https://sputnik-abkhazia.info/20241025/aa-imaysit-aurys-byzshazy-zhlarbzharati-aolimpiada-pushkin225-afinal-1052663489.html
Аҟәа имҩаԥысит аурыс бызшәазы Жәларбжьаратәи аолимпиада "Пушкин#225" афинал
Аҟәа имҩаԥысит аурыс бызшәазы Жәларбжьаратәи аолимпиада "Пушкин#225" афинал
Sputnik Аҧсны
Пушкина диижьҭеи 225 шықәса аҵра иазку аурыс бызшәазы Жәларбжьаратәи аолимпиада рҽаладырхәит Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыл, Ермантәыла рҟынтәи х-нызқьҩык рҟынӡа... 25.10.2024, Sputnik Аҧсны
2024-10-25T18:30+0300
2024-10-25T18:30+0300
2024-10-25T23:27+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0a/19/1052661713_0:67:1280:787_1920x0_80_0_0_12cd6519067bd82aa0302f42bf103252.jpg
АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik. Аҟәа имҩаԥысит аурыс бызшәазы Жәларбжьаратәи аолимпиада "Пушкин#225" афинал. Аолимпиада еицымҩаԥысуеит Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыл, Ермантәыла. Иааидкыланы х-нызқьҩык рҟынӡа рымчқәа ԥыршәеит, урҭ рахьынтә зқьҩык Аԥснытәиқәан. Аихшьаалақәа рыла 56-ҩык аԥсуа школхәыҷқәа афинал аҟынӡа инеит. Аолимпиада Пушкин диижьҭеи 225 шықәса аҵра иазкын, аусумҭақәагьы иара ирҿиара иадҳәалан. Афиналистцәа зегьы асертификатқәа ранашьан. Мышқәак рыла аиааира згаз хҩык еилкаахоит. Аҳамҭа ҳәа ишьақәыргылоуп –Армавирҟа аныҟәара, насгьы ҩымчыбжь Анапа ақалақь аҿы иҟоу ахәыҷтәы лагер ахь ацара. Аусмҩаԥгатә аиҿыркааит – Армавиртәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә университет, Гал ақалақь аҿы иаарту Арҵаратә центр, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра ацхыраарала.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0a/19/1052661713_72:0:1209:853_1920x0_80_0_0_1296793b016bea15782729fe0f44f7d6.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аҟәа имҩаԥысит аурыс бызшәазы Жәларбжьаратәи аолимпиада "Пушкин#225" афинал
18:30 25.10.2024 (ирҿыцуп: 23:27 25.10.2024) Пушкина диижьҭеи 225 шықәса аҵра иазку аурыс бызшәазы Жәларбжьаратәи аолимпиада рҽаладырхәит Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыл, Ермантәыла рҟынтәи х-нызқьҩык рҟынӡа ахәыҷқәа.
АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik. Аҟәа имҩаԥысит аурыс бызшәазы Жәларбжьаратәи аолимпиада "Пушкин#225" афинал.
Аолимпиада еицымҩаԥысуеит Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыл, Ермантәыла. Иааидкыланы х-нызқьҩык рҟынӡа рымчқәа ԥыршәеит, урҭ рахьынтә зқьҩык Аԥснытәиқәан. Аихшьаалақәа рыла 56-ҩык аԥсуа школхәыҷқәа афинал аҟынӡа инеит.
"Мзызқәак ирыхҟьаны афинал ахь инеиз 46-ҩык ахәыҷқәа роуп. Актәи ахәҭаҿы аԥышәаратә дҵа нарыгӡеит, анаҩс аессе рҩырц рыдыргалеит" — ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гал ақалақь аҿы иаарту Арҵаратә центр аиҳабы Игор Басов.
Аолимпиада Пушкин диижьҭеи 225 шықәса аҵра иазкын, аусумҭақәагьы иара ирҿиара иадҳәалан. Афиналистцәа зегьы асертификатқәа ранашьан. Мышқәак рыла аиааира згаз хҩык еилкаахоит. Аҳамҭа ҳәа ишьақәыргылоуп –Армавирҟа аныҟәара, насгьы ҩымчыбжь Анапа ақалақь аҿы иҟоу ахәыҷтәы лагер ахь ацара.
Аусмҩаԥгатә аиҿыркааит – Армавиртәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә университет, Гал ақалақь аҿы иаарту Арҵаратә центр, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра ацхыраарала.