АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Аԥсны ахадарахьы акандидат Бадра Гәынба "Аԥсныпресс" аколлектив риубилеи рыдиныҳәалеит.
Иазгәеиҭеит аԥсуа журналистика аҿиараҿы амаҵзура лымкаала иҟанаҵаз алагала, аколлектив ақәҿиара дуқәа рзеиӷьеишьеит.
"Аԥсныпресс" амаҵзура 30 шықәса ахыҵит. Иара аԥҵан Аинформациеи акьыԥхьи рминистрра ашьаҭала ажьырныҳәа 31 1995 шықәсазы, Аԥсны ахада Владислав Арӡынба иҟаиҵаз аусԥҟа инақәыршәаны.
2021 шықәсазы иаԥҵан аҳәынҭқарратә усбарҭа "Аԥснымедиа", уахь иаҵанакуеит аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс", ареспубликатә газеҭқәа "Аԥсны", "Республика Абхазия".