2025 шықәсазы ареспубликаҿы иазԥхьагәаҭоу абиуџьети, Аԥсни Урыстәылеи аинвестициатә проектқәа рзы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иаҳнаҭои, ахәбатәи атуристтә форум "Visit Apsny", Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәара шымҩаԥысызи ртәы шәаԥхьа Sputnik аматериал аҿы.
Ҭагалантәи арранаԥхьара
Жьҭаара 28 рзы Аԥсны ҭагалантәи арранаԥхьара иалагеит. Аҳәынҭқарра ахада иусԥҟала 18 шықәса зхыҵуа инадыркны 27 шықәса рҟынӡа зықәра неихьоу ахацәа, арезерв иалам, арратә шәҟәҭагалара змоу, ма ашәҟәы аҽҭагалара зуалу арра инарыԥхьоит.
Арранаԥхьара мҩаԥыслоит ԥхынҷкәынмза анҵәамҭанӡа.
Ашықәсазтәи абиуџьет
Жьҭаара 30 рзы Аминистрцәа реилазаараҿы аиҳабыра реилатәара мҩаԥысит. Уа 2025 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биүџьетқәеи абиуџьетнҭыҵтәи афондқәеи рпроектқәа ирыхәаԥшит.
Афинансттә документ хада инақәыршәаны, 2025 шықәсазы аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалахәы иааизакны 17,3 миллиард мааҭ ҳәа ишьақәыргылоуп. Урҭ рҟынтәи 12 миллиард хатә хашәалахәуп.
2025 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет шьақәырӷәӷәан 13,145 миллиард мааҭ ҳәа. Урҭ рҟынтәи 8 миллиардк хатә хашәалахәуп.
Аиҳабыра реилатәараҿы Аԥсны абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа хәба рбиуџьетқәа шьақәырӷәӷәан.
Амҩатә фонд 2025 шықәсазтәи абиуџьет 160 миллион мааҭ ҟалоит.
Асоциалтә ԥгаԥсатә фонд абиуџьет - 232 миллиони 475,9 нызқь мааҭ.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд абиуџьет - 258,9 миллион мааҭ.
Аԥсны атәанчхәытә фонд 2025 шықәсазтәи абиуџьет - 1,88 миллиард мааҭ.
Арепатриациа афонд абиуџьет - 385,13 миллион мааҭ.
Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса афонд абиуџьет - 90,57 миллион мааҭ.
Аинвестициатә еиқәшаҳаҭра
Жьҭаара 30 рзы Аԥсни Урыстәылеи урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа ареспубликаҿы аинвестициатә проектқәа рынагӡара азин рызҭо Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр Решетников иажәақәа рыла, уи Аԥсныҟа инацҵаны урыстәылатәи аинвестициақәа радыԥхьалара алнаршоит, атуризми, ақыҭанхамҩеи, ааглыхреи рыҿиара мацара акәымкәа, аинфраструктурагьы аҿиара иацхраауеит.
Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озган иазгәалҭеит, ареспубликаҿы аекономикатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы аинвестициақәа ралагалара ароль хада шынанагӡо. Урыстәылатәи аинвестициатә проектқәа рзы аиқәшаҳаҭраҿы иарбоу адгьыл ахархәареи аинвестициатә хыбрақәа шасыс рыҟаҵареи рзы анормақәа аус зуа ареспублика азакәанԥҵара иаҿагылом ҳәа азылыԥхьаӡоит лара.
Анапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра Аԥсны Жәлар Реизара ишьақәнарӷәӷәароуп.
Ахәбатәи "Visit Apsny"
Абҵара 1 азы Гагра ақалақь аҿы иаатит V жәларбжьаратәи атуристтә Форум "Visit Apsny", ацәыргақәҵа "Apsny Horeca".
Уи рхы аладырхәит Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи 170-ҩык рҟынӡа атуристтә индустриеи анаплакреи рхаҭарнакцәа.
Ацәыргақәҵа "Apsny Horeca" аҿы 20 инареиҳаны анаплакқәа аус руан, урҭ раалыҵқәа – ароботтә техника, арыжәтә џьбара, агаз злоу арыжәтәқәа, аӡы, акосметика, аџьемқәа, ашәыр рҩа, акьыԥхьтә аалыҵқәа, асасааирҭақәа рзы амаҵзурақәа рӡыргара мҩаԥыргеит.
Афорум атема – "Аԥсны аиҭарҿыцра: 2025 шықәсазы аицлабра шалшо". Sputnik Аԥсны афорум аинформациатә дгылара анаҭон.
"Аҽаҩраныҳәа"
Абҵара 3 рзы аҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭаҿы аиубилеитә "Аҽаҩраныҳәа" мҩаԥысит.
Аныҳәа иалахәын Гәдоуҭа араион 22-қыҭеи, Афон ҿыц ақалақьи, Ҟарачы-Черкессиантәи иааз асасцәеи.
Аҭоурых ду змоу Лыхнашҭа, досу рашҭақәа абыцала ишшны, аҿамаҿа иҭаргалаз ашәыри ауҭраҭыхи рыла ирԥшӡан иҟарҵеит. Анхацәа ицәырыргеит амилаҭ чыс, аҩы, ауаҭка, ашәыр, ауҭраҭых.
Лыхнашҭа даҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Иара убас аныҳәа рҽаладырхәырц иааит Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхадацәа.
Атәыла ахада Аслан Бжьаниа аҽаҩраныҳәа иалахәыз ақыҭақәа рашҭақәа дырҭааит. Зегь раԥхьа иара даҭааит Ҟарачы-Черкессиатәи "Абазашҭа". Дара аҳәынҭқарра ахада идыргалеит рацәак иџьбарам амилаҭтә рыжәтә "махсым".
Бжьаниа ақыҭақәа рашҭақәа зегьы дырҭааит, аныҳәа алахәылацәеи асасцәеи зегьы ирыдиныҳәалеит, ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аизҳара, аинҭәылара.
Лыхны имҩаԥысуаз аҽаҩраныҳәа зегь раасҭа асасцәа зҭаауаз акәхеит — Ҟарачы-Черкессиантәи алахәылацәа рашҭа. "Абазашҭа" иаҭаауаз агьама ддырбон амилаҭтә чысқәеи арыжәтәқәеи, иара убас идырлахҿыхон амилаҭә амузыкарҳәагақәа рыла.
Аделегациа ахаҭарнак Зарида Ашибокова ишазгәалҭаз ала, дара ҩышықәса инеиԥынкыланы ари аныҳәа рхы аладырхәуеит.
"Ҳара даара ҳаигәырӷьоит ҳашьцәа аԥсуаа ҳрывагыланы ари амш ахьазгәаҳҭо, асасдкылара адоуҳа аҳауа иахьалоу", – лҳәеит лара.
Аныҳәа акультуратә программа акәашара-вокалтә коллективқәеи анагӡаҩцәа ҿарацәеи рконцерт ала ишьақәгылан. Иара убасгьы имҩаԥысит аԥсуа традициатә спорттә еицлабрақәа, ахыц ала ахысреи ҽыла ампыласреи рзы аицлабрақәа.
Сынтәа "Аҽаҩраныҳәа" аҿы ақыҭашҭақәа раԥхьаӡа акәны ахәшьара рыҭан. Аиааира згаз аԥаратә ҳамҭақәа ранашьан: актәи аҭыԥ азы – 50 нызқь мааҭ, аҩбатәи аҭыԥ азы – 30 нызқь мааҭ, ахԥатәи аҭыԥ азы – 20 нызқь мааҭ.
Алиса Гыцԥҳа еиҿылкааз аицлабра
Алиса Гыцԥҳа еиҿылкааз Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра аихшьаалақәа ҟаҵоуп.
Аԥхьахә ду ианашьахеит атенор Валери Макаров.
"Асолотә вокалтә қәгылара" аноминациаҿы актәи аԥхьахә ранашьахеит Анастасиа Колотоваи Анастасиа Лаптевеи.
"Ансамбль аҟазара" аноминациаҿы актәи аԥхьахә ранашьахеит Софиа Сақаниаԥҳаи Мариа Самусеваи злахәу авокалтә дует "Кластер", иара убас - Ҭаҭарсҭантәи адует: Иаков Асташини Саид Хәсаинови.
Аԥсны ахада иԥшәмаԥҳәыс Аелита Хьиԥҳа лҟынтәи иҷыдоу аԥхьахә ланашьан Москватәи аконсерваториа астудент, ҳреспублика иалҵыз Иарна Сымсымԥҳа.
Жьҭаара 31 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы Воронежтәи академиатә оркестри Аԥснытәи аҳәынҭқарратә камертә оркестри алахәны аконкурс алауреатцәеи аиааира згази рзы аҳамҭанашьара иазкыз аусмҩаԥгатәи аконцерт хадеи мҩаԥысит.
Абҵара 1 азы Пицунда ақалақь аҟны аконкурс аҿы аиааира згаз концерт хада мҩаԥыргеит.
Амузыкатә еицлабра хынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи. Ҳазҭоу ашықәс азы 10 тәылак - Аԥсны, Урыстәыла, Белоруссиа, Британиа Ду, Германиа, Китаи, Сербиа, Монголиа, Ермантәыла, Молдавиа рвокалистцәа 200-ҩыки, акамертә ансамбльқәа 23 рҟынтәи арзаҳалқәа алагалан.
"Артек" Аҟәа
Ахәыҷтәы центр "Артек" ацәыргақәҵа мҩаԥысит жьҭаара 30, абҵара 1 рзы Аҟәа акультуратә-усутә ҭыԥ "Гәыма".
Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан арҿиаратә еицлабрақәа, аҟазаратә-классқәа, ахәмаррақәа, арҵаратә программақәа. Аусмҩаԥгатә еиҿыркааит Аԥсны аҵарадырра аминистрреи жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр "Артеки".
"Аиааиреи" "Нарҭ" аиааиреи
Жьҭаара 28 инаркны абҵара 1 аҟынӡа Аԥсны имҩаԥысит арратә спорттә хәмаррақәа "Аиааира". Ахәмаррақәа ирылахәын 9-11-тәи аклассқәа рҟынтәи жәаҩык-жәаҩык рыла ишьақәыргылаз аа-командак.
Ахәыҷқәа аицлабрақәа 12 хкы рыла еиндаҭлон, урҭ ирыҵаркуан: ацәаҳәақәгыларатә ҽазыҟаҵарақәа, аҽышьҭыхра, аамҭа арбарала автомат аиҿыршәшәареи аибыҭареи, еиуеиԥшым абжьаӡарала аҩра, агранатаршәра, автомат ала ахысра, ашахеимырххара.
"Аиааира" ахәмаррақәа рҿы аԥыжәара ргеит Аҟәатәи акоманда, аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Гәдоуҭа, ахԥатәи - Гагра.
Жьҭаара 30 рзы Аҟәатәи "Нарҭ" жәохәынтәны ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпион ҳәа ахьӡ аиура алнаршеит. Аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥысит аҳҭнықалақь астадион "Динамо" аҿы "Нарҭи" Цандрыԥшьтәи "Саӡи" рыхәмарра аламҭалазы.