АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 - Sputnik. Аԥсны аенергетикатә системаҿы иҷыдоу аҭагылазаашьа алагалахар ҟалоит ҳәа иҳәеит аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба.
Иахьа Аԥсны аенергетикатә шәарҭадара ашьақәыргыларазы Ареспубликатә штаб аилатәара мҩаԥысит.
Ихадоу:
Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы амаҷра иахҟьаны ЕгрыГЕС аанкылара ада ԥсыхәа ҟамлар Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхар ҟалоит.
Аԥсны Урыстәылантәи иаарышьҭуа афымцамч амҽхак иацҵазарц аҳәара ҟанаҵеит.
Урыстәылантәи иаауа афымцамч ахәԥса ԥхынҷкәынмза 7 рҟынӡа иршәахьеит.
Аԥсны аенергетика аусхк арманшәаларазы 2024 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 700 миллион мааҭ азоужьын, урҭ рҟынтәи 425 миллион мааҭ урыстәылантәи иаауа афымцалашара иахшәаауп.
Аԥсны закәаншьаҭадатәи акриптовалиута арҳара ахәҭак амаининг ауп.
Закәаншьаҭада амаининг-фермақәа уахыки-ҽнаки рыла миллион кВт•сааҭ инырхуа афымцамч 4-5 миллион мааҭ ақәырхарџьуеит.
2024 шықәсазы Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра 1097 маининг-хархәага аанарԥшит. Иахьазы ареспубликаҿы акриптоферма дуқәа ыҟаӡам.
2024 шықәсазы Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәеи урҭ рыхәҭақәеи 476 ак рылнагеит.