АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Краснодартәи аҳазылхратә усзуҩцәа Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы мҽхак дула аҭаҭын аконтрабанда аԥдырҟәҟәааит.
Аԥснынтәи аҳәаахь инеиз амашьына TOYOTA ALPHARD аҿы зықь ҭоԥ аҭаҭын рыԥшааит.
Иара ҵәахын еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы – амашьынаныҟәцаҩи аԥхьатәи апассаџьыри ртәарҭақәа рыҵаҟа, амашьына ашьҭахьтәи амҵәыжәҩа акәырша аҵаҟа, аԥсахратә диск аҭыҳәҭаҿы.
Аҭаҭыни амашьынеи зтәу ирымхуп. Аекспертизатә гәаҭара амҩаԥгареи атауар аџьармыкьатә хәы ашьақәыргылареи рышьҭахь, азинеилагара ҟазҵаз аҭакԥхықәра идҵаразы аӡбара рыдыркылоит.
2024 шықәса мшаԥымза 1 инаркны Евразиатәи аекономикатә еидгыла аҳазылхратә ҳәаа 100 нызқь мааҭ инареиҳаны иаԥсоу арыжәтәи аҭаҭыни раалыҵқәа закәаншьаҭада риагаразы ашьаустә ҭакԥхықәра шьақәыргылоуп. Хаҭалатәи ахархәаразы 200 сигареҭ ма 50 сигара (сигарилла), мамзаргьы 250 грамм аҭаҭын аиагара азин ыҟоуп.