Аԥсны

Аԥсны акультуратә афиша: Ачерқьес акәашаратә театр аконцерти аспектакльқәеи

Жьҭаара 21 инаркны 27 рҟынӡа Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу акультуратә усмҩаԥгатәқәа рпрограмма. Шәаԥхьа, ишьақәшәаргыл ари амчыбжьазтәи шәыԥсшьарамшқәа.
Sputnik
Sputnik

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа

Жьҭаара 21 асааҭ 18:00 рзы – Ҟарачы-Черкесстәи Аҳәынҭқарратә акәашаратә театр аконцерт.

Аԥсуа драматә театр

Жьҭаара 22 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Саб иашьа Ваниа".
Жьҭаара 24 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Иареи лареи".

Аԥсуа аҿар ртеатр

Жьҭаара 23 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Ауаҩи аџьентельмени".

РУСДРАМ

Жьҭаара 21, 22 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Абырг Хабыгә игәыжь ажәабжь".
Жьҭаара 23 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Аметод".
Жьҭаара 25 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Ахьча Махаз".
Жьҭаара 26 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Аклиникатә хҭыс".
Жьҭаара 27 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Исаркьалыху аԥстәҭакырҭа".