АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. 2024 шықәсазы Аԥсны тоннаки бжаки арыжәтә џьбареи 70 литры ацхеи асертификат змамыз рымхын.
Астандартқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы РИА Новости излазеиҭанаҳәаз ала, иазгәаҭоу агәаҭарақәа мҩаԥыргоит атуристцәа ахьнарго агьама ахьырбо аҭыԥқәа зегьы рҿы.
"Асертификатқәа рыҟазаара гәаҭахоит, аалыҵ ҭзыжьуа асертификат рымазаргь ирымамзаргьы ахкы иналак-аалакны иаҳгоит", - ҳәа азгәарҭеит аилак аҟны.
2023 ашықәсазы аа-тоннак арыжәтә џьбареи 200 литра ацхеи ықәган.