Аԥсны

Аԥсны иаиураны иҟаз 1,8 миллиард мааҭ урыстәылатәи афинанстә цхыраара аиуӡом

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Аԥсны иаиураны иҟаз 1,8 миллиард мааҭ урыстәылатәи афинанстә цхыраара аиуӡом абҵарамза инаркны аицфинансркра ахьаанкылаз иахҟьаны ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит афинансқәа рминистр и.н. Владимир Делба.
"Иҳауӡом абиуџьет егьырҭ аныхтәқәа рызгьы — атәылахьчара, азинхьчаратә усура, амедикаментқәа раиуразы. Ҳәара аҭахума, абиуџьеттә инвестициақәа рызгьы афинансқәагьы аарышьҭӡом, иаҳҳәозар, аинвестициатә программеи анаплакра асубиектқәа рыдгыларази. Убас ала, ашықәс нҵәаанӡа урыстәылатәи афинанстә цхыраараҟынтәи иҳауӡом 1 миллиардк 800 миллион мааҭи", — ҳәа азгәеиҭеит Делба.
Иара иажәа иацҵо иҳәеит арҭ аԥарақәа аиҳабыра џьара ирыԥшаароуп ҳәа.
Аԥсны
Делба: иахьатәи амш азы абиуџьеттә усзуҩцәа рулафахәы рзыршәаӡом
Урыстәылантәи Аԥсны иаиуаз афинанстә цхыраара ада, аринахысгьы аҭагылазаашьа шыҟоу аанкылара даара иуадаҩхоит иҳәеит ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба.
Иара иазгәеиҭеит, абаҵарамза инаркны Урыстәылатәи аган атәанчахәқәа аламҵакәа егьырҭ ахырхарҭақәа зегьы рҿы имҩаԥнагоз ашәарақәа шааннкылаз. Убри инадҳәаланы аҳәынҭқарратә усзуҩцәа ауалафахәы рмоур ҳәа ашәарҭара ыҟоуп иҳәеит Гәынба.
"Ашәахтә инспекциеи, Афинансқәа рминистрреи, Аҳазылхрҭатә усбарҭеи уаанӡа рыпланқәа ахьынарыгӡоз, инацҵангьы иахьынарыгӡоз ауп русура ауп иахьа уажәраанӡа аҭагылазаашьа еиқәырханы измоу. Аха урҭ аҭаҵәахқәа, жәаҳәарада, акыр ԥкуп. Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵоз афинанстә цхыраара ада иуадаҩуп аҭагылазаашьа анаҩсҟа ашьақәыртәара. Убри азы ҳтәылауаа ирдыруазароуп, еилыркаароуп алшара шҳамам", — иҳәеит ахада инапынҵақәа назыгӡо.
Иара убасгьы агәабзиарахьчара Аминистрреи, аҵара Аминистрреи, араионқәа рхадацәеи аенергетикатә усхк аҿы иҷыдоу аҭагылазаашьа алагалатәхар, фымцамчла аиқәыршәараз арезервтә обиектқәа радгалараз аҽазышәарақәа ҟарҵарц анапынҵа ҟаиҵеит.