Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны абанктә сектор 2023 шықәсазы аусура иалацәажәеит Аминистрцәа реилазаараҟны

© Foto / Кабинет Министров РААбхазский апсар презентовали на нумизматической ярмарке в Гонконге
Абхазский апсар презентовали на нумизматической ярмарке в Гонконге  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Амилаҭтә банк аиҳабы Беслан Бараҭелиа иажәақәа рыла, абанкқәа рфинанстә рзҩыдара иҵоуроу алҵшәақәа аадырԥшуа иалагеит. Хара имгакәа акредиттә еиҿкаарақәа рҟынтәи аофициалтә рбагақәа ркьыԥхьраны иҟоуп.
АҞӘА, ԥхынгәы 4 - Sputnik. 2023 шықәсазы Аԥсны абанктә сектор аусура иалацәажәеит Аминистрцәа реилазаараҟны аԥыза-министр Александр Анқәаб, ихаҭыԥуаа - аекономика аминистр Кристина Озган, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аԥсны Абанк аиҳабы Беслан Бараҭелиа ҳәа аанацҳаит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Бараҭелиа иажәақәа рыла, амилаҭтә ԥарашәаратә система АԤРА фымз рыҩнуҵҟатәи аикәыршара 13,97 миллиард мааҭ ыҟоуп. Ари уаанӡатәи, абри аамҭатә рбага иаҿырԥшны 15% рыла еиҳауп.
40% анапынҵадатә операциақәа мҩаԥган АԤРА аинфраструктурала (4,6 миллиард мааҭ). Аԥсуа хсаалагақәа рыла аоперациақәа ареспублика анҭыҵ имҩаԥган 2022 шықәсазы аасҭа 39% рыла еиҳаны (45 миллион мааҭ).
Бараҭелиа иара убасгьы иҳәеит аԥсуа аԥсарқәа Гонконг имҩаԥысуаз анумизматикатә иармаркаҿы рыӡбахә рылаҵәаны ишыҟаз. Иара иажәақәа рыла, аҭааҩцәа ирылшон аԥсуа банкнотақәа ҩбеи еиуеиԥшым аноминал змоу 50 хкы аԥараҿырпи аархәар шрылшоз.
Аԥсуа ԥарақәа ринтерес шьҭырхит 30 тәыла иреиҳаны рнумизматцәа. Аҭыԥ аҿы аахәара злымшаз абанк рҽадырҳәалоит аԥсарқәа онлаин ироурц.
Ажәабжьқәа зегьы
0