АҞӘА, абҵара 6- Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаб Аԥсуа телехәаԥшра аԥҵара амш рыдиныҳәалеит.
Иара, ателехәаԥшра аиҿкаара асовет аамҭазы амилаҭ-хақәиҭратә ҵысра алҵшәа хадақәа иреиуоуп ҳәа ахиҳәааит, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
"Уи аахыс, иахьа уажәраанӡа апрофессионалтә журналистцәа — ихьыԥшыму, идемократиатәу аԥсуа ҳәынҭқарра аргылара анагӡараҿы еиԥымҟьо абшьҭратә еимадара еиҿыркаауеит", — азгәаҭоуп адныҳәаларааҿы.
1978 шықәсазы абҵара 6 азы Қырҭтәылатәи акомпартиа Аԥснытәи аобком актәи амаӡаныҟәгаҩ Борис Адлеиба Аԥсуа телерадиоеилахәыра аусура ишалагаз азы адырра ҟаиҵеит.
Иахьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра иҭнажьуеит ҩажәа инареиҳаны ахатә программақәа.