https://sputnik-abkhazia.info/20231019/shazina-apuaa-aibashraanti-lymshynaa-yrgan-1048692986.html
Шьазина Џьапуаԥҳа аибашьраантәи лымшынҵақәа ӡырган
Шьазина Џьапуаԥҳа аибашьраантәи лымшынҵақәа ӡырган
Sputnik Аҧсны
Леон иорден занашьоу Шьазина Џьапуаԥҳа лымшынҵақәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьар иазкуп. Автор анҵамҭақәа ҟалҵон аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны. 19.10.2023, Sputnik Аҧсны
2023-10-19T19:10+0300
2023-10-19T19:10+0300
2023-10-19T19:10+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0a/13/1048690716_0:200:2930:1848_1920x0_80_0_0_c84569961050a97b1b283ccf238f1a40.jpg
АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Леон иорден занашьоу Шьазина Џьапуаԥҳа лымшынҵақәа ӡырган Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны жьҭаара 19 рзы. Асанинструктор Шьазина Џьапуаԥҳа лымшынҵақәа рыҩра далагеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьар раԥхьатәи амшқәа инадыркны. Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба иазгәеиҭеит, автор акраамҭа мап шацәылкуаз арҭ анҵамҭақәа ркьыԥхьра, 30 шықәса рышьҭахь дшақәшаҳаҭхаз. Аҵарауаҩ Аслан Аҩӡба иазгәеиҭеит Шьазина Џьапуаԥҳа ланҵамҭақәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых азы аҵак дуӡӡа шрымоу. "Ашәҟәы иунарбоит автор дызнысыз амҩа адагьы аибашьра аҵакы, аԥсуа жәлар рхықәкы. Автор лассы-лассы иқәлыргылоит азҵаара: ҳзеиԥшрахарызеишь ашықәсқәа анымҩаслак? Аиааира ҳзаазгаз ауаа усҟангьы атәылеи ажәлари ԥхьаҟатәи рԥеиԥш иазхәыцуан. Иахьа, аибашьра еилгеижьҭеи 30 шықәса ҵуеит, ҳара ҳазхәыцуазароуп аҽа 30 шықәса рышьҭахь ҳажәлари ҳтәылеи шԥаҟаларишь ҳәа. Убри азы иаадыруазароуп иаҳхаагахьоу ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ҳоурц азы. Иахьатәи амш ииасхьоуи иҟалашеи цҳаны ирыбжьоуп. Иахьа зых иақәиҭу атәылаҿ анхара алзыршаз ауаагьы хашҭра рықәымзароуп", - ҳәа иҳәеит иара. Аԥсны Афырхаҵа Баҭал Кобахьиа автор ҭабуп ҳәа леиҳәеит аибашьра иазку шәҟәқәак реиԥш арҳауҳаура ахьаҵам. "30 шықәса рыҩнуҵҟа имаҷӡам аибашьра иазкны ирыҩхьоу, иҭрыжьхьоу. Иҟоуп сзыԥхьаз, иҟоуп ус еихсыршәшәаз. Аиҳарак урҭ ахҭысқәа сахьынӡарылыхәыз сныруа сҟазҵоз маҷын. Сара ари зҵакы дуу шәҟәны исыԥхьаӡоит, сгәы иаанагоит аурысшәахьгьы еиҭагатәуп ҳәа. Асеиԥш иҟоу ашәҟәқәа аибашьра зеиԥшраҵәҟьаз аадырԥшуеит. Иҭабуп бгәалашәарақәа рзы", - ҳәа иҳәеит иара. Аӡыргараҿы ицәырган Аԥсны Афырхаҵа Ҭали Џьапуаԥҳа лымшынҵа "Еибашьран" ("Шла война" - прим.). Ашәҟәқәа рыҩбагьы Аԥсуаҭҵааратә институт иҭнажьит 300 цыра ыҟоуп.Аиҳәшьцәа Шьазинеи Ҭалии Џьапуаԥҳацәа Аԥсны Атәылахьчара аминистр ихьӡала иранашьан "Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира 30 шықәса" амедалқәа.
https://sputnik-abkhazia.info/20230929/akhy-iaagylaz-aishtsa-alii-shazinei-apuaatsa-reibashra-aourykh-1048316523.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0a/13/1048690716_101:0:2830:2047_1920x0_80_0_0_35f1e0028cb60994a84a1dd464d23257.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Шьазина Џьапуаԥҳа аибашьраантәи лымшынҵақәа ӡырган
Леон иорден занашьоу Шьазина Џьапуаԥҳа лымшынҵақәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьар иазкуп. Автор анҵамҭақәа ҟалҵон аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны.
АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Леон иорден занашьоу Шьазина Џьапуаԥҳа лымшынҵақәа ӡырган Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны жьҭаара 19 рзы.
Асанинструктор Шьазина Џьапуаԥҳа лымшынҵақәа рыҩра далагеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьар раԥхьатәи амшқәа инадыркны.
Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба иазгәеиҭеит, автор акраамҭа мап шацәылкуаз арҭ анҵамҭақәа ркьыԥхьра, 30 шықәса рышьҭахь дшақәшаҳаҭхаз.
"Шьазина Џьапуаԥҳа амшынҵақәа ҟалҵон ашәҟәы алылхырц акәымкәа, илывагылаз, ацхыраара зылҭоз ргәалашәара лмырӡырц. Анҵамҭақәа илымԥыхьашәоз ақьаадқәа ирнылҵон. Агәра ганы сыҟоуп ашәҟәы иаԥхьо дарбанзаалак ишеиликаауа автор илхылгаз", - ҳәа иҳәеит Ашәба.
Аҵарауаҩ Аслан Аҩӡба иазгәеиҭеит Шьазина Џьапуаԥҳа ланҵамҭақәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых азы аҵак дуӡӡа шрымоу.
"Ашәҟәы иунарбоит автор дызнысыз амҩа адагьы аибашьра аҵакы, аԥсуа жәлар рхықәкы. Автор лассы-лассы иқәлыргылоит азҵаара: ҳзеиԥшрахарызеишь ашықәсқәа анымҩаслак? Аиааира ҳзаазгаз ауаа усҟангьы атәылеи ажәлари ԥхьаҟатәи рԥеиԥш иазхәыцуан. Иахьа, аибашьра еилгеижьҭеи 30 шықәса ҵуеит, ҳара ҳазхәыцуазароуп аҽа 30 шықәса рышьҭахь ҳажәлари ҳтәылеи шԥаҟаларишь ҳәа. Убри азы иаадыруазароуп иаҳхаагахьоу ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ҳоурц азы. Иахьатәи амш ииасхьоуи иҟалашеи цҳаны ирыбжьоуп. Иахьа зых иақәиҭу атәылаҿ анхара алзыршаз ауаагьы хашҭра рықәымзароуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны Афырхаҵа Баҭал Кобахьиа автор ҭабуп ҳәа леиҳәеит аибашьра иазку шәҟәқәак реиԥш арҳауҳаура ахьаҵам.
"30 шықәса рыҩнуҵҟа имаҷӡам аибашьра иазкны ирыҩхьоу, иҭрыжьхьоу. Иҟоуп сзыԥхьаз, иҟоуп ус еихсыршәшәаз. Аиҳарак урҭ ахҭысқәа сахьынӡарылыхәыз сныруа сҟазҵоз маҷын. Сара ари зҵакы дуу шәҟәны исыԥхьаӡоит, сгәы иаанагоит аурысшәахьгьы еиҭагатәуп ҳәа. Асеиԥш иҟоу ашәҟәқәа аибашьра зеиԥшраҵәҟьаз аадырԥшуеит. Иҭабуп бгәалашәарақәа рзы", - ҳәа иҳәеит иара.
Аӡыргараҿы ицәырган Аԥсны Афырхаҵа Ҭали Џьапуаԥҳа лымшынҵа "Еибашьран" ("Шла война" - прим.).
Ашәҟәқәа рыҩбагьы Аԥсуаҭҵааратә институт иҭнажьит 300 цыра ыҟоуп.
Аиҳәшьцәа Шьазинеи Ҭалии Џьапуаԥҳацәа Аԥсны Атәылахьчара аминистр ихьӡала иранашьан "Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира 30 шықәса" амедалқәа.