Аԥсны

"Алым аныцәоугьы иабоит, абжьас зқәала ҵаҟа илеиуам": алыми абжьаси ирызку аиҿырԥшрақәа

Ацыгәқәа рҭаацәарахьтә инарылукаауа агыгшәыгқәа - абжьаси алыми ирызкуп Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал.
Sputnik
Ацыгәқәа рҭаацәара иеиднакылоит зцәеижь еихатыруа, зымч хышхыҵәо, зҿаҵахәы иеишәарыцо аԥстәы ԥшӡақәа. Ацыгәқәа рҭаацәара иахәҭакуп – абжьаси алыми. Дара Аԥснытәи абнаршәырақәа ирылам, аха рыӡбахә бзианы иаҳдыруеит.

Абжьас

Абжьас аԥсабара иаланаҵаз аԥшӡара, агәымшәара, аилҟьара пату рықәуп. Абжьас иалоу иҵоуроу ҳәа изхәаԥшуа аҟазшьақәа аԥсуаа ҳҟны ицәырыргеит абас еиԥш иҟоу аиҿырԥшрақәа: "Абжьас даҩызоуп", "Абжьас еиԥш дласуп", "Абжьас еиԥш дгәымшәоуп", "Абжьас еиԥш ахьшәҭҳәа дҩаҵҟьеит", "Абжьас еиԥш деибашьуан", "Абжьас еиԥш иблақәа ҵаруп", "Абжьас аҟара игәиҽанын".
Аԥсны
"Абжьас даҩызоуп": ауаҩи абжьаси рҟазшьеиҿырԥшрақәак
Абжьас гыгшәыгк аҳасабала иҳәаақәызҵо аԥсуа жәаԥҟақәоуп: "Абжьас аҵыхәа укырц уҭахызар, ахаԥыцқәа шамоу ухаумыршҭын", "Абжьас абжьас ахшоит", "Абжьас зқәала ҵаҟа илеиуам", "Абжьас зхылҵыз еиԥшхоит", "Абжьас егьа анапы иауршьцыларгьы, зегьы акоуп агыгшәыг цәаҩа азкажьуам".

Алитератураҟнытә

Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы рнапы иҵырхыз рҩымҭақәа ицәырырго афырхацәа рхаҿсахьа агәылыршәаразы џьара-џьара абжьаси ауаҩи реиҿырԥшра рхы иадырхәоит. Иаагозар:
Агеи-ашьхеи рхы еиқәызҳәалоз, абжьас еиԥш еилыӷрааз раԥхьатәи ацәаҟәа. (Мушьни Миқаиа)
Уи, абжьас еиԥш уажәымзар-уажәы дҩаҵҟьаны дыцҳарашәа акәын дшыҟаз. (Алықьса Џьонуа)
Ашәарах иазымҩаӡаз абжьас еиԥш иҿынԥшылара бааԥсын. (Џьума Аҳәба)
Иара, абжьас даҩызаха, ахьшәҭҳәа дҩаԥан, аҽы дҩақәтәеит. (Џьума Аҳәба)
Ус-ус, ихәыҷрамшқәа рышьҭа дхыланы, абжьас еиԥш еилыӷрааӡа иаԥхьа зҽеиҵых ишьҭоу адгьыл днықәлоит. (Владимир Қапба)
Зҽеиҵых ашьацра илаиоу абжьас еиԥш, еилыбзаауа, нахьхьи алаԥшҳәааҿы ажәҩан иадубалон ашьхақәа. (Владимир Қапба)

Алым

Ацгәышьҭра иатәу аԥстәқәа иаарылукаауа ԥстәуп алым. Иара алеишәа цәгьоуп, амч ӷәӷәоуп "агыгшәыгқәа раҳ" ҳәа ахьӡ арҳахьеит. "Алым даҩызоуп", "Алым деиԥшуп", "Алым гәы изҭоуп", "Алым еиԥш деихаӷәӷәа-еиҵаӷәӷәа дыҟоуп", "Ҳәызбада алым даҿагылоит" изырҳәоит - зымч-зылша дуу ауаҩы.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы ҳаибашьцәа ргәымшәара, рыгәыӷьра иазкны Аркади Кархалаа иаԥиҵаз ашәа "Ақьаса" аҿы ицеибашьуаз иҩыза алым дадикылоит, иҳәоит:
"Исгәаԥхоит уҟазшьа, алым уеиԥшуп уанықәԥо,
Уара уҩыза аҩыза сара еснагь дысҭахын" ҳәа.
"Ацхь уагааит", мамзаргьы аԥсуаа ацгәы ишазыҟоу

Алитературахьтә

Алитература азҟазацәа аӡәырҩы алым асахьа еиҿырԥшра ҳасабала рҩымҭақәа рҿы ицәырыргоит. Иаагозар:
Зшьапы изықәымгыло, зыбӷашшара ԥҵәаны ишьҭаз алым деиԥшын. (Анзор Мықәба)
Амшын ду, алым еиԥш, иаҿын агәрымра. (Баграт Шьынқәба)
Ашәарах иазыҭрысыз алым еиԥш, дыԥаны абахә иҽнадижьлеит. (Алықьса Џьениа)
Алым даҩызахон, нкылашьа имаӡамкәа зда имам иԥсадгьыл ахьчараз дгылон. (Анатоли Лагәлаа)
Дыԥеит зыблақәа амца рхылаз, алым еиԥш деиҵас. (Рушьбеи Смыр)
Зԥацәа шәарыцара иҭызгаз алым еиԥш, аҵх далшьқьраа-алашьқьраауа раԥхьа дгыланы днеиуан… (Алықьса Џьениа)
Ахаҭа марцхалк иҟаӡамкәа, алым аҟара абжьы ахылҵуеит акәыбры. (Џьума Аҳәба)
Азгәаҭа: "Марцхалк иҟаӡамкәа" - амарцха́л (хадаратәла абжьыуаа рҿы иуԥыло ажәоуп) – "маҷӡак" аанагоит.
Ҳәызбада алым даҿагылоит, имахәҿа аҵкыс игәы ӷәӷәоуп. (Платон Бебиа)
Алышькьынтыр: "Уахьца уаалеит, аа-лак аауцеит"

Ажәаԥҟақәа

Ажәаԥҟақәа реилазаараҿы ирацәоуп алым иахҳәаау ажәаԥҟақәа: "Алым аҭыҩрахь ацгәы неиуам", "Алым аныцәоугьы иабоит (агәаҽануп)", "Алым анажә – абгахәыҷы ахыччон", "Алым анажә, амҵқәа амч рықәымхо иҟалеит", "Алым аԥа алымхоит, амаамын аԥа маамынхоит".
Зхыԥхьаӡара маҷым ажәаԥҟақәа рахьтә иалукаар улшоит еиуеиԥшым атемақәа урызхьазырԥшуагьы. Ҳарзааҭгылап, акык-ҩбак:
Алым ахьыҟам, амаамынгьы ҳәынҭқаруп – иуеиӷьу, иуаԥызго даныҟам кыр улшошәа, кыр уаԥсоушәа ухы убоит.
Абна илоу ашәарахқәа зегьы алым риааиуеит, аха иара акәыбры иацәшәоит - зны-зынла зылшара ыҟам ҳәа ирыԥхьаӡо ауаҩы иара иаасҭа амчра змоу иқәнага данақәиршәа, абас рҳәоит.
Амаана алымгьы аҳәынҷоит – мчыла узмыхәо хшыҩла, маанала ииааира алшоит.
Алым зҽацәынзырхаз, абгалаџ даҿашәеит – ари ажәаԥҟа ҵакыла еиԥшуп: "Аҵла иалҟьаз амаҭ ицҳаит" - гәаҟрак ианиаз, машәырк иақәшәаз еицәоу даҽакгьы данақәшәалак, абас рҳәоит.
Алым иалымшо аҳәынаԥ ианалшо ыҟоуп - ари ажәаԥҟа аҵакы аныԥшуеит ԥхьаҟа иаагахо ажәабжь: Бна дук аҿы алым аԥсы ашьон. Ҳәынаԥ хәыҷык неин алым абӷа иқәыхәмаруа иалагеит. Алым ҿыхан аҳәынаԥ акит. Ашьап ду нақәнажьын иашьуа иалагеит.
Аҳәынаԥ аҽрыцҳатәны алым иаҳәо иалагеит "сумшьын, соушьҭ!" ҳәа. Алымгьы аҳәынаԥ рыцҳанашьан иоунашьҭит. Аҳәынаԥ хәыҷык ианынаскьа, алым ахь иаахьаԥшын, ус ҿаанаҭит:
– Ашәарахқәа раҳ, иҭабуп иахьа исзууз абзиаразы. Џьара сахьухәара ҟалозар, схы сеигӡом.
Алым аҟырҟырҳәа иааччан, "сара уахьзыхәо егьыҟам, уара ухы узахәозар уахәа", аҳәеит.
Аҳәынаԥ аԥсы анаиу, икәыркәыруа аҭыԥ ахь ихынҳәит.
Уи ахҭыс ашьҭахь акыр аамҭа цеит. Уахык ашәарыцацәа алым ркырц шаха жәпала иԥаз акаҭа кнарҳаит. Алым шнеиуаз акаҭа иҭашәеит. Инаҳәит-иааҳәит, аха изалымҵит.
Алым ахәаабжь аҳәынаԥ иаҳаит. Аԥацәа аманы иааин, акаҭа злаԥаз ашахақәа ԥыхха инықәырҵеит.
Зхы иақәиҭхаз алым уаанӡа иаҳәахьаз ажәақәа ирцәыԥхашьан, абна инылашәкәа ицеит. (Азгәаҭа: Ари ажәабжь Арасаӡыхьтәи абжьаратә школ арҵаҩы Артиом Ахсалба ианҵамҭоуп).