Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Муҳаммад Кьылба Гагра ахақәиҭтәразы ажәылара: аклассикатә ҟазшьала еиҿкаан

© Sputnik / Томас ТхайцукСекретарь Совбеза Килба Мухамед.
Секретарь Совбеза Килба Мухамед.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2023
Анапаҵаҩра
31 шықәса раԥхьа фымш ицоз Гагра ахақәиҭтәразы арратә операциа иаанагаз ақәҿиара иабзоураны жьҭаара 6 18 сааҭи 40 минуҭи рзы Аԥсны абираҟ Урыстәылеи ҳареи ҳҳәаа иахагылеит. Гагра ахақәиҭтәра иалахәыз, хатәгәаԥхарала Аԥсныҟа еибашьра иааз Аԥсны афырхаҵа Муҳаммад Кьылба игәалаиршәоит урҭ ахҭысқәа.

Сыԥсадгьыл аҿы аибашьра ианалага сааит

Муҳаммад Кьылба занааҭла ар рус инапы алакын, ишьҭахьҟа ишьҭан Афгантәи аибашьра. Аветеран ишиҳәо ала, идыруан иара ихылҵшьҭрақәа Аԥсны ииз, хықәкыла Ԥсҳәы ақыҭа иалҵыз шракәыз, аха знык иадамзарагьы аибашьра ҟалаанӡа Аԥсны дмаацызт. "Схәыҷаахыижьҭеи издыруан сахьатәиз. Уи саб исеиҳәахьан. Сыԥсадгьыл аҿы аибашьра ианалага сааит иаразнак", - иҳәоит Кьылба урҭ аамаҭақәа игәларшәо. Аара акуп, аха угәра ргарц, уазусҭоу еилыркаарц аҭахымзи ҳәа сиазҵааит Аԥсны афырахаҵа ҳаицәажәара алагамҭазы. Иара рацәакгьы дымхәыцкәа абас аҭак сиҭеит: "Сара исзымариан ара сҭыԥ аԥшаара, избанзар арра аус сара исзанааҭын, Афганистан аибашьра схызгахьан, ажәакала аибашьраҿы иҟаҵатәыз сара сзы идырыз акәын. 33 шықәса сырҭан усҟан. Сулҭан Сосналиев аштаб дахагылан, Виктор Какалиа иакәзар ардыԥхьала ркомандаҟаҵаҩ иакәын. Аха, усҟан иара Мрагыларатәи афронт ахь дыҟан. Сара Сосналиев иасҳәеит сазусҭоу, исылшо. Сыгәра игеит, нас аԥсшьарҭаҩны "Волга" аҿы арезервтә полк еиҿыркауан убри напхгара асҭарц сыдырҵеит. Сара арратә ҵараиурҭа санҭаз сахысхьан арезервтә архәҭақәа реиҿкаара аус, убри азы амчра аиҿкаара сҽазыскит иаразнак. Адырҩаҽны Какалиагьы дааит. Иаргьы саргьы аамҭаказ Афганистан иҟаз ҳакәзаарын, ирлас ҳаилибакааит. Сымҩашьозар, ари август 20 шыҟаз ауп".
Доброволец из ЮА Владимир Коцоев - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2023
Аԥсны
Сан лчемодан лырхиахьеит: аибашьра аветеран Владимир Коцоев игәалашәарақәа

Ахыхьчаратә позициа

Гагратәи арратә операциа анаҩстәи ҳжәыларақәа зегьы алагамҭас ирыман ҳәа ишьоит аветеран Кьылба. "Гагра ахақәиҭтәра усҟан агәра згозгьы рацәаҩымзаргьы ҟалон, избанзар, аҭагылазаашьа ҳа ҳзы иуадаҩын. Аџьаԥҳаны ҳамамызт, абџьар ҳамамызт. Ҳаӷа дазыҟаҵан ӷәӷәала. Убри аҟынтә, ара аоптимизм дук узҭоз аҭагылазаашьа ыҟамызт. Ԥыҭк ашьҭахь аштаб ахь исыԥхьеит. Павел Арӡынба, Валери Аиба ыҟан ишысгәалашәо ала. Гагра аҭагылазаашьа уадаҩуп, уахь ацара улшома ҳәа азҵаара сырҭеит. Сара аруаҩ сахьышәышьҭуа сцоит сҳәан мап сымкит. Ажәакла Бзыԥҟа срышьҭит. Уа Сергеи Дбар иҿы снеит. Уи уа деиҳабын. Гагратәи ацәаҳәахьы сигеит. 27-ҩык раҟара ацәаҳәа иқәгылеит, ар маҭәаҵәҟьа ршәымызт, автоматқәа змаз маҷҩын. Ахы зҭамыз гранатаршәгак рыман. Абарҭ напхгара руҭоит рҳәеит. Ардыԥхьала ракәын арҭ, архәҭа ҳәа ишақәнагоу еиԥш иҟамызт, аха исымаз алшарақәа рыла аус снапы асыркит". Кьылба ишеиҭеиҳәо ала, иҭиҵааит ҳара ҳгәыԥқәа ахьтәаз иҟаз алшарақәа. "Аҭабиақәа ҳәа акгьы рхианы иҟамызт усҟантәи аамҭазы. Мызкы аҩнуҵҟа ҳара иҳалшеит имобилтәу ахыхьчарҭатә позициақәа реиҿкаара. Ҳаӷа зныкгьы илымшеит шьҭахьҟа ҳнаскьагара. Сара иахьагьы иџьасшьоит аԥсуа еибашьцәа рыӷәӷәара, ргәымшәара. Реиҳараҩык занааҭла арратә ус рнапы алакымызт, аха ргәымшәара адунеи ианӡаломызт - Алхас Шьаҟрыл, Роберт Кәарҷиа, Автандил Гарцкиа, Гена Ҷанба, Ҭемыр Надараиа, Умалат Дашеев, Руслан Кьышьмариа уҳәа аҷкәынцәа гәымшәақәа маҷҩымызт усҟан. Ҳара ахыхьчаратә позициаҿы ҳаҟанаҵы ус баша ҳтәамызт, ҳаӷа дҭаҳҵаауан. Иҳаргәамҵуан цәгьала ақырҭқәа. Рганахь ицаны ажәыларақәа ҟарҵон аԥсуаа. Ахыхьчара - ус ҭынч атәара акәӡам иаанаго, дара рыҩнуҵҟа ҳцаны ирылаҳажьуан, иҭаҳархон".

Ахореограф, арезидент Валери Ҭаниа

Гагра иҟаз аҭагылазаашьа аҭҵааразы аԥсуаа еиҿкааны ирыман аԥшыхәратә гәыԥқәа. Ибзианы ихәшьадтәын Гагра аҩнуҵҟа иҟаз аӷа ихырӷәӷәарҭақәеи иџьаԥҳани уҳәа мчыс имоу. "Шәача маӡалатәи ҳрезидент дҳартәеит, уи ахореограф Валера Ҭаниа иакәын. Уи иԥшыхәра икәашаратә ҟазара еиҵам. Акатерқәа рыла милаҭла иаурысыз Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аветеранцәа ҳашьҭуан. Валера абараҭ изаҳашьҭуаз ауаа дырԥылон. Уи ауадаҿы абаза ҟаҵаны иман. Ауаҩы диԥылон, нас ашьыжь арахь Гагра аганахь дааишьҭыр акәын. Уи ауаҩ алегенда иман, Шәача дшыҟаз аибашьра ишалагаз уҳәа. Аурысқәа уиаҟара гәҩарас иҟарҵомызт ақырҭқәа. Убарҭ иҭырҵаауан ақалақь аҿы аӷа ихырӷәарҭакәа. Нас, Шәачаҟа игьежьны аинформациа ҳара иҳарҭон. Абарҭ аԥшыхәрақәа рыбзоурала уа ақырҭуа ар шаҟаҩ ыҟаз, иахьтәаз, ирымаз, ирыхӡыз зегь еилаҳкаауан. Ажәакала, ҳаӷа дзеиԥшраз ҳдыруан. Ҳҽазыҟаҳҵеит ажәылара сҳәар ауеит", - игәалаиршәоит Кьылба.
Игорь Какоев  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2023
Аԥсны
"Ҳара иаҳқәашьхеит даҽа иааирак азы ақәԥара": аветеран Игор Кокоев иҭоурых

Ашьхарахьы асы леир…

Аветеран Кьылба игәаанагарала Гагра усҟантәи аамҭазы иҭаҳмырцәыр ҟалаӡомызт, избанзар ҽаҩраҭагалан ааиуан, ашьхарахь асы леир амҩақәа акуан, ацхыраара ҳауӡомымзт, акатерқәа мацара рыла афатә-ажәтә, аџьаԥҳаны зҳәаз еиԥш узаагомызт, убри аҟынтә афронт аныҟәгара уадаҩхон. Аԥсны афырахҵа ишазгәеиҭо ала, Гагра ахақәиҭтәразы ажәылара аиҿкаара аамҭазы аџьаԥҳаны ыҟамызт, абџьар змаз аибашьцәагьы рацәаҩымызт. "Еиҭаҵуа арадиоеимадагақәа 5-ҟа ҳаман. Уи абзоурала азеиԥш еимадара ҳаман сҳәар ауеит. Иажәын аха ҳхы иаҳархәон. Ҩ-командаҟаҵага штабтә машьынақәагьы ыҟан. Руакы Дбар иман. Иара иакәын хаҭала акомандақәа ҟазҵоз уи аштабтә машьына аҟынтә. Иара ирадио командақәа зегьы ҳаҳауан, ҳаимадан зегьы".

Аклассикатә ҟазшьала еиҿкаан

Даара еиҿкаан Гагратәи ажәылара сҳәар сылшоит. Сара срадиостанциа сыманы Пицундатәи агәашә ала сцон. Ашьыжь асааҭ 4 рзы ҳдәықәлар акәын, аха иахыргеит. Ҽынла асааҭ 2 рзы ҳдәықәлеит", - еиҭеиҳәоит Муҳаммад Кьылба ажәылара игәаларшәо. Сзацәажәо дшазхәыцуа ала, аоперциа аиҿкаара зламаӡаз ала, ҳаӷа дазыԥшымызт ас еиԥш амҽхак змаз ажәылара иалагоит ҳәа аԥсуаа. Абар уи азы ииҳәо: "Иаразнак афронт зегь дәықәлозма. Хәҭа-хәҭала рҽеихшаны еиуеиԥшым аганақәа рыла ажәылара иалагеит ҳа ҳтәқәа. Аӷа ифланг ҳҭаланы, икәшаразы ашәарҭара еиҿаҳкаауан. Амандаринаҭрақәа ҳнарылсны аестакадаҿ ҳкылсит. Ахәлара анааи анышәынҭрақәа рҿы ҳаангылеит. Уа ҳаԥхьеит. Шьыжьы абри иахыкәшаны ицо амҩаҿы иҟаз ацҳа ԥыржәахьан. Гена Ҷанба ԥхьагылара ззиуаз архәҭақәа ркәылӡтәы техника ала идәықәлеит, ҳара аҳаракыра ала амҩа ҳган ахәылбыҽха амцарцәаҩцәа ахьыҟаз ҳнеит. Аԥсшьарҭаҩны "Украина" дрыцқьеит ҳаибашьцәа. Ҳпозициақәа ҳкит убраҟа. Ҩымш ҳаман аҽеиҭныԥсахларазы". Анаҩсан, аветран иазгәеиҭеит аӷацәа реибашьыгатә техникеи рџьаԥҳани маҷымкәа аԥсуаа рнапаҿы ишыҟалаз. "Аӡы хьшәашәа" (Холодная речка) аганахь ҳхалеит. Армарахьтәи аӷа ифланг аганахь иаанаҳкылеит ҳпозициақәа. Ҳара ҳтәқәагьы иҭахақәаз ыҟагәышьоуп, аха дара ӷәӷәала иаҳшьаҟьеит. Абџьар ҳазхомызт, аха измамазгьы аџьаԥҳаны рыманы идәықәлеит ажәылара аамҭазы. "Аӡиас хьшәашәа" ахьиасуа ааиагәара иҟаз ажәылара даара иџьбаран. Убра дҭахеит ақырҭқәа ркомандаҟаҵаҩ Георги Каркарашвили иашьа. Иара ихаҭа ир аныршьаҟьа шьхала дыбналеит. Нас вертолиотла далыргеит". Арратә лшарала акыр иҳаиҳаз ақырҭуа риааиразы Гагра ахақәиҭтәраан тактикас иҟаз атәы дазааҭгыло Кьылба иҳәеит, аԥсуаа ишалырхыз - аӷа амацәаз иҭакра атактика. Фымш Гагра ахақәиҭтәразы ицоз ажәылараҿы алҵшәа аиуразы иалхыз аибашьратә мҩа, арҵага шәҟәқәа ирынҵатәу ҭоурыхуп ҳәа дахәаԥшуеит Муҳаммад Кьылба.
Асланбек Марзеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.08.2023
Хатәгәаԥхарала аибашьра уалԥшьан: Аԥсны Афырхаҵа Асланбек Марзеи игәалашәарақәа

Зыҩаӡара ҳаракыз арратә операциа

"Гагра ахақәиҭтәра аамҭазы ацәыӡқәа ҳаман аха, 47 км иаҵанкуа ацәаҳәаҿы ари аҩыза аоперациа ардыԥхьала рыла амҩаԥгара - уи иреиҳаӡоу ҩаӡароуп. Даара иҳаракуп Гагара ахақәиҭтәра аҵакы - нас ацхыраара дәықәлеит Урыстәылатәи аҳәаа аҟынтәи. Агәышьҭыхра атәы ҳҳәозар, уи еиҳау иҟаз усҟан? Сара сфырхаҵоуп сҳәом. Имшәоз дыҟамызт, аха уи ашәара уазхәыцуам ажәылара уанцо. Гагратәи Аиааира ашьҭахь аԥсуаа агәра ргеит ҳара иҳалшо шырацәоу. Гәымсҭатәи ацәаҳәаҿы иҟаз ҳара ҳаибашьцәагьы еиҳа рхы агәра рго иҟалеит уи ашьҭахь. Ақырҭқәа ракәзар, ишәаӡыӡаны Аҟәаҟа иҩит", - иҳәоит Муҳаммад Кьылба уи ажәылара ахәшьара ҳаракы шеиҭо аарԥшуа.
Гагра ахақәиҭтәразы иҭахеит ҳәа иԥхьаӡоуп 108-ҩык аԥсуа еибашьцәа, урҭ рахьтә 15-ҩык хатәгәаԥхарала еибашьра иааз ракәын. "Афырҭын" ҳәа изышьҭаз адыргатә хьӡы змаз Гагратәи арратә операциаҿы аԥсуа архәҭақәа иргаз Аиааира иабзоураны Аԥсны зҭакыз ақырҭуа блокада аԥыхын, Урыстәылатәи аҳәаа аҭыҵразгьы алшара ҟалеит. Уи ҳара ҳзыҳәан крызҵазкуаз хырхарҭан, анаҩстәи аиааирақәа ргаразы, афронт ацхыраара аҭаразы…
Аслан Авидзба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2021
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Аҩӡба Аԥсны аибашьраан Гагра араион ахақәиҭтәра аҵакы иазкны
Ажәабжьқәа зегьы
0