Аԥсны

Sputnik амчыбжь: Аиааира Амш, адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥылара, Аԥсны ахада ихраҿа

Sputnik
Аинформациатә маҵзура Sputnik есымчыбжьатәи ахҳәаа рзыҟанаҵеит, цәыббра 30 инаркны жьҭаара 6 рҟынӡа Аԥсны имҩаԥысыз акыр зҵазкуа ахҭысқәа.
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш шазгәарҭоз, Урыстәылеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рминистрцәа реиԥылара Москва ишымҩаԥысыз, Гал араион амца арцәара шрылшаз, Апарламенттә еилакы аилатәараҿы излацәажәаз Sputnik аматериал аҿы шәаԥхьа.

Амилаҭтә ныҳәа

Иҳаҩсыз ашәахьа, цәыббра 30 азы, ареспубликаҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира агара 31-шықәса ахыҵра азгәарҭеит. Атәыла ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҿы агәалашәаратәи аныҳәатәи усмҩаԥгатәқәа мҩаԥган, зықьҩыла ауааԥсыра рхы аладырхәит.
Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҽны Аҟәа Ахьӡ-Аԥша Амемориал аҿы ашәҭқәа рышьҭаҵара мҩаԥысит. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аветеранцәа, иҭахаз рыуацәа, ауаажәларра, ареспублика асасцәа Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара аҿаԥхьа ихырхәарц арахь иааит.
Анаҩс Аԥсни Урыстәылеи арратә усзуҩцәа злахәыз апарад мҩаԥысит. Ахьӡ-Аԥша амемориал аҿаԥхьа "Ԥсра зқәым аполк" рныҟәара мҩаԥысит. Иара убас, Аҳәынҭқарратә филармониеи аҳҭнықалақь аԥшаҳәеи рҿы маланыҟәала аицлабреи аконцертқәеи мҩаԥган. Ахәылбыҽха аныҳәатә феерверк мҩаԥыргеит.
Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин аԥснытәи иколлега Аслан Бжьаниа акыр ари ахҭыс идиныҳәалеит.
Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит атәылақәа реизыҟазаашьақәа астратегиатәи еиҩызаратәи принципқәа шьаҭас ирыманы ԥхьаҟагьы қәҿиарала аҿиара шроуа.
"Урыстәыла аринахысгьы Аԥсны анапхгареи ауаажәлари аҳәынҭқарратә ҿиара иадҳәалоу апроблемақәа рыӡбараҿы активла ацхыраара рнаҭалоит", - ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә телеграммаҿы.
Путин Бжьаниа изеиӷьеишьеит агәабзиареи ақәҿиарақәеи, ареспублика атәылауаа – аҭынчреи аизҳазыӷьареи.
Аахыҵ Уаԥстәылеи Никарагуеи рхадацәагьы Аслан Бжьаниа аныҳәа идырныҳәалеит.
Алан Гаглоев иазгәеиҭеит, акыр шықәса раахыс аԥсуа жәлар ахьыԥшымра аиуразы рықәԥараҿы агәымшәареи афырхаҵареи аадырԥшуеит ҳәа.

Арбџьармчқәа ргәаҭара

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны атәылахьчара аминистрра абџьари арратә техникеи рҭагылазаашьа гәеиҭеит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Ар ркомандаҟаҵаҩ хада абџьар ҿыцқәа рҿырԥштәқәа идырбеит, иара убасгьы арратә, иҷыдоу атехника, артиллериеи акәылӡтехникеи рыҵәахырҭақәа ирбан.
Иазгәаҭоуп Аслан Бжьаниа Арбџьармчқәа реибашьратә лшарақәа рырӷәӷәаразы адҵа шыҟаиҵаз.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аԥсны атәылахьчара аминистрра иамоу абџьари арратә техникеи гәеиҭеит

Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥылара

Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров жьҭаара ԥшьба рзы Москва ақалақь аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоеви хаз-хазтәии еицырзеиԥшуи аиҿцәажәарақәа мҩаԥигеит.
Лавров инаҵшьны иазгәеиҭеит, Москва аринахысгьы Аҟәеи Цхинвалии ашәарҭадара аиқәыршәареи, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рырҭбаареи, аекономикатә ҿиареи рзы иалшо ала ацхыраара шырзыҟанаҵо.
“2008 шықәса азы Урыстәыла анапхгара Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи разхаҵаразы ирыдыркылаз аӡбара аиҭахәаԥшра шалымшо азгәаҭоуп”, - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аганқәа, иара убас, Украина аҭагылазаашьа аӡбаразы Владимир Путин иҟаиҵаз аԥшьгамҭа, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема аиҭакра, Урыстәыла БРИКС ахантәаҩыс аҟазаара ирылацәажәеит.
Лаврови Шамбеи ҩ-ганктәи реиԥылараан Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгаҩы иазгәеиҭеит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы Москва апозициа апринциптә ҟазшьа шамоу.
“Ҳара апринциптә позициақәа аанаҳкылоит, насгьы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрагьы уахь иналаҵаны, иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьақәа рызхаҵара шьаҭас измоу, арегион аҿы ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи еиқәзыршәо аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара ҳаҿуп”, - ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны
Москва еиԥылеит Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рминистрцәа
Лавров иҳәеит Москва ҭабуп ҳәа шахнаҳәаауа Аҟәа иҷыдоу аоперациаҟны иҟанаҵаз адгыларазы. Аԥснытәи хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа Донбасс имҩаԥысуа аидысларақәа зегьы ирылахәуп, ареспублика атәылауаа агуманитартә цхыраара ҟарҵоит, мчыла зыҩнқәа ирхыҵыз ауааԥсыра рыдыркылоит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Курсктәи аобласт ахәыҷқәа алагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" ахь рнаԥхьарагьы ҳәа иҳәеит иара.
Сергеи Шамба иазгәеиҭеит, ареспублика аиҩызаратә уалԥшьақәа ламысла ишынанагӡо.
Уи иажәақәа рыла, аԥсуа жәлар, рхыԥхьаӡара ахьмаҷу иахҟьаны, аполитикатә маанақәа ахы ишанамырхәо. 2008 шықәса аԥхьа, Урыстәыла азхаҵара ҟанаҵаанӡа, ареспубликаҿы ауаажәларра рыхдырраҿы Қырҭтәыла аҟынтәи ашәарҭара ҿыц ҟалар ҳәа ашәара аҳра ауазҭгьы, Аԥсни Урыстәылеи аиқәшаҳаҭрақәа анрыбжьарҵа ашьҭахь, уи аҵыхәтәантәи аҭыԥ ахь инеит.
Шамба иациҵеит, азакәанԥҵара ашьаршәалара апрограмма иацҵоуп, 45 снагӡатә рҟынтәи 27 рынагӡара мҩаԥысхьеит ҳәа.
Аԥсны
Москва Аԥсни, Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа еиԥылеит

Апарламенттә еилакы аилатәара

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҿы жьҭаара хԥа азы абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы Аилак инеиҵыху аилатәара мҩаԥысит. Уаҟа иалацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи рнапхгарақәа ирыбжьарҵаз Урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа ареспублика аҵакыраҿы аинвестициатә проектқәа рынагӡара алыршаразы Аиқәшаҳаҭра.
Аиԥылара рхы аладырхәит аекономика аминистр Кристина Озган, Аԥсны Абанк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа. Уи аԥхьа Жәлар Реизара-Апарламент ахь ашәҟәы нарышьҭит агәҭынчымра аазырԥшыз Аԥсны абанктә еилазаара ахаҭарнакцәа. Урҭ аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 9, апункт 2 азы агәҭынчымра шаадырԥшуаз рҳәеит. Уи аҿы иаҳәоит Аҳәынҭқарра злахәу Урыстәылатәи абанкқәа рфилиалқәа Аԥсны раартра алшоит ҳәа.
Аԥсны
Аԥсны абанктә сектор 2023 шықәсазы аусура иалацәажәеит Аминистрцәа реилазаараҟны
Беслан Бараҭелиа иажәақәа рыла, Аԥсны Абанк анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭра аус адулараан, аҭыԥантәи абанктә сектор аинтересқәа рыхьчара хаданы иашьон. Ашәҟәы актәи авариант инақәыршәаны, ареспубликаҿы Урыстәылатәи абанкқәа рфилиалқәа аԥҵазар алшон, аха уи аконкуренциа ду ахь инагар алшоит. Убри инамаданы, ашәҟәы аиҭакрақәа алагалоуп, ҳәа азгәеиҭеит иара.
Уи инацҵаны иазгәеиҭеит, афилиалқәа ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи рымаҵ аура шылымшо. Уҭ аргыларақәа цаноҵы аинвестор изы аамҭалатәи аԥхьаӡамҭа аартра азин роуеит, аха апроект аусура ианалага инаркны, аинвестор уи аԥхьаӡамҭа аркны аԥсуа банк аҿыа ҿыц аартра иуалуп.
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, ҷыдала, инаҵшьны иазгәалҭеит, ари аиқәшаҳаҭра апроект аҳәынҭқарра злахәу урыстәылатәи акредиттә еиҿкаара афилиал ишазку.
"Уи иаанагоит, ари аиқәшаҳаҭра иаҵанакуа аинвестициатә проектқәа рынагӡаразы, аҳәынҭқарра злахәу Урыстәылатәи акредиттә еиҿкаара араҟа афилиал ашәҟәҭагаларазы азин аиура ҳара ҳақәшаҳаҭуп ҳәа”, - ҳәа лҳәеит лара.
Ареспублика абанктә усхк ахаҭарнакцәа адепутатцәа ирзеиҭарҳәеит ргәы иҵхоз азҵаарақәа. Урҭ ирҳәеит Аԥсни Урыстәылеи рҟны ари аекономикатә усхк аҿиара еиваҟәалашьа амаӡамҳәа.
Арезерв активқәа рышәагаа адагьы, афинансттә технологиақәа рҿгьы аиԥшымзаара ду ыҟоуп – Урыстәылатәи абанкқәа рмобилтә цҵақәа рацлабра уадаҩуп.
Аԥснытәи абанктә еилазаара Урыстәылатәи абанкқәа ирыҿурԥшуазар, аконкуренциа ахьмаҷугьы ашәарҭара рбоит. Раԥхьа иазԥхьагәаҭаз Урыстәылатәи абанкқәа ареспубликаҿы зынагӡара рылшо амаҵзурақәа рымҽхак аамҭа цацыԥхьаӡа рыҽдырҭбаар алшоит, уи Аԥсны абанктә усхк иҽеимкәа анырра анаҭар алшоит, ҳәа агәаанагара рымоуп дара.

Шьамтәыла ажәлара

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ӷәӷәала иақәыӡбеит Израиль Дамаск иахьажәлаз. Аофициалтә дырраҭара адәныҟатәи аусқәа рминистрра Telegram-канал аҿы икьыԥхьит.
Жьҭаара 2 азы ЦАХАЛ еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рдипломаттә миссиақәа, Аԥсны ацҳаражәҳәарҭагьы уахь иналаҵаны иахьыҟоу Мезе араион аҿы иҟоу анхарҭатә хыбра иажәлеит. Хҩык аҭынч уааԥсыра ҭахеит, хҩыкгьы ахәрақәа роуит.
Аԥсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ӷәӷәала иақәыӡбеит Израиль Дамаск иахьажәлаз
“Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп, ари акт аҭынчратә лҵшәақәа шаанамго, Мрагылара Ааигәа арегион аҿы амҽхак ду змоу аибашьра ааигәанатәуеит ҳәа”, - ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Аусбарҭа иазгәанаҭоит, аграждантә инфраструктура жәларбжьаратәи агуманитартә зин ала аахаҭара ишақәиҭым, убри аҟнытә иаразнак иаанкылатәуп ҳәа.

Аиашьаратә еизыҟазаашьақәа

Аҟәеи Грознии аиашьаратә қалақьқәаны иҟалеит. Аԥсны аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аҟәа ахада Беслан Ешбеи Чечентәыла аҳҭнықалақь ахада Хас-Магомед Кадырови.
Аԥсны
Аҟәеи Грозныи аишьцәа-қалақьқәа ракәхеит
Адокумент аҿы иазгәаҭоуп, аганқәа иаарту аиҿцәажәара, апартниорра, аҩ-ганк рзы ихәарҭоу аимадарақәа рырҭбаара, аԥышәа аимдара, ақалақь Грозни ақалақьи Аҟәеи ауааԥсыра ринтересқәа ирықәшәо ​​еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара аҵак ду шаҭо ҳәа аҳәоит атекст.
Ақалақьқәа аҭҵаарадырратә, атехникатә, аҵарадырратә, акультуратә, агуманитартә, аекономикатә усхкқәа рҿы, аспорти атуризми рганахьала аусеицура мҩаԥыргалоит.

Арҵаҩы имш

Иҳаҩсыз асабшаҽны Аԥсны иазгәарҭеит Жәларбжьаратәи арҵаҩы Имш. Ареспублика ахада Аслан Бжьаниа арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәало, арҵаҩцәа русура атәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш шаӡбо азгәеиҭеит, рџьабаа азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
“Шәара шәычҳареи шәхамегӡареи рыбзоурала, еиҵагыло аҿар аҿиареи рыԥсҭазаараҿ ақәҿиарақәеи рзы алагамҭа ӷәӷәа роуеит”, - ҳәа аҳәоит адныҳәалара атекст аҿы.
Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра аринахысгьы аҵарадырра асистема аиӷьтәраз, арҵаҩцәа рыцхыраараз иалшо шыҟанаҵо.
Иара убас, ахада атәылаҿы арҵаҩцәа жәеизаҩык “Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы” ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит, ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны
"Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа аҳаҭырҭә хьыӡқәа рыхҵоуп гәыԥҩык арҵаҩцәа

Амца ырцәоуп

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Гал араион аҿы аҭыԥ змаз амцакра арцәара алыршахеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Адлеиба.
Иара иажәақәа рыла, аиқәырхаҩцәа аҩаша ҽынла иреиҳау амцабзқәа рықәгара рылшеит, ақәа иаанхаз амцабзқәагьы арцәеит.
Цәыббра 29 амш аҽны, ахәылбыҽха Гал азааигәара амцакра ҟалеит. Аԥша ӷәӷәа иахҟьаны, амцабз ирласны аҽарҭбааит, ауааԥсыра рзы ашәарҭара ыҟан.
Амца иаҿагылеит Гал, Тҟәарчал, Очамчыра араионқәа рҟынтәи амцацрацәаҩцәа, ИгрыГЕС аҟынтәи амцацарцәаратә гәыԥқәа, ақалақьтә маҵзура аусзуҩцәа, аҭыԥантәи ауааԥсыра. Аԥхасҭа амҽхак ҷыдалатәи акомиссиа ишьақәнаргылоит.

Анапҟазаратә цәыргақәҵа

1992-1993 ашықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира агара Амш иазкны аҿар рпатриоттә лагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" цәыббра 23 рзы Тамышь иаатит. Уи рхы аладырхәит аибашьра аветеранцәеи хатәгәаԥхарала иалахәызи рмаҭацәеи рхәыҷқәеи, Курсктәи аобласт аҟынтәи ахәыҷқәи.
Мчыбжьык ашьҭахь аԥсуа напҟазацәа – ажьицәа, ацәаҟаҵаҩцәа, амилаҭтә музыкатә инструментқәа ҟазҵоз русумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысит.
Ацәыргақәҵа даҭааит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа. Аҳәынҭқарра ахада атәыла аҩныҵҟатәии адунеизегьтәии амшхәаԥштә, аекономикатә ҿиара, аҿари аспорти рыцхыраара иазырхоу аусмҩаԥгатәқәа ирызку азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит, иара убас Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳабжьара аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара аҵак ду шамоу инаҵшьны иазгәеиҭеит.
"Иахьатәи агрессивтә дунеи аҿы даара акраҵанакуеит узықәгәыӷша аҩызцәа рымазаара, избан акәзар аиҩызара амчра дууп. Ҳара даҽа мҩак, даҽа ҭоурыхтә ԥеиԥшк ҳамам, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиҩызаратә, аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ада" ҳәа иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.
Ацәыргақәҵаҿы 15-ҩык инареиҳаны анапҟазацәа – аӡахҩцәа, ацәаҟаҵаҩцәа, амилаҭтә музыкатә инструментқәа ҭзыжьуа русумҭақәа рӡыргара мҩаԥган.
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәыҵниаԥҳа анапҟазацәа рцәыргақәҵа лалахәхареи асахҭан аус адулареи

Аҟәатәи амедиашкол

Аҟәа, Москва Аҩны аҿы, жьҭаара 2 инаркны 3 рҟынӡа, ҳџьынџьуаа ҿарацәа рзы амедиашкол мҩаԥысит.
Аҟазара-классқәа мҩаԥыргеит Урыстәылантәи апиар-журналистикеи ателехәаԥшреи рганахьала иԥхьагылоу аекспертцәа – ажурналистцәа Гузель Камаевеи Мария Сафроноваи, иара убас аԥсихолог Ирина Прокопьева.
Уи рхы аладырхәит аҵаҩцәеи ахылаԥшратә усзуҩцәеи рҟынтәи 55-ҩык. Sputnik Аԥсны ахьӡала – арадио аредактор Альбина Жьиԥҳаи абильд-редактор Марианна Кәыбрааԥҳаи.
Апроект еиҿкаан Москва анапхгареи, Москва адәныҟатәи аекономикеи жәларбжьаратәи аимадареи Рдепартаменти, Москватәи аџьынџьуаа Рыҩни рыцхыраарала.

"Шамба иԥхьарақәа"

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҿы "Амилаҭтә зинтә системақәеи ҳаамҭазтәи адунеитә еиҿкаареи" атемала II Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Шамба иԥхьарақәа" мҩаԥысит.
Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсни Урыстәылеи еицырдыруа ауаажәларра-политикатә усзуҩ, Ахьӡ-Аԥша аорден актәи аҩаӡара занашьоу Тарас Шамба иҭҵаарадырратә усура аҭҵаара иазкыз ажәахәқәа ҟарҵеит Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа.
Аԥсны
"Жәлар рпрезидент" игәаларшәара: Тарас Шамба 85 шықәса ихыҵуазаарын
Иара убас, ақәгылаҩцәа ахә ҳаракны иршьеит Тарас Шамба ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы иҟаиҵаз алагала.
Аконференциа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс еиҿнакааит, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи, Москватәи аԥсуа диаспореи рыцхыраарала.

"Аԥсны ахада ихраҿа"

Аҽыбӷаҟазаратә спорт азы "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада ихраҿа" асабша, жьҭаара хәба азы Бзыԥтәи аипподром аҿы имҩаԥысит.
Аҽқәа дырыҩуан ф-дистанциак рҿы, еицлабуан – ахәымпал аршәра, аҽылатә шьапылампыл рҿы.
Ахәымпал аршәраҿы Риҵатәи Амилаҭтә реликттә парк аҟынтәи акоманда 11:4 ахәшьарала аиааира агеит, аҽышьампыл аҿы агәыԥ “Гагра” аиааира агеит 17:2 ҳәа.
Аԥсны актәи ахада Владислав Арӡынба иаԥхьахә азы 2000 метра аҩраҿы аиааира игеит аҽыбӷаҟаза Алим Батуев, аҽыҩ Натан.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа ихраҿаз аиааира агеит аҽыбӷаҟаза Алим Батуев иҽы Радеда.
Аҩбатәи аҳәынҭқарра ахада Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазку аԥхьахә аиуразы иаарту аицлабраҿы аиааира агеит аҽыбӷаҟаза Алим Батуев иҽы Даигон Кид.
Аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа рзы аҳамҭақәа рфонд иааидкыланы 2 миллионки 400 нызқь мааҭ ҟалеит.