АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Гагра ақалақь иауз ақәа ӷәӷәа иахҟьаны хатәы ҩнқәак ргәараҭақәеи рхыӷәраҵақәеи аӡқәа рыҵалеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамур Ҵышәба.
Иара иажәақәа рыла, уи зыхҟьаз амшын иалагалоу аӡцарҭақәа ахаҳәқәеи аԥслымӡи рыла изшәаҳаз амшынцәқәырԥақәа роуп.
"Иацы ҳара амшын ахь инеиуа аӡцарҭақәа ҳрыцқьеит, аха урҭ аԥслымӡ ала ацәқәырԥақәа иршәаҳаит, аӡы аҽеизнакуа иалагеит. Уажәы амаҵзурақәа зегьы напыла аӡцарҭақәа ррыцқьара иалагеит, избанзар атехника амшынеисра иахҟьаны уахь изнеиуам", — иҳәеит иара.
Ҵышәба иҳәеит Гагра араион аҿы иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки ирылагӡаны иҟаз амш бааԥс уаҳа ҧхасҭа шыҟанамҵаз.