Алышькьынтыр: "Уахьца уаалеит, аа-лак аауцеит"

CC0 / / Ала
Ала - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иарбан ҭыԥу ала аԥсуа ибзазараҿы иааннакылоз, иҟоума уи иадҳәалоу аныҳәарақәа, нцәахәыс иамоузеи ари аԥстәы уҳәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

"Лари, уари, хази, чхәари"

Аԥхьаӡа ауаҩы инапахьы иааигаз, ҩнатә ԥстәны иҟаиҵаз ала ауп. Ауаҩытәыҩса инхараҿы, арахә рыхьчараан, ашәарыцараан ицхырааҩны имоуп.

Ацгәы
 - Sputnik Аҧсны
"Ацхь уагааит", мамзаргьы аԥсуаа ацгәы ишазыҟоу

Аԥсуа мифологиатә жәабжьқәа ишырҳәо ала, ауаҩы даныԥслакь, мамзаргьы "ицәалахаз ауаҩы" нарцәыҟа данцо, ацҳаҵәры дықәсуеит. Иара ацҳа даннықәгылалак, ацгәы неины ашша ықәнашьуеит, ауаҩы дықәҵәрааны џьаҳаным дҭаҳарц. Аха уи аамҭазы ала неины абыз ықәшьны, ацҳа ауаҩы дықәымҵәраартә иҟанаҵоит. Ала ауаҩы нарцәыҟа днаскьазго ԥстәны аӡәырҩы ажәларқәа рмифологиаҟны иаарԥшуп.

Ҿырԥштәыс иаҳгозар, убас иҟоуп ажәытәӡатәи абырзен мифологиаҿы џьаҳаным аҭаларҭа зыхьчо, уи ашә илагылоу, х-хык зхагылоу амифтә ла Церера. Скандинавиатәи амифологиаҟны ус еиҧш иҟоуп ала Гарм. Кавказтәи ажәларқәа аӡәырҩы рыбзазареи рдоуҳатә культуреи рҿгьы ала ахаҿсахьа аҭыԥ ӷәӷәа ааннакылоит. Аҵарауаа џьоукы ишазгәарҭо ала, адыга мифологиаҿы абнеи ашәарахи рынцәахәы Мезиҭха ихьӡ ала ахьӡ иадырҳәалоит.

Аҩнатә ҧстәқәа рынцәахәы имҵаныҳәара: кәтолаа Жәабран шазгәарҭаз>>

Аҧсуаа ала ауаҩы изы имаӡоу аҟазшьақәа адрыҧхьаӡалон. Ауаҩы агәаҟра дақәшәара даныҟоу ала заанаҵы иадыруеит, игәиҽаннаҵоит рҳәоит. Иаҳҳәап, ала ауура иалагар, аԥсра, ақәӡаара иазҳәоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Жәҩангәашәԥхьара, ма аӡы шыцәаз избаз ауаҩы абарҭ ажәақәа кодк аҳасабала иҳәоит: "Лари, уари, хази, чхәари" - алеи, ауааи, ахази, ачхәари ҳагымкәа Анцәа ҳҟаҵа ауп ари иаанаго, аԥсҭазаара бзиа захьӡугьы абри ауп ҳәа ирыҧхьаӡон абарҭ еиқәыԥхьаӡоу анрыгымха.

"Асар рымҩашәа шәыҿиааит": Џьабран – аԥсаса рныҳәара>>

Алышькьынтыри Лашькьындари

Аԥсуаа ала анцәахәы ҳәа Алышькьынтыр дышрымаз азгәеиҭахьан аҵарауаҩ Симон Басариа. Иахьагьы аԥшәма ила даназгәаалак, "Алышькьынтыр уагааит!" ҳәа дшәиуеит. XX ашәышықәса алагамҭанӡа аԥсуаа Алышькьынтыр иазкны аныҳәара мҩаԥыргон. Уи ахьӡала, егьырҭ аҩнатә ԥстәқәа рзын еиҧш ахәажәақәа ҟарҵон. Ахәажәақәа хԥа аанкыланы аҭаацәа реиҳабы Алышькьынтыр ихьӡала дныҳәон рашҭа, ргәара, рырахә-рышәахә зыхьчаша ала бзиақәа риҭарц. Алақәа рыхьӡала изыхныҳәазгьы ала иарҭон иафарц.

Аҽқәа - Sputnik Аҧсны
Аҽышьашьана: аҽқәа рааӡара иадҳәалоу ақьабзқәеи урҭ рныҳәареи

Иахьа ари аныҳәара хәажәкыра аныҳәа анымҩаҧырго иаланы заҵәык ауп ишаанхаз. Уаҟа ала абз асахьа аманы "алаҳәара" ҳәа ахәажәа ҟарҵоит, уи иахныҳәаны ала иарҭоит.

Уи анаҩсангьы ахьшьцәеи ашәарыцацәеи ашьха ианцози ианылбаауази хәы-ҧшӡак аҟны аныҳәара мҩаԥыргон Лашькьындар аныха ахьгылаз аҭыԥ аҟны – алақәа рныха ҳәа иршьон. Ажәа "алышькьынтыри" "лашькьындари" еизааигәоуп ҳәа иахәаԥшуан иахьауажәраанӡа аҵарауаа, избанзар иара аныха ахаҭаҿгьы амраҭашәарахьтәи аҩналарҭаҿы хыхь ашәваз аҿы иану асахьақәа ҩба алақәа рсахьоуп ҳәа иахәаҧшуан. Аха археологцәа акыр шықәса имҩаԥыргоз аԥшаарақәеи иара аҭыԥ аҭҵаарақәеи ирыбзоураны абри аҩыза алкаахьы иааит, аныха Лашькьындар иану алақәа рсахьа акәӡам, ацгәышьҭроуп изтәу ҳәа.

Охота - Sputnik Аҧсны
Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа дшышәииз: ашәарыцара иазку жәлар рҳәамҭақәак

Лашькьындар акыр иҳаракуп, бахәраны ихагалоуп, аӡиас Аалӡга мрагыларахьтәи аганахь иахагылоуп, аурагьы дууп. Уи аҵыхәа Чхәарҭал ақыҭа иавсны ицо аӡиас Џьыхә аҟынӡа илеиуеит ҳәа иҩуан аетнограф Таҷ Гыцба. Иара убри ааигәа иҟоуп Лашькьындар ацәашьыблырҭа ҳәа изышьҭоу амикротопонимгьы. Ирҳәоит ажәытәан аныхақәа ахьыҟаз абахәқәа рықәцәан акәын ҳәа, ауаагьы ныҳәара ҳәа уахь ихалон. Аха ишааиуаз, уахь анеира ахьыуадаҩыз аҟынтәи, урҭ аныхақәа рҟәыхқәа лбаарго иалагеит абахәқәа ршьапахьы. Лашькьындар амҵа иавсны ианцоз, Цәашьыркырҭа ҳәа иахьашьҭоу ианнеилак, иааҭгыланы ацәашьы адыркуан. Ишырҳәо ала, уа ахьацаҵла гылан, ацәашьқәа иадыркуаз ахьаца иаддырҷаблон.

Ашәарыцаратә бызшәа амаӡақәа

"Уахьцо уаалеит, аа-лак аауцеит"

Ирҳәоит ала ашьра иахҟьаны ашьоурагьы зыбжьалахьаз ҟалахьан ҳәа, убасҟак ала ауаҩы изааигәаны, иҳаракны иршьон. Ала иазкны аҧсуаа имҩаԥыргон еиуеиԥшымыз амагиатә ҟазшьа зныԥшуаз ақьабзқәагьы. Ашәарыцаҩ шәарыцара данцоз аҽны аҭаацәара иалахәыз рымаҭәа аҟәыхк игон, насгьы ала ахәыц алхны игон – ашәарыцараҿ дманшәалахоит ҳәа иԥхьаӡан.

Ахәажәқәа - Sputnik Аҧсны
Хәажәкыра – ачгара ду аҵалара

Ус ашәарыцарахь алақәа рхаҭа ргомызт, ала аншлак, ашәарах аршәоит ҳәа, аха "алақәа ыҟоума уаҟа" ҳәа иҵаауан – ас анырҳәоз зыӡбахә рымаз ақәыџьмақәа ракәын.

Ажәытәан алақәа қәыџьмақәан рҳәоит. Нарҭаа лақәас ирымаз қәыџьмақәан ҳәа ҳаԥхьоит Нарҭаа репос аҟынгьы. Сасрыҟәа цхырааҩыс иҽы Бзоу анаҩсгьы ицуп ила Хәдыш.

Аԥсуаа аӡәы хара дцан данаалак, ныҳәаԥхьыӡк аҳасабала абас еиԥшгьы иарҳәон: "Уахьца уаалеит, аа-лак аауцеит". Ҳаамҭазы ахархәара змоу аԥхьатәи ҩажәак заҵәык роуп, егьи аҳәара иаҟәыҵхьеит, ус анакәха, аҵакгьы ыӡуеит.

Ашәарыцара иазку ажәақәа бзианы ижәдыруама?>>

Аԥсуа культуреи атрадициеи рышьаҭақәа ахьаарԥшу иара аԥсуа бызшәа ахаҭаҿоуп. Ҳцәажәаратә бызшәа заҟа иӷархо аҟара, ҳкультурагьы аӷарра аныԥшуеит. Аха агәыӷра ыҟоуп ԥхьаҟатәи аԥеиԥш лашахап ҳәа.

Удырҩатә еиӷьхааит! Ашәарыцареи Ажәеиԥшьааи ирыдҳәалоу згәаҭақәак>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0