Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аформа маҷқәа раамҭа: Алықьса Гогәуа иҩымҭақәа рҟны аибашьра атема шаарԥшу

© Foto / предоставил Дмитрий Габелиа Алексей Гогуа
Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2022
Анапаҵаҩра
Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа изку анҵамҭақәа рцикл хыркәшо, иахьа ишәыдаагалоит иҩымҭақәа рҟны аибашьра атема шаарԥшу Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ланҵамҭа.
Ари абжьарак ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа иҩымҭақәа срылоуп. Сынтәа иазгәаиҭо 90 шықәса ихыҵра аиубилеи инадҳәаланы, аԥхьаҩ лаҳасабала Sputnik Аԥсны асаит аҭааҩцәа схәыцрақәа шәыдызгаларц сҭахуп.
Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2022
Аԥсны
"Иаиааиз ареволиуциа диктатурахоит": Алықьса Гогәуа ипублицистика иазкны
Аԥхьаҩцәа шәхаҵкы, иахьа сыззааҭгыло аибашьра ашьҭахь хаз шәҟәны иҭыҵыз, ашәҟәыҩҩы ииҩышаз аниҩхьаз ҳәа ззырҳәо ақәра даназааигәаз ирҿиаз ауп. Ароман "Ашыцра" хаз шәҟәны иҭыҵит ашәҟәыҩҩы 80 шықәса ашәхымс данылагылаз, ахаҭа иҩит ажьырныҳәеи мшаԥымзеи рыбжьара 2011 шықәсазы.
"Ашыцра" захьӡу ароман маҷ, иаанарԥшуеит Алықьса Гогәуа ашәҟәыҩҩы иаҳасабала ақәра ԥықәслара дук шинамҭаз. Иаҳхаҳгаз шықәсык инацны ицоз аибашьра ашьҭахь, ашәҟәыҩҩы инапы иҵыҵыз аҩымҭақәа рӷьырак гәыцәны ирылсуеит аибашьра атема. Гогәуа иҩымҭақәа аибашьра адәаҿтәи ахҭысқәа мацара ирзикуам. Иара ишиҟазшьоу еиԥш, иааирԥшуеит сҳәар ауеит - аибашьра ауаатәыҩса рыԥсихологиа шаԥсахыз, уи акыр ишаанарҳәыз наџьнатәаахыс иааҳгоз атрадициа бзиақәа.

Ажәакала, ашәҟәыҩҩы хыхь-хыхьла акәымкәа, ацәгьеи абзиеи еиҿыбааны аԥхьаҩцәа иҳадигалоит акыр ҳзырхәыцша асиужетқәа. Избан ароман маҷ ҳәа зазысҳәо "Ашыцра"? Избанзар, аибашьра ҟалаанӡа иҩхьаз егьырҭ аепикатә рҿиамҭақәа ҿыгҳарыла идузар, аибашьра ашьҭахь адунеи збаз "Ашыцра" (аҩра даҿын иара убас "Аҭынчра апроспект" захьӡу ароман, макьана хаз шәҟәны иҭымҵыц) ҿыгҳарыла идуум, ароман ҳәа ҳазҿу ажанр иашьашәалазаргьы. Ипублицистика ҳагәылаԥшыр игәаҳҭоит, иахьа ашәҟәыԥхьара аамҭа аԥсасира дшазхәыцуа, убри аҟынтә "аформа маҷ", "идуцәам аповест" уҳәа еиҳа хшыҩзышьҭра шриҭо. Убри адагьы, ашәҟыҩҩы иҳәоит "иҩуа имч анишәалак, данҿаз иҟаиҵоз, дзыхьӡоз зегьы дахьӡаӡом" ҳәа. Абраҟа автор имаскырц сылшоит, ашәҟәыҩҩреи ақәреи еивгара дук шрымам, иара идкыланы иаҳҳәозар.

Сызлацәажәо ароман иазыԥҵәоу адаҟьақәа рацәам, повест бзиак иаҟароуп, аха иаарԥшу аҭоурыхи, уи иагәылгоу аразҟқәеи рыла ароман иеиҩаӡоит. Данқәыԥшыз, ма данеиҳазгьы иаԥиҵоз ароманқәа иреицәамкәа, аԥхьаҩ лаҳасабала сардысит ари асиужет сҳәар ауеит. Афилолог Дифа Габниаԥҳа ажурнал "Алашара" (№1, 2021 ш.) аҿы илкьыԥхьыз "Иахьатәи аԥсуа литература аҭагылазаашьа" захьӡу лыстатиаҿы "Ашыцра" алылкаауеит зеиӷьыҟам романны. "Ашәҟәыҩҩы ишиҟазшьоу еиԥш, ари ароман аҟны иаарԥшуп зразҟы зцымныҟәаз афырхацәа", - лҳәоит лара. "Ашыцра" асиужет ҩ-еибашьрак ирҭарыгӡо аамҭа ҳнарбоит (1941-45 шш., 1992-1993 шш.). Афырхаҵа хада, Аџьынтәылатәи аибашьра ду анцоз ихбыџыз, урҭ ахҭысқәа ирыҵаркуа аԥсҭазаара ибзианы изгәалашәо, иара убас, ҳара ҳаибашьра аамҭазы зуаҩыбжара иҭысхьаз Иона иоуп.
Автор ироман ҩ-аамҭакы ирыбжьеикуазаргьы, дызхаану раԥхьатәи аибашьра ауп аиҳарак зызку, ҳаамҭазтәи аибашьра еилгеижьҭеи ҩышықәса анҵыз ахҭысқәа рыла ироман далагозаргьы. "Урҭ реиҳарак, (агаражқәа Е. К) иахьаҭыԥмыз, аԥҟаррақәа еилаганы идыргылақәаз ракәын. Инеибеиԥшны, ижьакцахьаз, еиҭажьакцахьаз аҭанақьы жәпа абӷьыцқәа еиларҭәашәа ирылхын", - абас иаарԥшуп 30 шықәса раԥхьа ҳаҳҭны қалақь асахьа. Иона аамҭак иҳацану уаҩызаргьы, зегь акоуп, хәыцрала ииасыз аамҭа дадҳәалоуп, уи ауп иара еиҳа идеалтәны иибогьы: "Ихалаҵәҟьа данаанхалак, мҩакы данықәызгьы, игәалашәарақәа рахь дцон, уажәы ихы ақәкны дахьцоз акәымкәа, уахь, ииасхьоу ахь амҩа дықәушәа, ахынҳәра алшошәа". Автор, аибашьра иашьаҟьаз атрадициақәа аарԥшуа иҳаиҳәоит - Иона иԥа аибашьра аветеран ачахә арҳаразы Урыстәылаҟа дышцаз, иаб иџьынџьгьы иахьа иҭыкка ишгылоу ҳирдыруеит. Гогәуа ироман маҷ аҿы, ауаа рынхашьа, рхәыцшьа, рсоциалтә уадаҩрақәа раарԥшра анҩсангьы, егьырҭ ирҿиамҭакәа рӷьырак рҿеиԥш, цәаҳәа хаданы "Ашыцра" иалиго Габниаԥҳа ишылҳәаз еиԥш – абзиабара атемоуп.
Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2022
Аԥсны
Апроза иныҟәнаго апоезиа: аԥсуа литература аклассик Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵит
Иашаҵәҟьаны ароман ахи аҵыхәеи еибаркны измоу абзаиабара ауп. Аҩымҭа аӷьырак афырхаҵа хада данхәыҷыз бзиа иибаз, иаҵкыс акыр қәрала еиҳаз аԥҳәыс лҭоурых иазкуп. Аамҭа рацәа цазаргьы, ихәыҷра ашықәсқәа рзы ихьысыз илашоу абзиабара иахьанӡа даанагон Иона. Акыр аамаҭа иимбацыз, ашкол данҭаз ихәыцрақәа зызкыз Ната лшәаџьҳәа лԥа ила ианиаҳа: "лыԥсаҭа бзиахааит!.. - иҳәеит, еснагь урҭқәа раан ишырҳәо еиԥш, игәы шаҟа инархьыз атәы анмырԥшкәа"...
Гогәуа ироман аҿы анамыси аиашареи реиҿагылара, ацәгьаҳәара, ацәыхацәыфара ауаатәҩыса еснагь рдунеи ишалаз аарԥшуа, абзиабара ауаҩы доуҳала заҟа дарбеио еиҳа иалкааны иҳадигалоит: "Аԥсра шырацәахозгьы, аирагьы шыҟац иҟан, еиҳа имаҷзаргьы абзиабарагь – аԥсҭазаара абас имҩасуан ашьа ахьшы ишыҟазгьы". Еснагь еиԥш, иара уажәгьы, Гогәуа иҩымҭақәа анаасыртуа сазхәыцуеит, иабеиԥшаауеи абас аҵанӡа угәы зхәуа асиужетқәа, алахьынҵақәа ҳәа. Ашәҟәыҩҩы ҳара ҳаасҭа ибла ҵарызар, иҳазгәамҭо, аха ҳазлагылоу адунеи даҽа ланарԥшыгак ала дахәаԥшуазар?!.
Презентация книги Алексея Гогуа. Ас ду - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2022
Аԥсны
Ҵәҩан заҵәык аанда узалашшуам: Гогәуа иҩымҭақәа рыла алитератураҭҵаареи акритикеи
Автор иакәзар, иинтервиу аҿы иҳәоит: "Ҳәарада, аҟазара, асахьаркыратә литературагьы налаҵан, иԥсҭазаара хаҭаӡам, аԥсабара, аԥсҭазаара иадкылан, аԥсҭазаара иеиԥшу аҽакы аԥҵара, аԥсҭазаара аҽа шәагак азыҟаҵара ауп. Урҭ рыбжьара дгылоуп ауаҩы, аҟаза". Хаҭашьала ифилософу ашәҟәыҩҩы иааирԥшуа ҳаԥсҭазаара иахкьыԥхьлам, араҟа ахәыцреи аҟазареи реилаӡҩара аус ауеит ҳәа сыҟоуп. "Ашыцра" инахароу ԥсыуа қыҭоуп изҵазкуа. Иона игәалаиршәо ажәытә хҭысқәагьы ркультура еиҳа ихыркын, аха ицоз аибашьра ду атыл аҿы амаҵ азызуаз ауаа нагақәа реиԥш, адезертирцәагьы, ацәгьаҳәаҩцәагьы алахәын. Урҭ реиҿагыларақәа атрагедиахь ианкылыргоз ыҟан. Иаҳҳәап, Иона бзиа иибоз аԥҳәыс (зхаҵа афронт ахьтә дыхнымҳәыз) илыдибалаз, ақыҭаҿы ҳаҭыр зқәыз Бектор, адезертир Самԥал инапала иҭахара. Иона ихәыцрақәа рӷьырак, ихәыҷраахыс дзыргәаҭеиуаз абзиабара иазкын. Лара Ната – Тата – Хыџьгәа ҳәа х-хьӡык змаз, зқьышәқәа "еснагь акраамҭа ирыгәӡуашәа" ихыцәаакӡа иҟаз, лышҟа изцәырҵыз абзиабара уажәшьҭа иқәра шмаҷымгьы, ԥсыԥлагаҩагас ишимаз иаанхеит.
Гогәуа аинтимтә ҟазшьа змоу аҭагылазаашьақәа, араҟа уаҩы иааџьеишьаратәы исахьарку ажәала иааирԥшуеит. Иона игәалаиршәоит, лара раԥхьаҵәҟьа рыҩны данааиз инаркны "иԥхашьара дшамҵасуаз", илахәмарра бзиа ишылбоз: "Лнапгьы, изыздәықәылҵаз убас иақәшәеит, аԥырӷы лкызшәа, иаразнак арахь даахеит. Маҷк дагьаацәыԥхашьеит, деикәаԥхогьы дааҟалазшәа ибеит". Иона изы ари раԥхьатәи абзиабара акәызҭгьы, лара Ната лзы хәмарран, аҷқәын ихаҵара азхәыцха дахьӡаанӡа заа игәиҽанҵара иазкыз ҭагылазаашьан.
Презентация книги Алексея Гогуа Ас ду - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2022
Аԥсны
Амацәыс агьама зхьысыз…
Алықьса Гогәуа егьырҭ иҩымҭақәа рҿы аҵкыс акыр иаахтны, аха сахьаркыратә "хаҳәҵәаҳәла" еиқәыршәаны иааирԥшуеит аеротикатә ҟазшьа змоу – ашыцра агәаны Татеи Бектори реиниара. Ас иҟоу асахьақәа аԥсуа литература иацәмаҷуп, абзиабара атема аазырԥшуа ашәҟәыҩҩцәа шыҟазгьы. Гогәуа ихаҭагьы, еиҳа ихырԥшӡааны акәын ари атема шааирԥшуаз уаанӡа: "аҭаҭын лҩа агьама змаз иԥаҵа иналакны дааигәӡит" (Амацәыс агьама), мамзаргьы "Раԥхьатәи агәӡра! Насыԥ имоуп уи згәалашәартә, ахааназ зқьышә иқәхартә иақәшәаз. Анасыԥ ҳәанҳәах акәымкәа, абзиабара цқьа иахылҵыз" (Аҽыкәаҳа).
Ашәҟәыҩҩы "Ашыцра" аҟны акыр иҽиҟьеит ахаҵеи аԥҳәыси рымаӡақәа раарԥшраҿы. Ас еиԥш иҟоу асиужетқәа рылацәажәааран акыр ихадоуп исахьарку ажәа, аԥхьаҩ аестетикатә гәазыҳәара изыннажьразы. Автор ҟазарала урҭқәа илиршеит ашыцраҿы Иона хәыҷы ибла иабаз асахьақәа рыла: " Ӷәиҵи-быжьқәак илымҳа иааҭасын даагылт. Дааӡырҩит. Аиашаз быжьқәак ааҩуан. Урҭ зназы мыцхәы еиҵыху ақәыԥсычҳара еиԥшызшәа иҟан, аха нас ақьра еиҳа еиԥшхеит"; "ашыц дуқәа, зымахәқәа, збыӷьра ҳаракыз дрыбжьыԥшны ибеит ицо-иаауа Бектор ихиҿы"; "ашыц-шьапқәа ирыбжьыԥшуан ицәырҟьа-цәырасуа ихәамц. Уи иааҟәымҵӡакәа ицо иаауа иҟанаҵоз аилкаара уадаҩын…".
Алексей Гогуа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2022
Аԥсны
Ажәлар рзы ихьӡырҳәагахаз: Алықьса Гогәуа иҿцәажәара
Абас иҟан Иона хәыҷы ашыцраҿы еидибалаз аизыҟазаашьақәа рцәаҩа. Араҟа ихадоу, уи автор еиҭеиҳәоит хәыҷтәы блала, хәыҷтәы ныррала. "Ашыцра" иадҳәалоу аҭоурыхқәа ихьаауго зҵаарақәоуп, ус акәзаргьы, абзиабара иазхьуа ауаа ирхаҿроу Иона дахьаҳбо ԥхаррак ҳзыннажьуеит ароман…. Ҩ-еибашьрак иргәыларкуа аҭоурыхқәа рҿы, нагӡара змауз абзиабароуп иаараԥшу. Иона зшәаџьҳәа иаҳаз Тата лҵәыуара дцаразы иалихыз амҩа шынаигӡазгьы, дара рҭоурыхқәа ахьыҿиоз ақыҭаҿы днаӡазаргьы – зегь акоуп лара дызҭаз аҭоубыҭ ахагылара изымгәаӷьит – "дандәықәлозгьы аԥсыжранӡа дшымнаӡоз аҟара гәҩарас иман". Избанзар, Иона уи лыԥсра агәра игар иҭахымызт, макьанагьы адунеи иану хаҿсахьаны длызхәыцларц. Габниаԥҳа ишылҳәаз еиԥш – "аҩымҭа ахаҭа трагедиала ишхыркәшогьы, аԥхьаҩ изыннажьуеит ԥхаррак", игәы хьухьууа аԥсҭазаара аҵакы дазнархәыцуа иаиркуеит ашәҟәы адаҟьақәа…
Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2020
... Сара исҭаху иара иаздыруам, иара иаҭаху сара исыздыруам – Алықьса Гогәуа
Гәыԥ ақыҭа, Аџьамԥазра аҳаблаҿы ииз арҿиаҩы жәеинраалалоуп ашәҟәыҩҩра адунеи дшаланагалаз. "Ашьхақәа зымҵысуа игылан, Сабиҵас уара ургәыдкылан", "Ҳара иаадыруеит уи агәаҟратәы закәу, ҳара иаадыруеит уи амца шаҟа ишу!" - реиԥш иҟоу ацәаҳәақәа анаҩс уи ироманқәа рҿы иаҳԥылоит. Уи 1955 шықәса раахыс, еиԥмырҟьаӡақәа апоезиа зцәа ахаҳкаауа апроза инапы алакуп. "Арҿиаратә баҩхатәра ауаҩы ицәа, ишьа-ида, игенқәа ирылан ициуеит", - ҳаԥхьоит ашәҟәыҩҩы ихәыцрақәа раук аҿы.
Хымԥада, Анцәа иҟынтәи, шьҭралеи иаауа аҟазара иаҭахуп ахаџьадбалара. Абарҭ зегь еицызар ҟалап зиубилеи азгәазҭо арҿиаҩы иԥсабараҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0