https://sputnik-abkhazia.info/20250203/asni-urystylei-aitsazharaa-mayrgoit-akommertsiat-fymtsamch-ashra-atsarazy-1053595413.html
Аԥсни Урыстәылеи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит акоммерциатә фымцамч ашьҭра ацҵаразы
Аԥсни Урыстәылеи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит акоммерциатә фымцамч ашьҭра ацҵаразы
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит акоммерциатә фымцамч ашьҭра ацҵаразы, урҭ рылҵшәақәа ҟалоит мчыбжьык иалагӡаны. Абри атәы... 03.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-03T12:47+0300
2025-02-03T12:47+0300
2025-02-03T13:12+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аԥсны аенергетика апроблемақәа
"амшынеиқәафымцамч" аусура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/04/1046711360_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_b3b5a3adba7a74da9dc61d9cbfaba3fa.jpg
АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит акоммерциатә фымцамч ашьҭра ацҵаразы, урҭ рылҵшәақәа ҟалоит мчыбжьык иалагӡаны. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы ҭемыр Ҭемыр Џьынџьал. Макьаназ ф-сааҭктәи алашара арцәараз аамҭеихша аԥсахрақәа ралагалара азгәаҭаӡам. Зегь зхьыԥшхо Урыстәыла афымцамч шаҟа аанашьҭуа ауп иҳәеит Џьынџьал. Ԥхынҷкәын 23 инаркны ареспублика Урыстәылантәи агуманитартә фымцамч аиуеит, иааизакны уи 327 миллион кВт⋅сааҭ аҟынӡа инаӡоит. Аенергетикеи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба иҳәеит Аԥсни Урыстәылатәи аенергоеилахәыра "ИнтерРаои" афымцамч аашьҭра аҽҳәара ацҵаразы аиҿцәажәарақәа шымҩаԥырго. Иара иажәақәа рыла, асоциалтәфымцамч иаанхаз ахәҭа жәабранмза зегьы азы атәыла фымцамчла аиқәыршәаразы иазхом.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/04/1046711360_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_0a6f6323ceb73bd91f578a4b6d1338bf.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аԥсны аенергетика апроблемақәа, "амшынеиқәафымцамч" аусура
ажәабжьқәа, аԥсны, аԥсны аенергетика апроблемақәа, "амшынеиқәафымцамч" аусура
Аԥсни Урыстәылеи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит акоммерциатә фымцамч ашьҭра ацҵаразы
12:47 03.02.2025 (ирҿыцуп: 13:12 03.02.2025) АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит акоммерциатә фымцамч ашьҭра ацҵаразы, урҭ рылҵшәақәа ҟалоит мчыбжьык иалагӡаны. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы ҭемыр Ҭемыр Џьынџьал.
Иара иажәақәа рыла, урыстәылантәи иаауа афымцамч жәабран 12 шыҟоу инҵәоит. Зыӡбахә ҳҳәо урыстәылантәи иҳауо акоммерциатә фымцмч макьана ахә ахшәааразы афинансқәа рыԥшаара макьаназы иалкаам.
Макьаназ ф-сааҭктәи алашара арцәараз аамҭеихша аԥсахрақәа ралагалара азгәаҭаӡам. Зегь зхьыԥшхо Урыстәыла афымцамч шаҟа аанашьҭуа ауп иҳәеит Џьынџьал.
Ԥхынҷкәын 23 инаркны ареспублика Урыстәылантәи агуманитартә фымцамч аиуеит, иааизакны уи 327 миллион кВт⋅сааҭ аҟынӡа инаӡоит.
Аенергетикеи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба иҳәеит Аԥсни Урыстәылатәи аенергоеилахәыра "ИнтерРаои" афымцамч аашьҭра аҽҳәара ацҵаразы аиҿцәажәарақәа шымҩаԥырго. Иара иажәақәа рыла, асоциалтәфымцамч иаанхаз ахәҭа жәабранмза зегьы азы атәыла фымцамчла аиқәыршәаразы иазхом.