АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Ажәеинраалақәа реизга "Абрыскьыл иоуп рашьла инеиуа" аӡыргара мҩаԥысит Аԥснытәи амилаҭтә библиотекаҿы.
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу ишазгәеиҭаз ала, аизга аҭыҵра Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира агара 30 шықәса ахыҵра иадҳәалоуп.
"Ашәҟәы ахьӡ аагоуп Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иажәеинраалақәа руак ахьӡ аҟнытә. Иазгәаҭатәуп, аԥшьгара аныҟаҳҵа, ҳҩызцәа, ҳколлегацәа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа анапхгара ианрыдаагала, иаразнак ирыдыркылеит. Даргьы ҳаргьы ҳахьӡ ахны иҭҳажьит", — иҳәеит Абҳазоу.
Аизга еиднакылеит аԥсуа поетцәа Баграт Шьынқәба инаиркны иахьатәи аамҭа иаҵанакуа аԥҵаҩцәа рҟынӡа — иааидкыланы 43-ҩык арҿиаҩцәа.