https://sputnik-abkhazia.info/20241218/gagra-aala-iauz-aa-a-iakhany-ana-aa-ryaleit--1053180412.html
Гагра ақалақь иауз ақәа ӷәӷәа иахҟьаны аҩнқәа аӡқәа рыҵалеит
Гагра ақалақь иауз ақәа ӷәӷәа иахҟьаны аҩнқәа аӡқәа рыҵалеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Гагра ақалақь иауз ақәа ӷәӷәа иахҟьаны хатәы ҩнқәак ргәараҭақәеи рхыӷәраҵақәеи аӡқәа рыҵалеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион... 18.12.2024, Sputnik Аҧсны
2024-12-18T16:16+0300
2024-12-18T16:16+0300
2024-12-18T16:16+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/1d/1049276863_0:111:960:651_1920x0_80_0_0_14ff677d17df812429a337c08c68d78a.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Гагра ақалақь иауз ақәа ӷәӷәа иахҟьаны хатәы ҩнқәак ргәараҭақәеи рхыӷәраҵақәеи аӡқәа рыҵалеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамур Ҵышәба.Иара иажәақәа рыла, уи зыхҟьаз амшын иалагалоу аӡцарҭақәа ахаҳәқәеи аԥслымӡи рыла изшәаҳаз амшынцәқәырԥақәа роуп.Ҵышәба иҳәеит Гагра араион аҿы иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки ирылагӡаны иҟаз амш бааԥс уаҳа ҧхасҭа шыҟанамҵаз.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/1d/1049276863_0:21:960:741_1920x0_80_0_0_5c1ebd77f429ed01cc804a9430305673.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Гагра ақалақь иауз ақәа ӷәӷәа иахҟьаны аҩнқәа аӡқәа рыҵалеит
АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Гагра ақалақь иауз ақәа ӷәӷәа иахҟьаны хатәы ҩнқәак ргәараҭақәеи рхыӷәраҵақәеи аӡқәа рыҵалеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамур Ҵышәба.
Иара иажәақәа рыла, уи зыхҟьаз амшын иалагалоу аӡцарҭақәа ахаҳәқәеи аԥслымӡи рыла изшәаҳаз амшынцәқәырԥақәа роуп.
"Иацы ҳара амшын ахь инеиуа аӡцарҭақәа ҳрыцқьеит, аха урҭ аԥслымӡ ала ацәқәырԥақәа иршәаҳаит, аӡы аҽеизнакуа иалагеит. Уажәы амаҵзурақәа зегьы напыла аӡцарҭақәа ррыцқьара иалагеит, избанзар атехника амшынеисра иахҟьаны уахь изнеиуам", — иҳәеит иара.
Ҵышәба иҳәеит Гагра араион аҿы иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки ирылагӡаны иҟаз амш бааԥс уаҳа ҧхасҭа шыҟанамҵаз.