Аԥсны

"Абраскьыл иоуп рашьла инеиуа": ԥсра зқәым афырхаҵара иазку ашәҟәы аӡыргара

И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит аԥсуа-қырҭуатә еибашьра иалиааз ҳпоетцәа ражәеинраалақәа еидызкыло ашәҟәы "Абраскьыл иоуп рашьла инеиуа" аӡыргара атәы ҳадигалоит ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭаҿы.
Sputnik
Ҳажәлар ирхыргаз аԥсуа-қырҭуатә еибашьра ашьҭахь, аибашьра иазку, ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа еидкыланы шәҟәыкаҿ џьарак шамаха иҭымҵӡацызт. Акызаҵәык, аибашьра шааилгазҵәҟьа, 2005 шықәсазы Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа еидкыланы иҭижьит "Ахаҵарашәа" захьӡыз ашәҟәы. Уи ианын апоезиеи, апрозеи, апублицистикеи ржанрқәа ирыҵаркуаз аибашьра иазкыз ҳашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа. Уи иахьа уажәраанӡагьы здаҟам шәҟәуп, избанзар, ҳажәлар ргәырҩа шыԥхаз, иреиӷьӡаз ҳашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа адунеи рбеит.
Уажәы ҳазлацәажәо, ааигәаӡа зӡыргара ҳамаз ашәҟәы "Абраскьыл иоуп рашьла инеиуа" еиқәдыршәеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациеи ирылахәу ашәҟәыҩҩцәа Вахтанг Аԥҳазоуи, Енвер Ажьибеи, сареи. Араҟа иагәылоуп аԥсуа- қырҭуатә еибашьра анцоз зегьы иреиҳабыз ҳашәҟәыҩҩы Баграт Шьынқәба инаиркны фырхаҵарыла уаҟа иҭахаз ҳпоет ссир Саида Делԥҳа лҟынӡа. Ашҟәы аԥхьажәаҿы иаҳәоит:
"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993шш.) ашьҭахьгьы ҳашәҟәыҩҩцәа еиуеиԥшым ажанрқәа рҟны акыр аҩымҭақәа аԥырҵеит.
Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазкны Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациеи еилахәны зҭыжьра аԥшьгахаз аизга "Абраскьыл иоуп рашьла инеиуа" - еиднакылеит апоезиатә рҿиамҭақәа. Аибашьраангьы, уи ашьҭахьгьы ииуаз ажәеинраалақәа аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаҵанӡа инеиуан, иахьагьы аԥхьаҩцәа ҿыцбарах ирыдыркылоит.
Аԥсны
Аформа маҷқәа раамҭа: Алықьса Гогәуа иҩымҭақәа рҟны аибашьра атема шаарԥшу
Идыруп, аибашьреи, Аԥсадгьыл ахьчареи, аиааиреи ирыҵанакуа аҩымҭақәа шырацәоу, араҟа еидкылоу рыхәҭак ауп, аха уи алагьы аԥхьаҩ агәра инаргоит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа еснагь рыжәлар рхьаа шрыцеиҩыршо, ргәырӷьара ишалахәу…"
Абри ашәҟәы ссир хыс иамоу "Абраскьыл иоуп рашьла инеиуа" ацәаҳәа аагоуп Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба аԥсуа-қырҭуатә еибашьраан ииҩыз иажәеинраала аҟынтәи. Абраҟа иааҳгоит ашәҟәы аҵакы зегьы аазрыԥшуа ажәеинраала аҟынтәи хәҭак:
Афырхаҵа дҽыжәлеит ҳақла,
Иаԥхьа, ишьҭахь зегь лашоит.
Данҭыҵ ибоит: қыҭа, ҳабла,
Зегь еицгәырӷьоит, зегь шәаҳәоит.
Ажәҩан дналалт икеикеиуа,
Ҳадгьыл днықәлт деимдауа.
Абрыскьыл иоуп рашьла инеиуа,
Шәӡҩришь, ибжьоуп игауа:
"… Иашоуп, дақәӡит ҳаӷа иԥсымҭәра,
Ҳадгьыл акәхеит иуахҭа.
Аԥсны иагеит ахақәиҭра,
Сҿазҳәо дзыҟалом уажәшьҭа!"
Ашәҟәы аӡыргара аартуа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу иазгәеиҭеит:

"Ашәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы рҩнқәа рҳәын, иблын, ибжьаӡит акьыԥхь зымбацыз рҩымҭақәа. Аибашьра ашьҭахь, ргәы иҵхоз шырацәазгьы, ахныҟәгара шырцәыцәгьазгьы, ашәҟәыҩҩцәа рус ԥшьа нарыгӡалар акәын. Уи ҳазшаз иҟнытә раҿа ианиҵаз уалԥшьан. Убас, маҷ-маҷ рхьышьҭра иқәлон ашәҟәыҩҩцәа, ҩаԥхьа аҩымҭа ҿыцқәа раԥҵара иазыхынҳәуан…"

Аӡыргараҿы иқәгылеит абиблиотека аусзуҩцәа, аҵаҩцәа, зыҷкәынцәа ҭахаз анацәа, зыԥсҭазаара иалҵхьоу ҳпоетцәа рҭынхацәа, иара убасгьы, ашәҟәы зажәеинраалақәа ану ҳпоетцәа ирыԥхьеит уаҟа икьыԥхьу ражәеинраалақәа акака. Ашәҟәы иану, аха урҭ зҩыз, зыԥсҭазаара иалҵхьоу ҳпоетцәагьы ражәеинраалақәа бжьармыжьӡеит, ирыԥхьон ҳпоетцәа реиԥш, аҵаҩцәагьы.
Даара аинтерес ду аҵалеит апоетцәа рықәгыларақәа рыбжьара видиола рырбара ахьеиҿкаахаз аибашьра аан иаԥҵаз ашәақәа.
Абри ашәҟәы ссир аӡыргара иазкыз ахәылԥаз аҿы иқәгылеит ҳпоетцәа: Вахтанг Аԥҳазоу, Геннади Аламиа, Владимир Занҭариа, Екатерина Бебиаԥҳа, Гәында Сақаниаԥҳа, Заира Ҭҳаиҵыкәԥҳа, Дырмит Габалиа, Иван Миқаа.
Азалаҿ итәаз, зхыԥхьаӡара рацәаз ҳаԥхьаҩцәа даара агәахәара ду роуит аԥсуа-қырҭуатә еибашьра иазку иреиӷьӡоу ажәеинраалақәа иахьрыԥхьоз дара аԥызҵаз авторцәа, апоетцәа.
Аԥсны
Забацәа рӡыхь абжьы заҳаз: Ҳаири Қәҭарба ироман "Сыхдырҵәеит, сыхҵәараххеит…" аӡыргара
Абри ахәылԥаз азы сара хаз ҷыдала изҩит, иӡыраагоз ашәҟәы аҟынтәи ԥсра- ӡра рықәмкәа ҳажәлар рҿы иаанхаз, ашәа ссирқәа злыҵыз ажәеинраалақәа хәҭак ирызку астатиа. Убри астатиеи, насгьы аибашьра аан изҩыз ажәеинраала, ашәаҳәаҩ Анатоли Алҭеиба ашәа злихыз, аҭабиақәа рҿы акырџьара ииҳәахьаз "Ухы лахароуп" абраҟа ишәыдызгалоит:
"Ҳџьынџьтәылатә еибашьра иазкны ҳаԥсуа поезиа макьанагьы аҿахәы нагӡаны иазымҳәаӡацт. Аибашьра аани, аибашьра ашьҭахьи ииз апоезиатә рҿиамҭақәа маҷуп ҳазҳәаӡом, сахьаркыралагьы рхәы ҭарыжьӡом, насгьы ҳажәлар реиҳа ианырҭахыз, ргәы анышьҭыхтәыз иит дара еиҳарак. Иуҳәар ауеит, аибашьра атема шыԥхаз, "ишшыз" ашәақәа рылырхит ҳәа.
Хашҭшьа амоума апоет Рушьбеи Смыр иажәеинраала "Аԥсны". Уи уамакала ашәа ссир алихит ашәаҳәаҩ Анатоли Алҭеиба.
Ишәгәаласыршәоит раԥхьатәи ацәаҳәақәа:
Акырынтә, акыр, уара ахҭыԥ уагахьеит,
Акырынтә, акыр, уара убас урбылхьеит,
Аха укәа инҭаҷҷахуан еҵәак мцаха,
Уеиха, сызкәыхшаша, Аԥсны, абааԥс, уеиха!
Мамзаргьы, иаагап апоет Лиолиа Тәанԥҳа лажәеинраала "Аиааира". Уи ԥсра зқәым афырхаҵаратә ашәа алырхит ҳкомпозиторцәа дуқәа Кәасҭа Ченгелиеи Тото Аџьапуеи:
Мамзышьха, Мамзышьха,
Ҳбаагәара, ҳдоуҳа.
Дықәаҳҵоит дԥыххаа,
Уа уҵаҟа аӷа!
Ишиз еиԥшҵәҟьа, нас иашәахаз арҭ ажәеинраалақәа ҳажәлар еицырҳәо иалагахьан Аԥсны амца анакыз, аибашьра бааԥсӡа ианалагылаз, иԥсыда-инхада анырҳәоз, убри азы акәзар ҟалап, игәышьҭыхган, ахаан ԥсра рықәымкәа изаанхазгьы.
Урҭ рышьҭахь иит Баграт ду ицәаҳәақәа:
Сыԥсадгьыл, угәынқьыбжьы саҳауеит,
Ҭынч сызлацәарызеи?..
Рыԥсы ухҭнырҵоит, уҵеицәа еибашьуеит,
Сызхәарҭахарызеи?..
Аибашьра ашыкьымҭаз, Аҟәа зыԥсы зманы иалҵыз, аибашьра иазку хәы-змаӡам амшынҵақәа ҳзынзыжьыз, игоит апоет Сарион Ҭаркьыл ибжьы… Убри ажәеинраалагьы хара имгакәа ашәаны ирҳәоит еиҵагыло аҿар:
Аԥсны аҵеицәа, Аԥсны аҵеицәа,
Аԥсны зықәгәыӷуа шәара шәоуп!..
Шәаамҭа ааит, шәгыл аӷьеиҩцәа,
Шәаамҭа ааит, уи уажәоуп!..
Убас, ишиашоу зажәеинраала ашәа хазына алҵыз ҳпоетцәа бзиақәа дреиуоуп Терент Ҷаниа. Аибашьра шааилгазҵәҟьа, 1994 шықәсазы иҩыз ажәеинраала "Аԥсназы ашәа" алагамҭа абас иҟоуп:
Амра ҿыц гылеит Аԥсынтәыла,
Ҳашьхақәа рымҵан ныҳәоуп ара.
Ҳашәақәа ҿыцуп, ҳҿыцуп зегьрыла,
Ҿыцӡан ицәырҵит иахьа Аԥсынра!..
Аԥсны
Шьазина Џьапуаԥҳа аибашьраантәи лымшынҵақәа ӡырган
Хашҭшьа амоума, аибашьра алагара мышқәак шыбжьаз, 1992 шықәсазы ииз Таиф Аџьба иажәеинраала "Аԥсуашәа" иалҵыз ашәа гәыҭшьаага-гәышьҭыхга:
Уа радари, радагәышьа,
Иаҳхаагахьоу шәарҭагәышьоуп.
Иаҳхаагахьоу ҳашьҭагәышьам,
Аринахыс ҳшаҭагәышьа!..
Ари ажәеинраала иунарбоит апоет шаҟа иааигәаӡаны ибоз уажәы-уашьҭан Аԥсны аибашьра хлымӡаах ишалагоз, ааи, апоет аибашьра иалагаанӡагьы уи агәеисыбжь инырхьан.
Сара абра зыӡбахә сҳәаз, аибашьра анцози ианеилгеи ииз, ҳкомпазиторцәа ашәақәа злырхыз, абри ашәҟәы иану ажәеинраалақәа рҟынтәи гәыԥк роуп. Егьыс, сахьаркырала иаҳраку, ҳпоезиа ихьыршәыгәны иагәылоу ажәеинраалақәа рацәоуп, урҭ хымԥада рыӡбахә ҳәалатәуп, иҩлатәуп, ҳҿар ирызнагалатәуп. Ҿыӷәӷәала исҳәар сылшоит абри ашәҟәы ишагәылоу макьана ҳкомпозиторцәа згәаҭара иахьымӡац, рылаԥш иҵамшәац ажәеинраалақәа. Шаҟа игәыҭшьаагақәоузеи, шаҟа аҿҿаҳәа урбылуазеи, зыҷкәынцәа уи амцашыра иалагылаз, рыԥсадгьыл шырыхьчоз хаҵарыла иҭахаз Борис Гәыргәылиеи Витали Амаршьани ражәеинраалақәа, макьанагьы ахәышҭаара иҽҳәоу акәасҭха иаҩызоуп, амцаԥшь рхылдыдуеит апоет Саида Делԥҳа лцәаҳәақәа, ухәы-ужьы дыргылоит аибашьра иалагылаз апоет Енвер Ажьиба иажәеинраалақәа. Урҭи, абра итәои, абра итәамгьы, ҳпоетцәа ражәеинраалақәа хымԥада ҳажәлар рҿы иаанхоит рфырхаҵареи, ргәымшәараеи, рыԥсадгьыл ахь ирымоу агәбылреи, абзиабареи ирсимволны".

Ухы лахароуп

Ашәа
Китовани уитәу,
Иоселиани уитәу,
Шеварднаӡе уитәу,
Са исыздыруам.
Ԥхьаҟа баша уеихоит,
Ҳара ухы лаҳархоит,
Гәымсҭа уҭаҳархоит,
Арахь узыруам!
Зны аҩы уадыршьит,
Зных ухы наршьышьит,
Нас втоматк наудыркит,
"Қырҭтәыла ухьчароуп!".
Уа ухаҭа ухьчатәуп,
Уа ухаҭа убатәуп,
Ушьа наркотикла иҭәуп,
Аха уцалароуп!
Иарбан дгьылу узышьҭоу,
Иарбан хысроу узмаҭәоу,
Аха иуҳәар угәы иҭоу,
Алеиԥш уршьуазар!
Тәымк иџьыба уҭаҳәып,
Аҟәа аԥсуак дурҳәып,
Нас уҩныҟа ухынҳәып,
Узцауазар…
Аха иудыруаз уажәшьҭа,
Абра инҵәоит ууахҭа,
Абра иҭашәоит улакҭа,
Ахы цаҳә-цаҳәуа!
Зыжәҩа ҭҟьаз дыбӷьаауа,
Зыхшыҩ ҭҟьазгьы даауа,
"Ари Қырҭтәылоуп!" дҵәаауа,
Иҟалом дхьаҳәуа.
Уажәшьҭа учеит узхара,
Уажәшьҭа иуфеит узгара,
Уажәшьҭа иԥсроума уԥсра,
Аԥсны цқьахароуп.
Китованигь уитәыз,
Иоселианигь уитәыз,
Шеварднаӡегь уитәыз,
Ухы лахароуп!