https://sputnik-abkhazia.info/20241223/krasnodarti-aazylkhrat-uszutsa-mkhak-dula-aayn-akontrabanda-adyraait-1053233996.html
Краснодартәи аҳазылхратә усзуҩцәа мҽхак дула аҭаҭын аконтрабанда аԥдырҟәҟәааит
Краснодартәи аҳазылхратә усзуҩцәа мҽхак дула аҭаҭын аконтрабанда аԥдырҟәҟәааит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Краснодартәи аҳазылхратә усзуҩцәа Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы мҽхак дула аҭаҭын аконтрабанда аԥдырҟәҟәааит. 23.12.2024, Sputnik Аҧсны
2024-12-23T15:00+0300
2024-12-23T15:00+0300
2024-12-23T17:48+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/17/1053232148_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_d70076aa5e3b08459a24bce8a69e4bfa.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Краснодартәи аҳазылхратә усзуҩцәа Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы мҽхак дула аҭаҭын аконтрабанда аԥдырҟәҟәааит. Аԥснынтәи аҳәаахь инеиз амашьына TOYOTA ALPHARD аҿы зықь ҭоԥ аҭаҭын рыԥшааит. Аҭаҭыни амашьынеи зтәу ирымхуп. Аекспертизатә гәаҭара амҩаԥгареи атауар аџьармыкьатә хәы ашьақәыргылареи рышьҭахь, азинеилагара ҟазҵаз аҭакԥхықәра идҵаразы аӡбара рыдыркылоит. 2024 шықәса мшаԥымза 1 инаркны Евразиатәи аекономикатә еидгыла аҳазылхратә ҳәаа 100 нызқь мааҭ инареиҳаны иаԥсоу арыжәтәи аҭаҭыни раалыҵқәа закәаншьаҭада риагаразы ашьаустә ҭакԥхықәра шьақәыргылоуп. Хаҭалатәи ахархәаразы 200 сигареҭ ма 50 сигара (сигарилла), мамзаргьы 250 грамм аҭаҭын аиагара азин ыҟоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/17/1053232148_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_035dad26d44eb2b72d38d2fd2bd2de0c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Краснодартәи аҳазылхратә усзуҩцәа мҽхак дула аҭаҭын аконтрабанда аԥдырҟәҟәааит
15:00 23.12.2024 (ирҿыцуп: 17:48 23.12.2024) АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Краснодартәи аҳазылхратә усзуҩцәа Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы мҽхак дула аҭаҭын аконтрабанда аԥдырҟәҟәааит.
Аԥснынтәи аҳәаахь инеиз амашьына TOYOTA ALPHARD аҿы зықь ҭоԥ аҭаҭын рыԥшааит.
Иара ҵәахын еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы – амашьынаныҟәцаҩи аԥхьатәи апассаџьыри ртәарҭақәа рыҵаҟа, амашьына ашьҭахьтәи амҵәыжәҩа акәырша аҵаҟа, аԥсахратә диск аҭыҳәҭаҿы.
Аҭаҭыни амашьынеи зтәу ирымхуп. Аекспертизатә гәаҭара амҩаԥгареи атауар аџьармыкьатә хәы ашьақәыргылареи рышьҭахь, азинеилагара ҟазҵаз аҭакԥхықәра идҵаразы аӡбара рыдыркылоит.
2024 шықәса мшаԥымза 1 инаркны Евразиатәи аекономикатә еидгыла аҳазылхратә ҳәаа 100 нызқь мааҭ инареиҳаны иаԥсоу арыжәтәи аҭаҭыни раалыҵқәа закәаншьаҭада риагаразы ашьаустә ҭакԥхықәра шьақәыргылоуп. Хаҭалатәи ахархәаразы 200 сигареҭ ма 50 сигара (сигарилла), мамзаргьы 250 грамм аҭаҭын аиагара азин ыҟоуп.