Аԥсны

"Алафгьы аҭыԥ аман": Алик Чуаз Гагра араион ахақәиҭтәра иазкны

Sputnik
Гагра араион шьаҭанкыла ахақәиҭтәразы, жьҭаара 5, 1992 шықәсазы аԥсуа еибашьцәа аԥсшьарҭа ҩны "Украина" аҟнытә жәылара идәықәлеит. Жьҭаара 6 ашьыжь, Цандрыԥшь аӷацәа алцаны Ԥсоунӡа инаӡеит. Уи алагьы раԥхьатәи Аиааира ашьаҭа акит. Гагратәи ажәыларатә аоперациа иалахәыз, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Алик Чуаз еиҭеиҳәеит ари амш игәалашәараҿы ишынхаз атәы.
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аҩбатәи амш аҽны, Гагра араион Цандрыԥшь аҳаблан аӷацәа рымшынтә десент ӡхыҵит. Бџьарлеи џьаԥҳанылеи еиқәных иҟаз аруаа Ԥсоу инаркны Ԥсахара ақыҭанӡа аҵакыра зегьы рнапахьы иааргеит. Ҳаибашьцәа ахыхьчаратә цәаҳәа Пицунда абжьаларҭа аҿаԥхьа ишьақәдыргылеит. Амшын аҿықә инаркны ашьхаранӡа абжьазаара зегьы аанкыланы гәыԥ-гәыԥла рҽеиҩшаны итәан. Жьҭаара 2, 1992 шықәсазы, Сергеи Дбари Муҳаммад Кьылбеи аус здырулаз ақәыларатә план инақәыршәаны, Гагра аҭарцәразы аҽазышәара мҩаԥган. Ашарԥазы идәықәлаз ҳаибашьцәа аҽныцәҟьа ақалақь рнапахьы иааргеит. Хымԥада ажәыларатә аоперациа иацын аԥсҭбарақәа. Зашьцәеи зҩызцәеи звыршьааз аибашьцәа ргәы ҿаҳәаны ԥхьаҟа ицон. Иазгәышьуан ашьоура. Гагра ақалақь уанаалҵуа игылоу аԥсшьарҭа ҩны "Украина" аҿаԥхьа агәыԥқәа зегьы аанҿасит. Арантәи Цандрыԥшьҟа ацаразы адҵа иазыԥшын.
Аԥсны
Муҳаммад Кьылба Гагра ахақәиҭтәразы ажәылара: аклассикатә ҟазшьала еиҿкаан
"Гагра араион ҳнапахьы иааҳгаанӡа, абаталионқәа рыла ҳшьақәгылаӡамызт. Аибашьратә ԥышәа ҳамамызт аҟнытә макьаназы гәыԥ-гәыԥла ҳаицын. Сара салан, ԥсаҭа шкәакәа Џьумка Чрыгба игәыԥ. Жьҭаара 4 аҽны, аӷацәа шьхала илбаар алшоит ҳәа ацәажәарақәа аныҟала, сҿаԥхьа адҵа ықәдыргылеит, "ГАЗ 66" ала Сулҭан Сосналиеви игәыԥи ашьхаҟа ргаразы. Схынҳәны санаа, смашьына аџьаԥҳаны ақәырҵеит, ашарԥазы аҳәаахьы ҳдәықәлоит ҳәа. Ус, жьҭаара 5 рзы саԥхьа игылаз ҩ-танкк срышьҭагыланы Цандрыԥшьҟа сдәықәлеит. Амҩахь иҳалшеит аӷацәа рвертолиотк аҭархара. Дара уажәшьҭа еилыркааит ҳашхьамҵуаз. Убри аҟнытә рылшарақәа зегьы ҳара ҳахь идырхеит. Ари ахырхарҭаҟны иаҳцәыӡит имаҷымкәа аҷкәынцәа. Аӷа бџьарла иҭаирхаз ҭаирхеит, аха иҟан амашәыр иақәдыршәазгьы", - ажәыларатә аоперациа далацәажәоит Алик Чуаз.
Алик иныҟәицоз амашьына "ГАЗ 66" аӷацәа иԥыржәоит ҳәа иалагазаап. Аха иара абна дылалеит. Усҟан ихы акәӡамызт иихьчоз, аидара акәын. Аџьаԥҳаны зҭаз амашьына аҵак ду аман ари аоперациаҟны.
Жьҭаара 5, ажьышь, Ԥсоу еиқәшәеит Гагратәи ажәылара иалахәыз агәыԥқәа. Аибашьра иалагаз аахижьҭеи, аԥсуа жәлар ирзеиԥшхаз раԥхьатәи гәырӷьаратә хҭысхеит ари иманшәаланы ихыркәшахаз аоперациа.
"Ахацәа нагақәа рыбжьы ҭганы акәын ишҵәыуоз, Ԥсоу аҳәаа иахашәыршәыруаз ҳбираҟ ианаҵаԥшуаз. Усҟан ауаа акалашәа бзиа еибабон, акалашәа пату еиқәырҵон", - иҳәоит аибашьра аветеран.
Аибашьра еибашьроуп, уи агәшаҭара бзиа иабаӡом. Жьҭаарамзазы шьыжьи хәылбыҽхани ахьшәашәарақәа ҿалоит. Гагра ақалақь анҭадырцәы, Алик Чуаз, ишьны ишьҭаз ақырҭуа подполковник хахьтәи ирмаҭәа ишәыхны ижәҩахыр инҭаирԥеит аԥша иҽацәихьчарц. Дышнеиуаз, "Мехико" ҳәа изныз шлиапакгьы ибеит. Уигьы наихаиҵеит. Ԥсоу аҳәааҟны даннеи, итрофеи алаф ахҳәаахеит.
"Владислав Арӡынба Ԥсоуҟа данаа, аибашьцәа зегьы аӡәаӡәала аԥсшәа раҳәо ирыдиныҳәалон иргаз Аиааира. Сара дансыдгыла, дааԥышәырччан "агәыцқьара шәзеиӷьасшьоит аҩыза аподполковник амексикауаҩ" иҳәан саагәыдикылеит. Уи ҳшахыччоз, агитара кны иааит аоперациа иалахәыз аказакцәа ргәыԥгьы. "Ара исшәырбеи" ҳәа иаарымсхын, иарҳәауа ашәак аацәырызгеит. Уи збаз дара ракәын. "Ҳамҭас иудкыл" рҳәан, "аҩыза подполковник изы гәаларшәагас аказакцәа рҟнытә" ҳәа иаҵаҩны исырҭеит. Араҟа инымҵәеит ари алаф. Уи аҽны, ажәылара иалахәыз Нхыҵ-Кавказтәи ахатәгәаԥхаҩцәа Гәдоуҭатәи арратә комиссариат ахь изгеит "ГАЗ 66" ала. Аҭыԥ аҟны саннеи, Сулҭан Сосналиев адырра исҭар акәын. Ауада санааҩнала, "шәгыл, аподполковник дахьааиз шәымбаӡои" иҳәан дыччо дысԥылеит. Абас, иҭархаз ҳаӷа ирмаҭәа алаф алҵит", - еиҭеиҳәоит аветеран.
Аԥсны
"Аибашьцәа фатәыла еиқәыршәатәын": Владимир Гыцба игәалашәарақәа
Гагра араион аԥсуа еибашьцәа рнапахьы ианаарга аҽны, акомандаҟаҵаҩцәа иаарыцҳаит, Цандрыԥшь ашьхаҳаракырақәа руак аҟны, ақырҭуа еинрал Гиа Ҟарҟарашвили ируаа иманы дшыҟоу, аха вертолиотла ақәҵра шигәиҭоу. Ашьҭԥраара иахьӡаанӡа, раанкыларазы Алик Чуаз адҵа иман аибашьцәа гәыԥҩык иманы уахь ахалара.
"Ҩаԥхьа "ГАЗ 66" ала аҷкәынцәа сыманы сдәықәлеит. Ҳара уахь ҳхалаанӡа, хымԥада дара ԥырхьан. Амала иҳалшеит уантәи атрофеи машьынақәа "Нивеи", "ГАЗ 66" рылбаагара", - игәалашәоит иара.
Алик Чуаз игәыԥ, шықәсык Цандрыԥшь амшын аԥшаҳәа рыхьчон. Аҟәа аҭарцәразы аоперациаан, Џьумка Чрыгба актәи ибаталион иахәҭакны ажәылара ицеит. Цәыббра 25 аҽны, Аиааиара амш хәымш шагыз Алик Чуаз дырхәоит. Дааргоит Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь. Ихәрақәа анҿарҳәа ашьҭахь, маӡала иҩызцәа дрыхьӡарц иӡбоит. Аха ихьаақәа уажәы-уажәы иахьцәырҵуаз инамаданы дгьежьыр акәхеит. Аҩны аиара дшамаз ауп, Аиааира аӡбахә шиаҳаз. Ари амш акы иалаҩашьом иҳәоит аибашьҩы. Иахьагьы уи лаӷырӡыда дзаԥылаӡом.
Арадио
Аветеран Багаҭелиа Гагра ахақәиҭтәразы: раԥхьатәи аиааира ҳгәы шьҭнахит