Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит акоммерциатә фымцамч ашьҭра ацҵаразы

Sputnik
АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит акоммерциатә фымцамч ашьҭра ацҵаразы, урҭ рылҵшәақәа ҟалоит мчыбжьык иалагӡаны. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы ҭемыр Ҭемыр Џьынџьал.
Иара иажәақәа рыла, урыстәылантәи иаауа афымцамч жәабран 12 шыҟоу инҵәоит. Зыӡбахә ҳҳәо урыстәылантәи иҳауо акоммерциатә фымцмч макьана ахә ахшәааразы афинансқәа рыԥшаара макьаназы иалкаам.
Макьаназ ф-сааҭктәи алашара арцәараз аамҭеихша аԥсахрақәа ралагалара азгәаҭаӡам. Зегь зхьыԥшхо Урыстәыла афымцамч шаҟа аанашьҭуа ауп иҳәеит Џьынџьал.
Ԥхынҷкәын 23 инаркны ареспублика Урыстәылантәи агуманитартә фымцамч аиуеит, иааизакны уи 327 миллион кВт⋅сааҭ аҟынӡа инаӡоит.
Аенергетикеи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба иҳәеит Аԥсни Урыстәылатәи аенергоеилахәыра "ИнтерРаои" афымцамч аашьҭра аҽҳәара ацҵаразы аиҿцәажәарақәа шымҩаԥырго. Иара иажәақәа рыла, асоциалтәфымцамч иаанхаз ахәҭа жәабранмза зегьы азы атәыла фымцамчла аиқәыршәаразы иазхом.