https://sputnik-abkhazia.info/20241024/putin-ieit-myzky-anua-ukraina-arbarmcha-kurskti-aoblast-ay-shaay-aruaa-rtsyyz-1052655433.html
Путин еиҭеиҳәеит Курсктәи аобласт аҿы мызкала Украина Арбџьармчқәа аруаа шаҟаҩы ацәыӡыз
Путин еиҭеиҳәеит Курсктәи аобласт аҿы мызкала Украина Арбџьармчқәа аруаа шаҟаҩы ацәыӡыз
Sputnik Аҧсны
Нанҳәа 6 2024 шықәсазы Украина Арбџьармчқәа Курсктәи аобласт иақәлеит уи аҵакыра рымпыҵырхаларцаз. 24.10.2024, Sputnik Аҧсны
2024-10-24T22:00+0300
2024-10-24T22:00+0300
2024-10-24T22:59+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
украина
владимир путин
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0a/18/1052654596_0:0:3072:1728_1920x0_80_0_0_7034c6d765757ff98032fa07f2a7a284.jpg
АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik. Мызкала 26-нызқьҩык украинатәи аруаа ҭахеит Курсктәи ахырхарҭаҿы ҳәа иҳәеит Владимир Путин БРИКС асаммит ашьҭахь имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы.Иҳәеит уажәы арегион аҿы ҩ-нызқьҩык рҟынӡа Украинатәи асолдаҭцәа амацәаз ишҭаку, Урыстәыла архәҭақәа ари агәыԥ аԥыхраз аусқәа шымҩаԥырго.Урыстәыла ахада BBC ажурналист иҟаиҵаз азҵаара аҭак ҟаҵо иҳәеит, иҷыдоу аоперациа Урыстәыла аинтересқәа ахьчара шалшо, уи алагаанӡа атәыла дронла аӡәгьы дшақәымлацыз, аҳәаанырцәтәи аруаа уи аҵакырахь ақәлара рыҽшазырымшәацыз."Шәара ишәҳәеит дронла ақәылара уҳәа убас иҵегьы, ааи, уи аҩыза ыҟаӡамызт. Аха иҟан уи аҵкьыс еицәаз – адунеи мраҭашәаратәи атәылақәеи ҳареи аимадарақәеи аизыҟазаашьақәеи рышьақәыргыларазы ҳажәалагалақәа рҭакс еснагь "ҳҭыԥ" ҳдырбон", - ҳәа азгәеиҭеит иара.Уи иахҟьаны, атәыла асуверенитет зцәыӡыз, аӡа аиураз иманшәалоу тәыла-ԥшьык акәны иҟалоит, асуверенитетда Урыстәыла зеиқәхаӡом иҳәеит Путин.Атәыла ахада иаҵшьны иазгәеиҭеит, иара изы Урыстәыла ашәарҭадара - зегь раасҭа ишыхадоу, атәыла аекономикатә, афинанстә, арратә суверенитет арӷәӷәара шакәу уи ашәарҭадара аҩаӡара шьҭызхуа.
урыстәыла
украина
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0a/18/1052654596_29:0:2760:2048_1920x0_80_0_0_7fc5380448851148bfb5cdf49f2da5e9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, украина, владимир путин
ажәабжьқәа, украина, владимир путин
Путин еиҭеиҳәеит Курсктәи аобласт аҿы мызкала Украина Арбџьармчқәа аруаа шаҟаҩы ацәыӡыз
22:00 24.10.2024 (ирҿыцуп: 22:59 24.10.2024) Нанҳәа 6 2024 шықәсазы Украина Арбџьармчқәа Курсктәи аобласт иақәлеит уи аҵакыра рымпыҵырхаларцаз.
АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik. Мызкала 26-нызқьҩык украинатәи аруаа ҭахеит Курсктәи ахырхарҭаҿы ҳәа иҳәеит Владимир Путин БРИКС асаммит ашьҭахь имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы.
Иҳәеит уажәы арегион аҿы ҩ-нызқьҩык рҟынӡа Украинатәи асолдаҭцәа амацәаз ишҭаку, Урыстәыла архәҭақәа ари агәыԥ аԥыхраз аусқәа шымҩаԥырго.
Урыстәыла ахада BBC ажурналист иҟаиҵаз азҵаара аҭак ҟаҵо иҳәеит, иҷыдоу аоперациа Урыстәыла аинтересқәа ахьчара шалшо, уи алагаанӡа атәыла дронла аӡәгьы дшақәымлацыз, аҳәаанырцәтәи аруаа уи аҵакырахь ақәлара рыҽшазырымшәацыз.
"Шәара ишәҳәеит дронла ақәылара уҳәа убас иҵегьы, ааи, уи аҩыза ыҟаӡамызт. Аха иҟан уи аҵкьыс еицәаз – адунеи мраҭашәаратәи атәылақәеи ҳареи аимадарақәеи аизыҟазаашьақәеи рышьақәыргыларазы ҳажәалагалақәа рҭакс еснагь "ҳҭыԥ" ҳдырбон", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Уи иахҟьаны, атәыла асуверенитет зцәыӡыз, аӡа аиураз иманшәалоу тәыла-ԥшьык акәны иҟалоит, асуверенитетда Урыстәыла зеиқәхаӡом иҳәеит Путин.
Атәыла ахада иаҵшьны иазгәеиҭеит, иара изы Урыстәыла ашәарҭадара - зегь раасҭа ишыхадоу, атәыла аекономикатә, афинанстә, арратә суверенитет арӷәӷәара шакәу уи ашәарҭадара аҩаӡара шьҭызхуа.