https://sputnik-abkhazia.info/20241011/azheinraalaa-reizga-abryskyl-ioup-rashla-ineiua-ayrgara-maysit-aa-1052553509.html
Ажәеинраалақәа реизга "Абрыскьыл иоуп рашьла инеиуа" аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа
Ажәеинраалақәа реизга "Абрыскьыл иоуп рашьла инеиуа" аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Ажәеинраалақәа реизга "Абрыскьыл иоуп рашьла инеиуа" аӡыргара мҩаԥысит Аԥснытәи амилаҭтә библиотекаҿы. 11.10.2024, Sputnik Аҧсны
2024-10-11T16:21+0300
2024-10-11T16:21+0300
2024-10-11T16:21+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0a/0b/1052553594_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_14fc8f7623b816fdc6092b1b08e95231.jpg
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Ажәеинраалақәа реизга "Абрыскьыл иоуп рашьла инеиуа" аӡыргара мҩаԥысит Аԥснытәи амилаҭтә библиотекаҿы.Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу ишазгәеиҭаз ала, аизга аҭыҵра Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира агара 30 шықәса ахыҵра иадҳәалоуп."Ашәҟәы ахьӡ аагоуп Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иажәеинраалақәа руак ахьӡ аҟнытә. Иазгәаҭатәуп, аԥшьгара аныҟаҳҵа, ҳҩызцәа, ҳколлегацәа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа анапхгара ианрыдаагала, иаразнак ирыдыркылеит. Даргьы ҳаргьы ҳахьӡ ахны иҭҳажьит", — иҳәеит Абҳазоу.Аизга еиднакылеит аԥсуа поетцәа Баграт Шьынқәба инаиркны иахьатәи аамҭа иаҵанакуа аԥҵаҩцәа рҟынӡа — иааидкыланы 43-ҩык арҿиаҩцәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0a/0b/1052553594_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_4b5759e6beaba1500f880451ee4d8a67.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Ажәеинраалақәа реизга "Абрыскьыл иоуп рашьла инеиуа" аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Ажәеинраалақәа реизга "Абрыскьыл иоуп рашьла инеиуа" аӡыргара мҩаԥысит Аԥснытәи амилаҭтә библиотекаҿы.
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу ишазгәеиҭаз ала, аизга аҭыҵра Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира агара 30 шықәса ахыҵра иадҳәалоуп.
"Ашәҟәы ахьӡ аагоуп Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иажәеинраалақәа руак ахьӡ аҟнытә. Иазгәаҭатәуп, аԥшьгара аныҟаҳҵа, ҳҩызцәа, ҳколлегацәа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа анапхгара ианрыдаагала, иаразнак ирыдыркылеит. Даргьы ҳаргьы ҳахьӡ ахны иҭҳажьит", — иҳәеит Абҳазоу.
Аизга еиднакылеит аԥсуа поетцәа Баграт Шьынқәба инаиркны иахьатәи аамҭа иаҵанакуа аԥҵаҩцәа рҟынӡа — иааидкыланы 43-ҩык арҿиаҩцәа.