АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Урыстәылатәи Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа Ҟрыми Амшын еиқәа аӡқәыԥшылареи рҟны украинатәи адронқәа 11 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи атәылахьчара аминистрра.
"Москватәи аамҭала асааҭ 10:45 инаркны 11:20 рҟынӡа Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа Ҟрыми Амшын еиқәа аӡқәыԥшылареи рҟны украинатәи адронқәа 11 ҭадырхеит", - ҳәа аҳәоит атекст аҟны.
Уи адагьы, ажьырныҳәа 24-25 руха Бриансктәи аобласт аҿы украинатәи даҽа дронк ҭархан.