Аԥсны

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра аредакциа даҭааит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 6- Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра аредакциа даҭааит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа игәеиҭеит ирҿыцу астудиақәа, арадио иамоу аҭагылазаашьақәа. Иара аколлектив зегьы ателехәаԥшра аԥҵара амш рыдиныҳәалеит, уи аан иазгәеиҭеит амилаҭтә телехәаԥшра аԥсуа жәлари аҳәынҭқарреи ринтересқәа шахьчо.
"Шәзанааҭ ауадаҩрақәа ацуп, шәара иарбан ҭагылазаашьазаалакгьы ауаажәлар рҟынӡа ииашоу аинформациа нажәгароуп. Шәколлектив убасҵәҟьа аус ауеит. Шәзанааҭтә уалԥшьа анагӡараҿы ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьоит", — иҳәеит Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра анапхгара иалшо зегьы ҟанаҵоит ателерадиоеилахәыра аусура аиӷьтәразы иҳәеит атәыла ахада.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра аредакциа даҭааит
1978 шықәсазы абҵара 6 рзы Қырҭтәылатәи акомпартиа Аԥснытәи аобком актәи амаӡаныҟәгаҩ Борис Адлеиба Аԥсуа телерадиоеилахәыра аусура ишалагаз азы адырра ҟаиҵеит.
Иахьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра иҭнажьуеит ҩажәа инареиҳаны ахатә дырраҭарақәа.