АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik. Мызкала 26-нызқьҩык украинатәи аруаа ҭахеит Курсктәи ахырхарҭаҿы ҳәа иҳәеит Владимир Путин БРИКС асаммит ашьҭахь имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы.
Иҳәеит уажәы арегион аҿы ҩ-нызқьҩык рҟынӡа Украинатәи асолдаҭцәа амацәаз ишҭаку, Урыстәыла архәҭақәа ари агәыԥ аԥыхраз аусқәа шымҩаԥырго.
Урыстәыла ахада BBC ажурналист иҟаиҵаз азҵаара аҭак ҟаҵо иҳәеит, иҷыдоу аоперациа Урыстәыла аинтересқәа ахьчара шалшо, уи алагаанӡа атәыла дронла аӡәгьы дшақәымлацыз, аҳәаанырцәтәи аруаа уи аҵакырахь ақәлара рыҽшазырымшәацыз.
"Шәара ишәҳәеит дронла ақәылара уҳәа убас иҵегьы, ааи, уи аҩыза ыҟаӡамызт. Аха иҟан уи аҵкьыс еицәаз – адунеи мраҭашәаратәи атәылақәеи ҳареи аимадарақәеи аизыҟазаашьақәеи рышьақәыргыларазы ҳажәалагалақәа рҭакс еснагь "ҳҭыԥ" ҳдырбон", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Уи иахҟьаны, атәыла асуверенитет зцәыӡыз, аӡа аиураз иманшәалоу тәыла-ԥшьык акәны иҟалоит, асуверенитетда Урыстәыла зеиқәхаӡом иҳәеит Путин.
Атәыла ахада иаҵшьны иазгәеиҭеит, иара изы Урыстәыла ашәарҭадара - зегь раасҭа ишыхадоу, атәыла аекономикатә, афинанстә, арратә суверенитет арӷәӷәара шакәу уи ашәарҭадара аҩаӡара шьҭызхуа.