АҞӘА, абҵара 29 — Sputnik. Аԥсны аиҳабыра Урыстәылантәи афымцамч аашьҭра еиԥымҟьарц ази абиуџьеттә усзуҩцәа руалафахәқәа ршәарази егьырҭ ашәарақәа зегьы ааныркылоит, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба.
"Ҳара егьырҭ ашәарақәа аанаҳкылахьеит уҳәар ауеит. Зыӡбахә ҳамоу анхамҩатә харџьқәеи ахықәкытә программақәеи роуп. Еилкаауп урҭгьы шаҭаху, аха арҭ азҵаара хадақәа рыҩба ¬ ауаа фымцамчла реиқәыршәареи аулафахәқәа ршәареи зегьы ирхадоуп", — иҳәеит Бганба.
Иара убасгьы иҳәеит абиуџьет аҿы ауалқәа шыҟоу: акапиталтә ргылара Аусбарҭа аусурақәа рзы– 50 миллион мааҭ, агәабзиарахьчара Аминистрраҟны ахәшәқәа рзы – 55 миллион мааҭ, Аԥсны атәылауаа рҽахьырхәышәтәуа урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәа рҿаԥхьа 22 миллион мааҭ.