АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 — Sputnik. Афымца арцәара Аҟәа, Турбазеи ВИЕМ-и иахьрыҵанакуа ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәара аамҭеихша ианыруеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра" аиҳабы Даур Пачкориа.
"Кьалашәыр аӡхагалагатә станциа алашара андырцәо аамҭеихша иақәшәоит, иара убас ВИЕМ ӡыла еиқәзыршәо аӡхагалагатә станциагь лашарада иаанхоит. Турбазеи ВИЕМ-и инхо ауааԥсыра аӡы анрауа алашара андырцәо аамҭа иақәшәоит", — иҳәеит иара.
Иаанхаз Аҟәа ахәҭақәа абжьааԥны еиԥш аӡы роулоит — Гәымсҭатәи аӡхагалагатә станциа фымцала еиқәыршәоуп ҳәа иҳәеит Пачкориа.