Аԥсны

Аҟәа имҩаԥысит аурыс бызшәазы Жәларбжьаратәи аолимпиада "Пушкин#225" афинал

Пушкина диижьҭеи 225 шықәса аҵра иазку аурыс бызшәазы Жәларбжьаратәи аолимпиада рҽаладырхәит Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыл, Ермантәыла рҟынтәи х-нызқьҩык рҟынӡа ахәыҷқәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik. Аҟәа имҩаԥысит аурыс бызшәазы Жәларбжьаратәи аолимпиада "Пушкин#225" афинал.
Аолимпиада еицымҩаԥысуеит Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыл, Ермантәыла. Иааидкыланы х-нызқьҩык рҟынӡа рымчқәа ԥыршәеит, урҭ рахьынтә зқьҩык Аԥснытәиқәан. Аихшьаалақәа рыла 56-ҩык аԥсуа школхәыҷқәа афинал аҟынӡа инеит.
"Мзызқәак ирыхҟьаны афинал ахь инеиз 46-ҩык ахәыҷқәа роуп. Актәи ахәҭаҿы аԥышәаратә дҵа нарыгӡеит, анаҩс аессе рҩырц рыдыргалеит" — ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гал ақалақь аҿы иаарту Арҵаратә центр аиҳабы Игор Басов.
Аолимпиада Пушкин диижьҭеи 225 шықәса аҵра иазкын, аусумҭақәагьы иара ирҿиара иадҳәалан. Афиналистцәа зегьы асертификатқәа ранашьан. Мышқәак рыла аиааира згаз хҩык еилкаахоит. Аҳамҭа ҳәа ишьақәыргылоуп –Армавирҟа аныҟәара, насгьы ҩымчыбжь Анапа ақалақь аҿы иҟоу ахәыҷтәы лагер ахь ацара.
Аусмҩаԥгатә аиҿыркааит – Армавиртәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә университет, Гал ақалақь аҿы иаарту Арҵаратә центр, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра ацхыраарала.