Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Делба: иахьатәи амш азы абиуџьеттә усзуҩцәа рулафахәы рзыршәаӡом

© Foto / Пресс-служба президента АбхазииСовещании с и.о. президента Бадрой Гунба
Совещании с и.о. президента Бадрой Гунба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.12.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Иахьатәи амш азы абиуџьеттә усзуҩцәа рулафахәы Аԥсны ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ирзыршәаӡом, абри атәы иҳәеит афинансқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Валери Делба, Аԥсны ахада ин.н. Бадра Гәынба имҩаԥигоз аилатәараҟны.
"Зынӡа ирызшәаӡам. Раԥхьа иргыланы ирызхьаԥштәуп азинхьчаратәии амчратәии усбарҭақәа. Иахьазы дара улафахәыда иҟоуп, иара убас ҳзакәан иарбоу егьырҭ ашәарақәеи рыда иҟоуп. Ҳалшарақәа зегьы афымцамч аахәара иазаҳкыр, иаартны иҳәатәхоит — улафахәыда ишаанхо", — иҳәеит Делба.
Иара иажәақәа рыла, Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра иеизгамкәа иҟоу ашәахтәқәа рылгара иаҿуп, аҳазалхратә шәарақәа рганахьала зегьы ианаамҭоу иаларгалахьеит иҳәеит Делба.
Афымцамч есҽны мҽхакы ҭбаала инаҳхуеит, аԥара рацәаны иагоит, атәыла аиҳабыра алшара рымаӡам урыстәылатәи афинанстә цхыраара аҭыԥан ахатә ԥарақәа абиуџьеттә усзуҩцәа руалафахәы ахь азоужьра иҳәеит афинансқәа рминистр и.н.
Ажәабжьқәа зегьы
0