Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ӡыгәҭа ақыҭаҿтәи аӡыҭгагатә станциа аргылара актәи ахәҭа хыркәшоуп

© Foto / "Апсны.Иахьа"Завершен первый этап строительства водонасосной станции в Дзыгуте
Завершен первый этап строительства водонасосной станции в Дзыгуте - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2024
Анапаҵаҩра
Апроект анагӡаразы иазоушьҭын 40 миллион мааҭ, аусурақәа ирылаган 2022 шықәсазы.
АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik. Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭаҿтәи аӡыҭгагатә станциа аргылара актәи ахәҭа хыркәшоуп ҳәа аанацҳауеит "Апсны.Иахьа".
Ари аамҭа иалагӡагны ԥшь-кылҵәарак ҟаҵоуп аӡыҵхырҭақәа рзы, ахархәагақәа ықәыргылоуп, аӡыҭгага станциеи амҩақәҵаҩ иҭыԥи ргылоуп.
Араион ахадара ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы Дамеи Касланӡиа иажәақәа рыла, аҩбатәи ахәҭа аиҭашьақәыргылараан астаниахь иаҿаркоит Баслаҭа ақыҭа, араҟа ауааԥсыра аӡыржәтә азы ауадаҩра ӷәӷәақәа рымоуп.
"Иааидкыланы астанциа ӡыржәтәла еиқәнаршәоит 3300-ҩык ауааԥсыра Баслаҭа, Ӡыгәҭа, Кьалашәыр ақыҭақәа ирыланхо зқьы ҩнаҭақәа инареиҳаны", - ҳәа иҳәеит иара.
Касланӡиа иҳәеит уажәы арҭ ақыҭақәа аӡыржәтә шроуа ақалақь иатәу Кьалашәыртәи аӡыҭгагатә станциа аҟынтә.
Ашықәс нҵәаанӡа ихыркәшахоит Баслаҭанӡа аӡымҩангагатә цәаҳәақәа рышьҭаҵара. Анаҩс ирылагоит Ӡыгәҭа ақыҭахь аӡы аҿыгаратә усурақәа. Аусурақәа рышьҭахь ӡыржәла еиқәыршәахоит 1200-ҩык ауааԥсыра.
Ажәабжьқәа зегьы
0