АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. 2025 шықәсазы аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалахәы иааизакны 17,3 миллиард мааҭ ҟалоит ҳәа иҳәаақәҵоуп.
Урҭ рахьтә 12 миллиард ахатә хашәалахәы ауп ҳәа иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аминистрцәа реилазаара реилатәараҿы иқәгылараан.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, ԥшьышықәса раԥхьа абиуџьет ахатә хашәалахәы 4,8 миллиард мааҭ шакәыз иҟаз. Уи аизҳара иацхрааит административтә ус аиӷьтәра, ахәаахәҭратә еикәыршара ашьҭыҵра, атауарқәеи амаҵзурақәеи рымҽхак арҭбаара.
Арҭ ашықәсқәа рыҩнуҵҟа анаплакҩцәа еиҳа ауадаҩрақәа рызҭаша азакәанԥҵара аԥсахрақәа алагаламызт иҳәеит Делба.