https://sputnik-abkhazia.info/20241106/asny-akhada-aslan-bzhania-asua-telekhashra-aredaktsia-daaait-1052780255.html
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра аредакциа даҭааит
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра аредакциа даҭааит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 6- Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра аредакциа даҭааит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура. 06.11.2024, Sputnik Аҧсны
2024-11-06T19:23+0300
2024-11-06T19:23+0300
2024-11-06T19:23+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0b/06/1052778166_0:67:1280:787_1920x0_80_0_0_917dbdcd11350ee59e8da525bd3d435c.jpg
АҞӘА, абҵара 6- Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра аредакциа даҭааит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.Бжьаниа игәеиҭеит ирҿыцу астудиақәа, арадио иамоу аҭагылазаашьақәа. Иара аколлектив зегьы ателехәаԥшра аԥҵара амш рыдиныҳәалеит, уи аан иазгәеиҭеит амилаҭтә телехәаԥшра аԥсуа жәлари аҳәынҭқарреи ринтересқәа шахьчо.Аҳәынҭқарра анапхгара иалшо зегьы ҟанаҵоит ателерадиоеилахәыра аусура аиӷьтәразы иҳәеит атәыла ахада. 1978 шықәсазы абҵара 6 рзы Қырҭтәылатәи акомпартиа Аԥснытәи аобком актәи амаӡаныҟәгаҩ Борис Адлеиба Аԥсуа телерадиоеилахәыра аусура ишалагаз азы адырра ҟаиҵеит. Иахьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра иҭнажьуеит ҩажәа инареиҳаны ахатә дырраҭарақәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0b/06/1052778166_72:0:1209:853_1920x0_80_0_0_9dcba33bb2c1937954721abeb537e168.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра аредакциа даҭааит
АҞӘА, абҵара 6- Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра аредакциа даҭааит, абри атәы
аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа игәеиҭеит ирҿыцу астудиақәа, арадио иамоу аҭагылазаашьақәа. Иара аколлектив зегьы ателехәаԥшра аԥҵара амш рыдиныҳәалеит, уи аан иазгәеиҭеит амилаҭтә телехәаԥшра аԥсуа жәлари аҳәынҭқарреи ринтересқәа шахьчо.
"Шәзанааҭ ауадаҩрақәа ацуп, шәара иарбан ҭагылазаашьазаалакгьы ауаажәлар рҟынӡа ииашоу аинформациа нажәгароуп. Шәколлектив убасҵәҟьа аус ауеит. Шәзанааҭтә уалԥшьа анагӡараҿы ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьоит", — иҳәеит Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра анапхгара иалшо зегьы ҟанаҵоит ателерадиоеилахәыра аусура аиӷьтәразы иҳәеит атәыла ахада.
1978 шықәсазы абҵара 6 рзы Қырҭтәылатәи акомпартиа Аԥснытәи аобком актәи амаӡаныҟәгаҩ Борис Адлеиба Аԥсуа телерадиоеилахәыра аусура ишалагаз азы адырра ҟаиҵеит.
Иахьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра иҭнажьуеит ҩажәа инареиҳаны ахатә дырраҭарақәа.