АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак фымцалашарада иаанхоит иахьа, жьҭаара 22 рзы астанциа маҷ Аҟәа-1 аҿы имҩаԥысуа арҽеиратә усурақәа ирыхҟьаны. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь афымцеихшарҭақәа русбарҭа анапхгаҩы Ҭенгиз Блабба.
Асааҭ 13:00 - 16:00 рыҩнуҵҟа афымцалашара ырцәахоит ақалақь агәҭаны, ашьхара иахьаԥну, аџьармыкьа иахьаҵанакуа, Ажәытә ҳаблаҿы, Беигәа, Титов, Почтоваиа, Имам Шамил амҩақәа рҿы.