https://sputnik-abkhazia.info/20241111/zhlar-reizara-akhyrkhararatsat-kompleksa-rzint-status-aikaarazy-azakan-adnakyleit-1052823878.html
Жәлар Реизара Ахырхарҭарацәатә комплексқәа рзинтә статус аиҿкааразы азакәан аднакылеит
Жәлар Реизара Ахырхарҭарацәатә комплексқәа рзинтә статус аиҿкааразы азакәан аднакылеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа изаамҭанытәим аилатәараҿы ахыркәшаратә ԥхьарала ирыдыркылеит аконституциатә закәан –... 11.11.2024, Sputnik Аҧсны
2024-11-11T15:46+0300
2024-11-11T15:46+0300
2024-11-11T15:46+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0b/0b/1052823544_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_0eba5bb588c55e5911e1e9067114fe2c.jpg
АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа изаамҭанытәим аилатәараҿы ахыркәшаратә ԥхьарала ирыдыркылеит аконституциатә закәан – "Ахырхарҭарацәатә комплексқәа рзинтә статус аиҿкааразы".Азакәан инақәыршәаны, ахырхарҭарацәа змоу акомплексқәа ҳәа иԥхьаӡоуп еиуеиԥшым аҵакы змоу, уаҩ дзыҩнам ахыбрақәа налаҵаны, акы ма инеиҳаны инхарҭатәым ахыбрақәа. Урҭ рахь иаҵанакыр ауеит аофисқәа, ахәаахәҭратә, аспорттә, ацәыргақәҵатә, аҵаратә уҳәа егьырҭ ахыбрақәа, апартаментқәеи асасааирҭақәеи аламҵакәа.Арҭ ахыбрақәеи акомплексқәеи анхарҭатә хыбрақәа рыстатус ахь ишеибгоу ма хәҭа-хәҭала риагара азакәан ала азин ыҟам. Уи адагьы, анхарҭатә хыбрақәа ахырхарҭарацәа змоу акомплексқәа рахь риагара залшом. Азакәан амч аиуеит ианыркьыԥхь инаркны.Урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа Аԥсны аинвестициатә проектқәа рынагӡара азин рызҭо аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын жьҭаара 30 рзы. Уи, атуризмгьы уахь иналаҵаны, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аинвестициатә проектқәа рынагӡара азгәанаҭоит, иара убасгьы уаанӡа Аԥсны азакәанԥҵараҿы иҷыданы алкаара ззыҟаҵамыз асасааирҭақәеи анхарҭатә обиектқәеи, аспорттә, аԥсшьаратә, арлахҿыхратә, ахырхарҭарацәа змоу акомплексқәа аҵанакуеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0b/0b/1052823544_161:0:1121:720_1920x0_80_0_0_d028f73123665d09994c41dc7129ba11.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа изаамҭанытәим аилатәараҿы ахыркәшаратә ԥхьарала ирыдыркылеит аконституциатә закәан – "Ахырхарҭарацәатә комплексқәа рзинтә статус аиҿкааразы".
29-ҩык адепутатцәа уи иадгыланы рыбжьы рҭиит, ҳәа аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура.
Азакәан инақәыршәаны, ахырхарҭарацәа змоу акомплексқәа ҳәа иԥхьаӡоуп еиуеиԥшым аҵакы змоу, уаҩ дзыҩнам ахыбрақәа налаҵаны, акы ма инеиҳаны инхарҭатәым ахыбрақәа. Урҭ рахь иаҵанакыр ауеит аофисқәа, ахәаахәҭратә, аспорттә, ацәыргақәҵатә, аҵаратә уҳәа егьырҭ ахыбрақәа, апартаментқәеи асасааирҭақәеи аламҵакәа.
Арҭ ахыбрақәеи акомплексқәеи анхарҭатә хыбрақәа рыстатус ахь ишеибгоу ма хәҭа-хәҭала риагара азакәан ала азин ыҟам. Уи адагьы, анхарҭатә хыбрақәа ахырхарҭарацәа змоу акомплексқәа рахь риагара залшом.
Азакәан амч аиуеит ианыркьыԥхь инаркны.
Урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа Аԥсны аинвестициатә проектқәа рынагӡара азин рызҭо аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын жьҭаара 30 рзы.
Уи, атуризмгьы уахь иналаҵаны, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аинвестициатә проектқәа рынагӡара азгәанаҭоит, иара убасгьы уаанӡа Аԥсны азакәанԥҵараҿы иҷыданы алкаара ззыҟаҵамыз асасааирҭақәеи анхарҭатә обиектқәеи, аспорттә, аԥсшьаратә, арлахҿыхратә, ахырхарҭарацәа змоу акомплексқәа аҵанакуеит.