Урыстәыла

Ҟрыми Амшын еиқәа аӡқәыԥшылареи рҟны украинатәи адронқәа ҭархоуп

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРегионы России. Крым
Регионы России. Крым - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Урыстәылатәи Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа Ҟрыми Амшын еиқәа аӡқәыԥшылареи рҟны украинатәи адронқәа 11 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи атәылахьчара аминистрра.
"Москватәи аамҭала асааҭ 10:45 инаркны 11:20 рҟынӡа Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа Ҟрыми Амшын еиқәа аӡқәыԥшылареи рҟны украинатәи адронқәа 11 ҭадырхеит", - ҳәа аҳәоит атекст аҟны.
Уи адагьы, ажьырныҳәа 24-25 руха Бриансктәи аобласт аҿы украинатәи даҽа дронк ҭархан.
Ажәабжьқәа зегьы
0