахьырбаз азы, изныкымкәа ақырҭуа чынуаа апрокуратурантәи ауаа ҳзаарышьҭхьан ҳҿахәы ҳҿыхразы. Гагра, акинотеатр аҿаԥхьа, аԥсуа ҷкәынцәа амлашьратә акциа анымҩаԥыргозгьы рааигәара ҳгылан. Абарҭқәа зегьы араионтә газеҭ "Авангард" ианаҳҵон. Иара уигьы зныҭрыс ишаҳҭахыз иауамызт. Аиҭагаҩцәа атекст аҵакы еилкааны, нас акәын азин анҳарҭоз, иҟан мап аныркуазгьы", - аамҭа уадаҩқәа раан аус шыруаз игәалашәоит Валери Орчыҟәба.
Ақырҭқәа иаартны аԥсуа изинқәа зхәаҽуаз аусмҩаԥгатәқәа ирҿын. "Авангард" ианылоз аԥсуа журналистцәа рыстатиақәа ирҿагыланы, рхатәы бызшәала иаҿаԥырҽуан. Аамҭак азы иҭыҵуа иалагеит Ҭоԥуриа зыжәлаз ақырҭуа журналистк иаԥиҵаз ихьыԥшым "Карибҷа" ҳәа аԥсуаа ҳганахь апровокациатә статиақәа знылоз агазеҭ. Уи аҿагылара аҭаразы Жәлар Рфорум "Аидгылара" активист Ҭенгиз Габуниа иаԥшьгарала, "Аԥсуаа рыбжьы", "Взгляд" ҳәа захьӡыз ихьыԥшым ҩ-агазеҭк аҭыжьра ҳалагеит.
"Аԥсуаа ҳҿахәы зҳәоз, Ҭенгиз Габуниа, Арсен Хьециа, сара мызкала зны иҭҳажьуаз агазеҭ Белла Барцыцԥҳа лыҩны ишьҭаҳҵон. Уантәи лашьа Артиом имашьынала ауаа ирылаҳарҵәон", - иҳәоит Валери Орчыҟәба.
Абарҭ ахҭысқәа зегьы шаҳаҭра рзызуаз Валери Орчыҟәба иидыруан, знымзар зны аибашьра ишалагоз, аха абасцәҟьа иаалырҟьаны игәы иаанагомызт ақырҭқәа ҳажәлоит ҳәа.
"Хәасҭантә амҩа санықәла, есааира исылсуа иалагеит исаҳаз ажәабжь хьанҭа. Аҩны санааи, иаразнак сҭаацәа ақалақь ралгара азҵаара сазхәыцуа салагеит. Мышқәак рышьҭахь Дасаниа ҷкәынак иҭаны ақыҭахь исшьҭит. Сара, Бзыԥҭа, аԥсуа школ аҟны еиҿкаааз арратә штаб ахь сааит. Арантәи, Гәдоуҭа ишьақәгылаз апресс-центр ахь ажәабжьқәа еидкыланы изгон", - иусура шаанимыжьыз еиҭеиҳәоит ажурналист.
Гагра араион ахы ианақәиҭха ашьҭахь, Валери Орчыҟәбеи, иҩызцәа ажурналистцәа Бадра Аибеи, Лиудмила Сергьегьиаԥҳаи, уаанӡа ақырҭқәа ателестудиа аартны иахьрымаз, асасааирҭа "Абхазия" хахьӡатәи аихагылаҟны, аусура иалагеит. Ихатә машьынала, хәыда-ԥсада дрыцхраауан Ҭемыр Гыцба. Ақырҭқәа рнапаҵаҟа аус зуаз, аоператор Мызовски даарыдыркылан, аибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа рҭаацәа ирҭаауа иалагеит.
Ирма Сичинава - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2024
Аԥсны
"Ахлымӡаах ала иҭаԥшыз": Ирма Сыҷынааԥҳа лгәалашәарақәа
"Имаҷымкәа архив еидкыланы иҳаман. Усҟантәи аамҭазы акассетақәа ирныз, ихҩылааны ҽаџьара аиагара ҳалшаанӡа, Мызовски иҽӡаны Аԥсны далҵит. Ус ибжьаӡеит лаӷырӡыла еидаҳкылаз, ақырҭуа игыгшәыгра атәы аазырԥшуаз ҳматериалқәа", - иҳәоит ажурналист.
Гагратәи ателестудиа, араион афинанстә ҭагылазаашьа иахырҟьаны хара имгакәа аусура аанкылахеит. Аибашьра аламҭалаз "Авангард" аҭыԥан аҭыҵра иалагаз агазеҭ "Гагра", ақалақь аӷа даналцаха ҩаԥхьа аусура хацнаркит, редакторсгьы дахагылан Ольга Ԥлиаԥҳа. Валери Орчыҟәбеи иҩызцәа ажурналистцәа Белла Барцыцԥҳаи, Лиудмила Сергьегьиаԥҳаи, Цицина Еныкьԥҳаи рус инадгылеит.
"Аибашьра ацара ишаҿыз аидкылара ҳалагеит зыԥсадгьыл зхы ақәызҵоз аҵеицәа рзы аинформациа, афотосахьақәа. Убарҭ зегьы аҭыԥантәи агазеҭ ианаҳҵон. Аиашазы даара исцәыцәгьахеит, зыхшара ҭахаз анацәеи абацәеи рыҿцәажәара. Ателехәаԥшратә версиа анҭауыҩуа, ҩыџьа-хҩы уеицуп аҟнытә, уеиқәгәыӷны уҽаанукылоит. Схала сандәықәла гәыла изго салагеит. Исхашҭуам раԥхьаӡа сахьнеиз Аираа рҭаацәа. Дара хәажәкыратәи ажәылараан адауаԥшь иаҩызаз рԥазаҵә Гиви дҭахеит. Ауаҭах санааҩнала, ифотосахьа анызба сдысит. Еиҳагьы сархагеит, Гиви данҭаха ашьҭахь, арратә комиссариат аҟнытә ирзымдыркәа, арра ицатәуп ҳәа ааԥхьашәҟәы ааргеит ҳәа ансаҳа. Ани аби усгьы рхы ахьыргара рзымдыруа адәы иқәын. Ари ахҭыс зынӡа ргәы ԥнаҽит. Аҷкәын фырхаҵарала дҭахеит, аха дшеибашьуаз ашәҟәы ианымкәа", - игәы кылызҵәаз аҭоурых дазааҭгылоит Валери.
Валери Орчыҟәба афронт аҟнытә ажәабжьқәа шеидикылац еидикылон. Аибашьра цонаҵы, ачымазара бааԥсы иамҽханакыз Валери иаб Қьрым агәаҟра даҿын. Уажәшьҭа Аиааира амш ааигәахоны, абырг аидтәалара аҭаххеит. Жьҭаарамза алагамҭазы Валери иаб идунеи иԥсахуеит.
"Саб ижәымш аауны Гаграҟа ҳшаауаз, уеизгьы Аиааира ҳара ишаагаз ажәабжь ҳалаҵәахьан, Бзыԥ ацҳаҟны амашьынақәа еилагыланы, ауаа ҭыҵны акәашареи ахысреи иаҿын. Бзиарак ишазкыз здырит, аха интересс искын амашьына сынҭыҵит. Убраацәҟьа еилыскааит Тҟәарчалтәи аԥсуа ԥҳәызбеи араҟа еибашьуаз аҟабарда ҷкәыни рынасыԥ шеиларҵаз. Саргьы, аган аҿы сгыланы, "анцәа иџьшьоуп, хаҵара цареи, ԥҳәыс аагареи ҟалазар - аҭынчра шьақәгылеит ауп иаанаго" сҳәан, снапы аинҟьара салагеит. Саб рыцҳа иԥсы сабазаргьы, еиҳагьы деигәырӷьон. Абас доусы иҳамаз агәырҩа ҳаиааиуан азеиԥш гәырӷьара анаабоз", - иажәа иациҵоит ажурналист.
Валери Орчыҟәба аибашьра цонаҵы иҩыз аматериалқәа архив аҿы инхеит. Аха иара иахьагьы игәы иалоуп Мызовски ирцәигаз авидео архив.
Белла барцыц - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2024
Аԥсны
"Аԥсуа цәа зхаз зегьы рцәымӷын": Белла Барцыцԥҳа аибашьра ашықәсқәа рызтәи лгәалашәарақәа
Ажәабжьқәа зегьы
0