https://sputnik-abkhazia.info/20241129/asny-aiabyra-urystylanti-iaaua-afymtsei-aualafakhi-rsharaa-ryda-egyr-aankylakhoit-1053013544.html
Аԥсны аиҳабыра: Урыстәылантәи иаауа афымцеи ауалафахәи ршәарақәа рыда егьырҭ аанкылахоит
Аԥсны аиҳабыра: Урыстәылантәи иаауа афымцеи ауалафахәи ршәарақәа рыда егьырҭ аанкылахоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 29 — Sputnik. Аԥсны аиҳабыра Урыстәылантәи афымцамч аашьҭра еиԥымҟьарц ази абиуџьеттә усзуҩцәа руалафахәқәа ршәарази егьырҭ ашәарақәа зегьы... 29.11.2024, Sputnik Аҧсны
2024-11-29T11:37+0300
2024-11-29T11:37+0300
2024-11-29T11:37+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/1b/1040555415_0:193:2955:1855_1920x0_80_0_0_7d8f573655d089dd50d36c63565a0b7e.jpg
АҞӘА, абҵара 29 — Sputnik. Аԥсны аиҳабыра Урыстәылантәи афымцамч аашьҭра еиԥымҟьарц ази абиуџьеттә усзуҩцәа руалафахәқәа ршәарази егьырҭ ашәарақәа зегьы ааныркылоит, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба.Иара убасгьы иҳәеит абиуџьет аҿы ауалқәа шыҟоу: акапиталтә ргылара Аусбарҭа аусурақәа рзы– 50 миллион мааҭ, агәабзиарахьчара Аминистрраҟны ахәшәқәа рзы – 55 миллион мааҭ, Аԥсны атәылауаа рҽахьырхәышәтәуа урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәа рҿаԥхьа 22 миллион мааҭ.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/1b/1040555415_111:0:2842:2048_1920x0_80_0_0_9c6bb9ee2b94f03832110021acbcd133.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥсны аиҳабыра: Урыстәылантәи иаауа афымцеи ауалафахәи ршәарақәа рыда егьырҭ аанкылахоит
АҞӘА, абҵара 29 — Sputnik. Аԥсны аиҳабыра Урыстәылантәи афымцамч аашьҭра еиԥымҟьарц ази абиуџьеттә усзуҩцәа руалафахәқәа ршәарази егьырҭ ашәарақәа зегьы ааныркылоит, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба.
"Ҳара егьырҭ ашәарақәа аанаҳкылахьеит уҳәар ауеит. Зыӡбахә ҳамоу анхамҩатә харџьқәеи ахықәкытә программақәеи роуп. Еилкаауп урҭгьы шаҭаху, аха арҭ азҵаара хадақәа рыҩба ¬ ауаа фымцамчла реиқәыршәареи аулафахәқәа ршәареи зегьы ирхадоуп", — иҳәеит Бганба.
Иара убасгьы иҳәеит абиуџьет аҿы ауалқәа шыҟоу: акапиталтә ргылара Аусбарҭа аусурақәа рзы– 50 миллион мааҭ, агәабзиарахьчара Аминистрраҟны ахәшәқәа рзы – 55 миллион мааҭ, Аԥсны атәылауаа рҽахьырхәышәтәуа урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәа рҿаԥхьа 22 миллион мааҭ.