АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Бадра Гәынба Урыстәылатәи Афедерациа Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко ахәыҷқәа рпрофилактикатә гәаҭара амҩаԥгара аганахьала Аԥсны ацхыраара аиҭарц диацәажәеит.
Уи азы иҷыдоу амедицинатә хархәагақәа зҭагылоу амашьына ахархәара аиуеит. Аԥснытәи аполитикатә усзуҩи аминистри реиԥылараҿы ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан агәы-датә чымазарақәа змоу ареспублика ауааԥсыра иҷыдоу ацхыраара рыҭара азҵаара.
"Аԥсныҟа иаагахоит зыхә цәгьоу аппарат, ангиограф, уи амиокард аинфаркт ӷәӷәеи егьырҭ ачымазарақәеи змоу атәылауаа рыԥсҭазаара еиқәнархоит", — ҳәа иҳәеит Михаил Мурашко.
Уи иазгәеиҭеит, иахьатәи аамҭазы Аԥсны дшыҟоу аԥхьагылара змоу акардиолог академик Боицов, уи уа иҟоу аҭагылазаашьа ҭҵааны, ас еиԥш атехника хымԥадатәины ишыҟоу шьақәирӷәӷәеит.
Аԥснытәи ҳколлегацәа русеицураҿы акыр зҵазкуа форматхоит ателемедицинатә консультациақәа рымҩаԥгара.
"Ҳара иара убасгьы иазгәаҭаны иҳамоуп апатологиа ӷәӷәа змоу ачымазцәа рыҿцәажәара, иаҳҳәап, аԥхьагылара змоу аспециалистцәа алархәны аконсультациақәа рымҩаԥгара анаҭаху, ачымазаҩ иеиқәырхаразы иахәҭоу ацхыраара иоуразы", — ҳәа иҳәеит Михаил Мурашко.
Бадра Гәынба аҩҳәынҭқаррак агәабзиарахьчара аганахьала ирыбжьоу аусеицура ахә ҳаракны ишьеит, еицырзеиԥшу апрограммақәа рыцҵаразы агәыӷра шимоу азгәеиҭеит. Иара иҳәеит Аԥсны аспециалистцәа зегьы Урыстәылатәи амедицинатә ҵараиурҭақәа ирылгаз шракәу, уи рҵарадырра аҩаӡара шыҳараку шышьақәнарӷәӷәо.
"Ҳара урҭ ауаа ҳрықәгәыӷуеит, ҳтәылауаа ргәабзиара иазеиӷьхо аусқәа рацәаны иҟаҳҵар шҳалшо агәра ганы ҳаҟоуп, урҭ рыдагьы – Аԥсны иаҭаауа, ауадаҩрақәа ирықәшәо атуристцәа рзгьы", — ҳәа агәра ииргеит иара.