Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Баслаҭа ақыҭа аӡымҩангагақәа рышьҭаҵара иалагоит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Баслаҭа, Ӡыгәҭа, Кьалашәыр аӡымҩангаразы апроект аҩбатәи ахәҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны Баслаҭа ақыҭа аӡымҩангагақәа рышьҭаҵара иалагоит. Абри атәы аанацҳауеит Аҟәа араион ахадара апресс-маҵзура.
Акоммуникациа ҿыцқәа шьҭаҵахоит ф-километрак инареиҳаны. Уи иабзоураны Ҷанба имҩаду аҿы инхо ауааԥсыра аӡы роуеит. Иара убас, анардатә еиҿкаара 700 тоннак зкуа амкьаҭқәа ҩба еиҭашьақәиргылоит. Аусурақәа хыркәшахоит ҩымзҟа рышьҭахь.
Апроект актәи ахәҭаҿы Ӡыгәҭа ақыҭан аӡхагалагатә станциа дыргылеит, ҳаамҭазтәи аиқәыршәагақәеи амҩақәҵаратә маҵзуреи шьақәдыргылеит. Астанциа амчхара иалнаршоит уахыки-ҽнаки рыла 2000 кубаметр аӡы еиԥҟьарада 1000 ҭыӡҭыԥ аӡы рыҭара.
Аҩбатәи ахәҭа аусурақәа ирықәхарџьхоит 15,9 миллион мааҭ. Апроект ахарџь зегьы 40 миллион мааҭ инареиҳауп.
Аԥсны
Ӡыгәҭа ақыҭаҿтәи аӡыҭгагатә станциа аргылара актәи ахәҭа хыркәшоуп