Аԥсны

Sputnik амчыбжь: аҿагыларатә қәгыларақәа, Аԥсны аиҳабыратә комплекс ампыҵахалара

Sputnik
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны имҩаԥысит аоппозициатә ҿагыларатә акциақәа ҩба, аиҳабыратә хыбрақәа ркомплекс ампыҵахалара, Апарламент аҿы ахырхарҭарацәа змоу акомплексқәа рзинтә статус ҳәаақәызҵо азакәан адкылара.
Абарҭқәеи егьырҭ акыр зҵазкуа ахҭысқәеи ртәы шәаԥхьа Sputnik Аԥсны иҟанаҵаз ахҳәааҿы.
Sputnik

Ахырхарҭарацәа змоу акомплексқәа

Абҵара 11 рзы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аинвестициатә еиқәшаҳаҭра анагӡаразы ихымԥадатәиу аконституциатә закәан –атәыла аҵакыраҿы ахырхарҭарацәа змоу акомплексқәа рзинтә статус ҳәаақәызҵо азакәан рыдыркылеит.
Азакәан адкылара аҭахын, избанзар, уаанӡа анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра анагӡара иазԥхьагәанаҭоит атуризмгьы уахь иналаҵаны, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аинвестициатә проектқәа рынагӡара, иара убасгьы ирныруеит уаанӡа аԥснытәи азакәанԥҵараҿы иалкаамыз асасааирҭақәеи егьырҭ анхарҭатә ргыларақәеи, аспорт-ԥсшьаратә, арлахҿыхратә, ахырхарҭарацәатә комплексқәеи.
Аԥсны
Жәлар Реизара Ахырхарҭарацәатә комплексқәа рзинтә статус аиҿкааразы азакәан аднакылеит

Ацҳақәа рыкра

Абҵара 11 рзы имҩаԥысыз аилатәара ашьҭахь, Апарламент ахыбра азааигәара аоппозициа ахаҭарнакцәеи жәлар рхаҭарнакцәа руаӡәки рыбжьара аима-аиҿак ҟалеит. Аамҭақәак рышьҭахь ашәарҭадаратә мчрақәа русзуҩцәа ари ахҭыс иалахәыз ԥшьҩык ауаа ааныркылеит. Ари аус Аҟәа аилаҩынтрақәа цәырнагеит. Аоппозициатә мчқәа ацҳақәа хԥа ркит, уи ала Аԥсны мрагылареи мраҭашәареи Аҟәеи реимадара аанкылан. Аоппозициаа иаанкылаз рҩызцәа раушьҭрази Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аинвестициатә еиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара амшхәаԥштә аҟынтәи ақәгарази адҵа ҟарҵеит.
Аҿагыларатә акциа аанкылахеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аусӡбара ианаҟәыҵ, иаанкылаз аноурышьҭ ашьҭахь.
Аԥсны
Апарламент аҿаԥхьа иҟалаз аидыслараз иаанкылаз хҩык рганахьала аусӡбара аанкылоуп

Аиҳабыратә хыбрақәа рымпыҵахалара

Абҵара 15 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны Жәлар Реизара аилатәара хацыркхеит. Уи аҿы, апарламент адепутатцәа аинвестициатә усуразы аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара иахәаԥшыр акәын.
Аха 35-ҩык адепутатцәа рҟынтәи 21-ы адепутатцәа роуп аилатәарахь инеиз. Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба иҳәеит, уи зыхҟьаз аинвестициатә усурақәа рзы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара азҵаара аганахь ала ажәлар рхаҭарнакцәа ирзыҟаҵаз ақәыӷәӷәара шакәу. Адепутаттә корпус ахәҭак ахьыҟамыз иахҟьаны асессиа мҩаԥымсӡеит.
Апарламент ахыбра аҿаԥхьа еизеит аинвестициатә еиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара иаҿагылоз.
Еизаз дҵаны иқәдыргылеит Апарламент адепутатцәа реилатәара мҩаԥганы аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара иаҿагыланы рыбжьы рҭиирц. Ԥыҭрак ашьҭахь еизаз ауааи аиҳабыра рхыбрақәа ркомплекс зыхьчоз ашәарҭадаратә усзуҩцәеи рыбжьара аиҿагыларақәа ҟалеит. Аҿагылара ҟазҵоз Апарламент ашҭа акәыршеи агәашәқәеи ԥҽны аиҳабыратә хыбрақәа ркомплекс рымпыҵархалеит. Дара аинвестициатә еиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара ырхынҳәызарци Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа имаҵураҭыԥ аанижьырци адҵа ҟарҵеит.
Апарламент абжьаҟазарала аоппозициеи аиҳабыреи рыбжьара аиҿцәажәарақәа хацыркхеит. Абҵара 15 ахәылбыҽха аҳәынҭқарра ахада аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбрахь днеины идгылаҩцәа рҿаԥхьа дықәгылеит, уаҟа иара ԥхьатәара ацара мап ацәикит.
Аслан Бжьаниа абҵара 16 рзы Очамчыра араион Тамышь ақыҭаҿ идгылаҩцәа дырԥылеит.
Аиԥылараҿы иара иҳәеит аиҳабыратә хыбрақәа ркомплекс аоппозициаа ианаанрыжьлак ашьҭахь имаҵураҭыԥ ааныжьра дшазхиоу. Аҳәынҭқарра абри аамҭазы анапхгара азиулоит ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба. Аиԥылараҿы Бжьаниа иҳәеит аҳәынҭқарра ахада иалхра ҿыцқәа рылахәхаразы икандидатура ақәыргылара дшазхиоу.
Аԥсны
Бжьаниа атәыла ахада иалхра ҿыцқәа раан икандидатура ақәыргылара дазхиоуп
Бжьаниа идгылаҩцәа данырԥыла ашьҭахь, аиҳабыра алахәылацәа алархәны аилатәара мҩаԥигеит.
"Аҳәынҭқарратә мчра ахҳәара амҩаԥгаразы аҽазышәарақәа шыҟоугьы, шәареи сареи ҳусура ҳаҿуп, еиҳа ирӷәӷәоу арежим ала" - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аиҳабыратә хыбрақәа аламҵакәа, атәыла зегьы азакәантә мчра анапхгара аҵаҟа ишыҟоу.
Аҿагылара ҟазҵоз атәыла ахада иҟаиҵаз ажәалагала мап ацәыркит.
Аиҳабыреи аоппозициеи рыбжьара бжьаҟазаҩцәас иқәгылеит Аԥсны аҳәынҭқарратә усзуҩы Сократ Џьынџьал напхгара зиҭо Ауаажәларратә палата агәыԥ.
Абҵара 16 рзы Ауаажәларратә палата иҷыдоу агәыԥ аганқәа рыҩбагь, аполитикатә кризис аӡбаразы иалшо авариантқәа рзы адырра рырҭеит.
Атәылаҿы аҭагылазаашьа абҵара 16 азгьы аҽамԥсахӡеит. Акциа алахәылацәа Атәыла ахада иусбарҭа аанрыжьуамызт. Дара аиҳабыратә хыбрақәа ркомплекс иакәыршаз аанда ықәганы атәылахьчара аминистрра иарҭеит. Атәылахьчара аминистрреи Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи аиҳабыратә хыбрақәа ркомплекс аҵакыраҟынтәи арратә техника ықәыргеит.
Аслан Бжьаниа "Аԥсныпресс" аинтервиу аҭо иҳәеит милаҭрацәала еилоу Аԥсны ажәлар рхадас ирбар ирҭаху алхрақәа иаадырԥшуеит ҳәа.
Иазгәеиҭеит, иҟоу аҭагылазаашьа алҵразы амҩа шеилкаау – ақәгылаҩцәа аиҳабыра рхыбрақәа ркомплекс ҭадырцәроуп, уи ашьҭахь алхрақәа рылаҳәахоит, Бжьаниа ихаҭа имаҵура ааныжьны, алхрақәа рҿы икандидатура ықәиргылоит.
Аԥсны ахада атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит апровокациақәа рыҽрыладмырхәырц, изакәаным амитингқәа рхы аладмырхәырц.
"Уажәы ҳтәыла, Ҳаԥсадгьыл ҳахылаԥшлар анакәу аамҭа ааит. Уи ашәарҭара иҭагылоуп. Абас иуадаҩу аамҭа Ҳаԥсадгьыл ҭагылеит аҳәынҭқарратә мчра ахҳәара зҽазызшәаз ауаа рымшала", — иҳәеит Бжьаниа.
Абҵара 17 рзы имҩаԥысит Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба напхгара зиҭо адепутатцәа ргәыԥи Сократ Џьынџьал напхгара зиҭо Ауаажәларратә палата аусуратә гәыԥи реиԥылара.
Аганқәа ауаажәларра-политикатә кризис аҭышәныртәаларазы еицырзеиԥшу абжьаҟазаратә усура аҳәаақәҵара алзыршо азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аԥсны аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы аиҳабыреи, адепутатцәеи, аоппозициеи реилацәажәарақәа ирыцҵахоит ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Ауаажәларратә палата алахәыла Сократ Џьынџьал.
Ауаажәларратә палата алахәылацәеи Жәлар Реизара — Апарламент адепутатцәеи русура иацырҵоит, уи атәылаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа арҭынчра, аганқәа иҟоу апроблема еицырыӡбарц разнагара иацхраароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Ахәылбаҽха абҵара 17 рзы Акоординациатә хеилак ықәгылеит Атәыла ахада иусбарҭаҟны еизаз аҿагылаҩцәа рҿаԥхьа.
Аоппозициатә мчқәа ақәшаҳаҭхеит Аслан Бжьаниа ԥхьатәара дцаны, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба атәыла ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс иааныжьразы иҟаиҵаз ажәалагала, убри аан Аминистрцәа реилазаара анапынҵақәа шьҭарҵозар, амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа ԥхьатәара ицозар.
Аоппозициаа ажәалагала ҟарҵеит аԥыза-министрс даҭазарц аҩганк ззааибаго, иааиуа ахада иалхрақәа рыламҭалаз анагӡаратә мчра аусура ҭышәынзыртәалаша ауаҩԥсы.
Аҿагылара иалахәу ауаа аиҳабыра рхыбрақәа аанрыжьӡом Аслан Бжьаниа ԥхьатәара дцаанӡа.
Аԥсны
Аоппозициатә мчқәа ақәшаҳаҭхеит Бадра Гәынба ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс дааныжьзарц

"Аҵыхәтәантәи ахәԥса"

Абҵара 13 рзы раԥхьаӡа акәны Аԥсны иддырбеит Наур Гармелиа зметраж наӡоу ифильм "Аҵыхәтәантәи ахәԥса".
Аԥхьарбара мҩаԥысит Фазиль Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аҿы.
"Аҵыхәтәантәи ахәԥса" зыӡбахә ҳәоу ашықәсқәа рынҵәамҭазы Аԥсны инхо, араса зааӡо аурыс ҭаацәара рҭоурых ауп излацәажәо. Акинокритикцәа рҟынтәи ахәшьара ҳарак аиуит, еиуеиԥшым акинофестивальқәа рҿы аҳамҭақәа рацәаны иаиуит.

Аԥнынтәи агуманитартә цхыраара

Абҵара 13 рзы Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭеи Москватәи аԥсуа диаспореи Курсктәи аобласт ауааԥсыра рзы ҩажәа тонна агуманитартә еидара рырҭеит.
Агуманитартә цхыраарахь иаҵанакуеит афатәи, ашәҵатәи, зда ԥсыхәа ыҟам амаҭәахәқәеи.