Аԥсны

Гагра иҟалаз амашәыр иахҟьаны хҩык ауаа ҭахеит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 — Sputnik. Ажьырныҳәа 21 ахәылбыҽха Гагра иҟалаз амашәыр иахҟьаны хҩык ауаа ҭахеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Гагра араион аҿтәи АҶА аиқәырхаратә ҟәша аҟны.
Аусбарҭаҿ ишазгәарҭаз ала, аҭыԥан инхоз ахаҵа Аҟәатәи амҩаду аҿы иҟоу авокзал иахьаҵанакуа аӡцарҭа ажразы атехникеи аусуҩцәеи дрыԥхьеит.
Идырцәа ҩыџьеи иареи иҟаҵаз аусурақәа гәарҭарц ажра иҭалеит, убри аан иҵжааз адгьыл рықәҳаит.
Иҟалаз ахҭыс азы адырра ҟаҵан асааҭ 17:40 рзы.
Аҭыԥ ахь инеиз аиқәырхаҩцәа ауаа анышәеиқәыжьра иаҵыргеит, аха рыԥсҭазаара иалҵхьан.