https://sputnik-abkhazia.info/20250122/gagra-ialaz-amashyr-iakhany-khyk-auaa-akheit--1053465768.html
Гагра иҟалаз амашәыр иахҟьаны хҩык ауаа ҭахеит
Гагра иҟалаз амашәыр иахҟьаны хҩык ауаа ҭахеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 — Sputnik. Ажьырныҳәа 21 ахәылбыҽха Гагра иҟалаз амашәыр иахҟьаны хҩык ауаа ҭахеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Гагра араион аҿтәи АҶА... 22.01.2025, Sputnik Аҧсны
2025-01-22T13:48+0300
2025-01-22T13:48+0300
2025-01-22T13:48+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/16/1053465316_0:11:1177:673_1920x0_80_0_0_b0fc61c605a73295302df33061939160.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 — Sputnik. Ажьырныҳәа 21 ахәылбыҽха Гагра иҟалаз амашәыр иахҟьаны хҩык ауаа ҭахеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Гагра араион аҿтәи АҶА аиқәырхаратә ҟәша аҟны.Аусбарҭаҿ ишазгәарҭаз ала, аҭыԥан инхоз ахаҵа Аҟәатәи амҩаду аҿы иҟоу авокзал иахьаҵанакуа аӡцарҭа ажразы атехникеи аусуҩцәеи дрыԥхьеит.Идырцәа ҩыџьеи иареи иҟаҵаз аусурақәа гәарҭарц ажра иҭалеит, убри аан иҵжааз адгьыл рықәҳаит.Иҟалаз ахҭыс азы адырра ҟаҵан асааҭ 17:40 рзы.Аҭыԥ ахь инеиз аиқәырхаҩцәа ауаа анышәеиқәыжьра иаҵыргеит, аха рыԥсҭазаара иалҵхьан.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/16/1053465316_133:0:1045:684_1920x0_80_0_0_889fa6a7bac85783a787a3b0dad6eac0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Гагра иҟалаз амашәыр иахҟьаны хҩык ауаа ҭахеит
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 — Sputnik. Ажьырныҳәа 21 ахәылбыҽха Гагра иҟалаз амашәыр иахҟьаны хҩык ауаа ҭахеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Гагра араион аҿтәи АҶА аиқәырхаратә ҟәша аҟны.
Аусбарҭаҿ ишазгәарҭаз ала, аҭыԥан инхоз ахаҵа Аҟәатәи амҩаду аҿы иҟоу авокзал иахьаҵанакуа аӡцарҭа ажразы атехникеи аусуҩцәеи дрыԥхьеит.
Идырцәа ҩыџьеи иареи иҟаҵаз аусурақәа гәарҭарц ажра иҭалеит, убри аан иҵжааз адгьыл рықәҳаит.
Иҟалаз ахҭыс азы адырра ҟаҵан асааҭ 17:40 рзы.
Аҭыԥ ахь инеиз аиқәырхаҩцәа ауаа анышәеиқәыжьра иаҵыргеит, аха рыԥсҭазаара иалҵхьан.